https://sputnik-abkhazia.info/20250614/asny-shachati-atsirk-agastrola-irylageit-1055295965.html
Аԥсны Шәачатәи ацирк агастрольқәа ирылагеит
Аԥсны Шәачатәи ацирк агастрольқәа ирылагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа р-Еҵәаџьаа" ("Созвездие храбрых") ақәгылара раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит . 14.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-14T14:35+0300
2025-06-14T14:35+0300
2025-06-14T15:47+0300
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0e/1055295447_0:1:1280:721_1920x0_80_0_0_98919877a972d80d73fb959ca9036fa5.jpg
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа р-Еҵәаџьаа" ("Созвездие храбрых") ақәгылара раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит . Ари ареспубликахь раԥхьаӡа акәны ииашахаҭоу ацирк ду анааз ауп, апрограммаҿы зыҩаӡара ҳараку артистцәа, бенгалтәи абжьасқәа, амаланыҟәақәа ирықәтәоу амшәқәа рықәгыларақәа ҟалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә цирктә еилазаара анапхгаҩы Сергеи Белиаков. Актәи ақәгылара "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" иаҭааит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Ҭарашь Хагба, Џьансыхә Нанба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба.Ақәгыларақәа аԥсшьарамшқәа раан имҩаԥысуеит, агастрольқәа цәыббрамза 14 рҟынӡа иҟалоит. Уи адагьы, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ацирктә терапиа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп, уи иахьа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысраны иҟоуп. Белиаков иазгәеиҭеит абилетқәа рыҭираҟынтәи ахашәалахәы зегьы ареспубликаҿы ишанхо, Аԥсны аиҳабыра рхала ишырыӡбо уи хархәарас иаиуа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0e/1055295447_159:0:1122:722_1920x0_80_0_0_8c3d762d0b6a3bdd46dae9493507ca9c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Шәачатәи ацирк агастрольқәа ирылагеит
14:35 14.06.2025 (ирҿыцуп: 15:47 14.06.2025) АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа р-Еҵәаџьаа" ("Созвездие храбрых") ақәгылара раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит .
Ари ареспубликахь раԥхьаӡа акәны ииашахаҭоу ацирк ду анааз ауп, апрограммаҿы зыҩаӡара ҳараку артистцәа, бенгалтәи абжьасқәа, амаланыҟәақәа ирықәтәоу амшәқәа рықәгыларақәа ҟалоит ҳәа Sputnik
иазеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә цирктә еилазаара анапхгаҩы Сергеи Белиаков.
Актәи ақәгылара "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" иаҭааит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Ҭарашь Хагба, Џьансыхә Нанба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба.
Ақәгыларақәа аԥсшьарамшқәа раан имҩаԥысуеит, агастрольқәа цәыббрамза 14 рҟынӡа иҟалоит.
Уи адагьы, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ацирктә терапиа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп, уи иахьа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысраны иҟоуп.
Белиаков иазгәеиҭеит абилетқәа рыҭираҟынтәи ахашәалахәы зегьы ареспубликаҿы ишанхо, Аԥсны аиҳабыра рхала ишырыӡбо уи хархәарас иаиуа.