https://sputnik-abkhazia.info/20250607/kiev-iaalyrany-atatsa-reinysakhlara-aara-iakhdyreit-1055220773.html
Киев иаалырҟьаны атҟәацәа реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит
Киев иаалырҟьаны атҟәацәа реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Киев иаалырҟьаны атҟәацәа реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит, ианыкәу ҳәа акгьы мҳәаӡакәа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада... 07.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-07T15:17+0300
2025-06-07T15:17+0300
2025-06-07T16:17+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/1c/1037851363_0:157:3131:1919_1920x0_80_0_0_a7ce1f1f5801a49bb0368c6c23238615.jpg
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Киев иаалырҟьаны атҟәацәа реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит, ианыкәу ҳәа акгьы мҳәаӡакәа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ, урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Владимир Медински. Иара иазгәеиҭеит, Урыстәыла иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа Украинаҟа рыҭара ишалагаз рашәарамза 6 рзы, украинатәи аруаа 1212-ҩык рыла ишьақәгылоу актәи агәыԥ аиҭныԥсахларҭахь ишнаргаз. Уи адагьы, Москва аиҭныԥсахлара алагаразы ахәра зауз, ӷәӷәала ичмазаҩу, аибашьраҿы иҭаркыз 640-ҩык аҿарацәа рсиа шрынаҭаз. Медински иазгәеиҭеит Урыстәыла Украинахь ааԥхьара шыҟанаҵо Сҭампыл ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ԥымкрада ирықәныҟәаразы, насгьы иаарласны абаандаҩцәа реимдара иалагарц азы.
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/1c/1037851363_177:105:2768:2048_1920x0_80_0_0_c47f773036583b7e69916f6688da5eb2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
Киев иаалырҟьаны атҟәацәа реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит
15:17 07.06.2025 (ирҿыцуп: 16:17 07.06.2025) АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Киев иаалырҟьаны атҟәацәа
реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит, ианыкәу ҳәа акгьы мҳәаӡакәа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ, урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Владимир Медински.
Иара иазгәеиҭеит, Урыстәыла иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа Украинаҟа рыҭара ишалагаз рашәарамза 6 рзы, украинатәи аруаа 1212-ҩык рыла ишьақәгылоу актәи агәыԥ аиҭныԥсахларҭахь ишнаргаз.
Уи адагьы, Москва аиҭныԥсахлара алагаразы ахәра зауз, ӷәӷәала ичмазаҩу, аибашьраҿы иҭаркыз 640-ҩык аҿарацәа рсиа шрынаҭаз.
Медински иазгәеиҭеит Урыстәыла Украинахь ааԥхьара шыҟанаҵо Сҭампыл ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ԥымкрада ирықәныҟәаразы, насгьы иаарласны абаандаҩцәа реимдара иалагарц азы.