https://sputnik-abkhazia.info/20250614/daankyloup-aparlament-uaanati-adeputat-adgyr-arazia-1055297735.html
Даанкылоуп Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа
Даанкылоуп Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа
Sputnik Аҧсны
Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. 14.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-14T17:00+0300
2025-06-14T17:00+0300
2025-06-14T21:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/03/1054005555_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_4b85215cb98a7a0beb960a67cdc567e5.jpg
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи еицымҩаԥыргаз аусура иабзоураны Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа дахьыҟаз аҭыԥ еилкаан ҳәа аанацҳауеит АҩАР.Иара убас рашәарамза 14 рзы даанкылан ԥхынҷкәын 24 рзы Аҟәа ақалақь агәаны игылоу Адгәыр Ҳаразиа иҩны иеихсыз 33 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ Баграт Сурмаа. Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Ҳаразиа иԥшаара рылаҳәан. Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/03/1054005555_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_55adf6f2f5d7a9d5ecd2ceb9600d5dbf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Даанкылоуп Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа
17:00 14.06.2025 (ирҿыцуп: 21:25 14.06.2025) Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит.
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи еицымҩаԥыргаз аусура иабзоураны Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа дахьыҟаз аҭыԥ еилкаан ҳәа
аанацҳауеит АҩАР.
"Уаанӡатәи адепутат дааныркылеит рашәарамза 14 рзы. Уи иаанкыларазы хаҭала аҭыԥ ахь инеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбари аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути", - ҳәа ануп аацҳамҭаҿы.
Иара убас рашәарамза 14 рзы даанкылан ԥхынҷкәын 24 рзы Аҟәа ақалақь агәаны игылоу Адгәыр Ҳаразиа иҩны иеихсыз 33 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ Баграт Сурмаа.
Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Ҳаразиа иԥшаара рылаҳәан.
Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы.