https://sputnik-abkhazia.info/20250603/urystylati-aruaa--sumti-aoblast-ay--ailankhara-y-andreevka-akhy-iaiyrtit-1055170072.html
Урыстәылатәи аруаа Суматәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит
Урыстәылатәи аруаа Суматәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Сумтәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра. 03.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-03T14:23+0300
2025-06-03T14:23+0300
2025-06-03T14:53+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/16/1055023088_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_5564b4c0011046ea66c2d5f11125dc5f.jpg
АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Сумтәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра. "Ар ргәыԥ "Север" арҟәшақәа активла реибашьра инамаданы Сумтәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит ", ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿы. Аоператив-тактичкатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәеи, аракетатә ари, артиллериеи арадиоелектронтә ааглыхра анаплакқәа, аҳаирпланқәаахьыҭрыжьуа ацехқәа, урҭ ахьыҵәахуи иахьынтәиҵыԥраауеи, аџьаԥҳани арратә мазареи рышьҭаҵарҭақәа, 142 раион рҿы УкрАМ аруааи аҳәаанырцәеибашьцәеи ргыларҭа ҭыԥқәа ааха рыҭоуп. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа авиациатә бомбақәа JDAM ԥшьба, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба, 199 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа карыжьит. Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 663 ҳаирплан, 283 вертолиот, 61 207 аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа, 609 ЗРК, 23 729 танки егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 1 565 аицҭырҟьаратә ракетатә системақәа рмашьынақәа, 25 636 адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи, 36 400 ак аибашьыга автомобилтә техника ҷыда.
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/16/1055023088_222:0:2953:2048_1920x0_80_0_0_2caa74f3b0c0576d90007bff3d0d8625.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Сумтәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Ар ргәыԥ "Север" арҟәшақәа активла реибашьра инамаданы Сумтәи аобласт аҿы аиланхарҭа ҭыԥ Андреевка ахы иақәиҭыртәит ", ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿы.
Аоператив-тактичкатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәеи, аракетатә ари, артиллериеи арадиоелектронтә ааглыхра анаплакқәа, аҳаирпланқәаахьыҭрыжьуа ацехқәа, урҭ ахьыҵәахуи иахьынтәиҵыԥраауеи, аџьаԥҳани арратә мазареи рышьҭаҵарҭақәа, 142 раион рҿы УкрАМ аруааи аҳәаанырцәеибашьцәеи ргыларҭа ҭыԥқәа ааха рыҭоуп.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа авиациатә бомбақәа JDAM ԥшьба, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба, 199 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа карыжьит.
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 663 ҳаирплан, 283 вертолиот, 61 207 аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа, 609 ЗРК, 23 729 танки егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 1 565 аицҭырҟьаратә ракетатә системақәа рмашьынақәа, 25 636 адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи, 36 400 ак аибашьыга автомобилтә техника ҷыда.