https://sputnik-abkhazia.info/20250603/urystyla-ae-kurski-brianski-aoblasta-ry-adybama-azhara-terrorup-a-iakhaoit--1055172687.html
Урыстәыла АЕ Курски Бриански аобластқәа рҿы адәыӷбамҩа аԥжәара терроруп ҳәа иаԥхьаӡоит
Урыстәыла АЕ Курски Бриански аобластқәа рҿы адәыӷбамҩа аԥжәара терроруп ҳәа иаԥхьаӡоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы Курсктәии Бриансктәии аобластқәа рҿы адәыӷбамҩатә инфраструктурақәа рыԥжәара террористтә қәылароуп... 03.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-03T17:10+0300
2025-06-03T17:10+0300
2025-06-03T17:29+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101387/30/1013873022_0:318:3076:2048_1920x0_80_0_0_e94f1c50cd8d488cd886a131e89a5a1a.jpg
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы Курсктәии Бриансктәии аобластқәа рҿы адәыӷбамҩатә инфраструктурақәа рыԥжәара террористтә қәылароуп ҳәа иаԥхьаӡоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс маҵзура.Аусеилыргаратә еилакы официалтә хаҭарнак Светлана Петренко иазгәалҭеит Киевтәи арежим адҵала аус зуа атеррористцәа ари ацәгьоура рҽазҵәылхны ишаздырхиаз, шәҩыла аҭынч уааԥсыра аҵанакырцаз.Атерактқәа раан быжьҩык ауаа ҭахеит, ахәыҷқәагьы назлоу 113-ҩык ааха роуит. Аспециалистцәа раԥхьатәи аусеилыргаратә усурақәа мҩаԥыргеит, артҟәацгақәа рыхәҭақәеи егьырҭ ашьақәырӷәӷәара зуша амаҭәарқәеи еидыркылеит, ашаҳаҭцәеи ааха зауз ауааи рҿахәы рҿырхит.
урыстәыла
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101387/30/1013873022_345:0:3076:2048_1920x0_80_0_0_d5caa77cc0f841f7829bd0c9733d5835.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
Урыстәыла АЕ Курски Бриански аобластқәа рҿы адәыӷбамҩа аԥжәара терроруп ҳәа иаԥхьаӡоит
17:10 03.06.2025 (ирҿыцуп: 17:29 03.06.2025) АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы Курсктәии Бриансктәии аобластқәа рҿы адәыӷбамҩатә инфраструктурақәа рыԥжәара террористтә қәылароуп ҳәа иаԥхьаӡоит. Абри атәы
аанацҳауеит аусбарҭа апресс маҵзура.
"Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы аусеилыргаратә усбарҭа хада ҳазҭоу ашықәс лаҵара 31 инаркны рашәара акы аҟынӡа Бриансктәии Курскитәии аобластқәа рҿы адәыӷбамҩеи ацҳаи рыԥжәара иахҟьаны апассаџьыртәи, аидарамҩангагеи, адиагностикатәи дәыӷбақәа рымҩа ахҟьара атеррористтә актны иԥхьаӡоуп (205 ахәҭаҷ АЗ УА)", - ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.
Аусеилыргаратә еилакы официалтә хаҭарнак Светлана Петренко иазгәалҭеит Киевтәи арежим адҵала аус зуа атеррористцәа ари ацәгьоура рҽазҵәылхны ишаздырхиаз, шәҩыла аҭынч уааԥсыра аҵанакырцаз.
Атерактқәа раан быжьҩык ауаа ҭахеит, ахәыҷқәагьы назлоу 113-ҩык ааха роуит.
Аспециалистцәа раԥхьатәи аусеилыргаратә усурақәа мҩаԥыргеит, артҟәацгақәа рыхәҭақәеи егьырҭ ашьақәырӷәӷәара зуша амаҭәарқәеи еидыркылеит, ашаҳаҭцәеи ааха зауз ауааи рҿахәы рҿырхит.