https://sputnik-abkhazia.info/20250617/saratovynt-aaa-iiashou-aairt-yrraa-irylagoit-1055356257.html
Саратовынтә Аҟәаҟа ииашоу аҳаиртә ԥыррақәа ирылагоит
Саратовынтә Аҟәаҟа ииашоу аҳаиртә ԥыррақәа ирылагоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Саратовынтә Аҟәаҟа ииашоу аҳаиртә ԥыррақәа ирылагоит рашәарамза 28 рзы. 17.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-17T15:48+0300
2025-06-17T15:48+0300
2025-06-17T15:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҟәатәи аҳаирбаӷәаза
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054732914_0:162:3065:1886_1920x0_80_0_0_2c9f44061f3a5ed0eedba6ed7fad6bc4.jpg
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Саратовынтә Аҟәаҟа ииашоу аҳаиртә ԥыррақәа ирылагоит рашәарамза 28 рзы. Аҳаирпланқәа раара мчыбжьык ахь ҩынтә иазԥхьагәаҭоуп, ашәахьеи асабшеи рзы, жьҭаарамза 25 рҟынӡа ҳәа Sputnik адырра арҭеит Аԥсны аенергетика аминистрраҿы. Амаршрут ала ибжьалоит 50 тәарҭа змоу аилахәыра "РусЛаин" иатәу Bombardier CRJ100/200. Иара Саратов аҳаирбаӷәазаҟынтәи ишьҭыԥраауеит асааҭ 07:35 рзы, Аҟәаҟа иааиуеит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 09:30 рзы. Аҳаирплан х-сааҭк рҟынӡа амҩа иқәхоит. Аԥсны Аенергетикеи атранспорти рминистрра, мшаԥымза 18 рзы Аенергетика аминистрра ҳәа еиҭакыз, 2025 шықәса цәыббрамза 1 аҟынӡа атранспорттә усхк иахылаԥшлоит, анаҩс уи азинмчқәа Аекономика аминистрра иадҵахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054732914_168:0:2897:2047_1920x0_80_0_0_76c4108c9fd25a1d8d33b82eee85b00e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза
ажәабжьқәа, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза
Саратовынтә Аҟәаҟа ииашоу аҳаиртә ԥыррақәа ирылагоит
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Саратовынтә Аҟәаҟа ииашоу аҳаиртә ԥыррақәа ирылагоит рашәарамза 28 рзы.
Аҳаирпланқәа раара мчыбжьык ахь ҩынтә иазԥхьагәаҭоуп, ашәахьеи асабшеи рзы, жьҭаарамза 25 рҟынӡа ҳәа Sputnik адырра арҭеит Аԥсны аенергетика аминистрраҿы. Амаршрут ала ибжьалоит 50 тәарҭа змоу аилахәыра "РусЛаин" иатәу Bombardier CRJ100/200.
Иара Саратов аҳаирбаӷәазаҟынтәи ишьҭыԥраауеит асааҭ 07:35 рзы, Аҟәаҟа иааиуеит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 09:30 рзы. Аҳаирплан х-сааҭк рҟынӡа амҩа иқәхоит.
Аԥсны Аенергетикеи атранспорти рминистрра, мшаԥымза 18 рзы Аенергетика аминистрра ҳәа еиҭакыз, 2025 шықәса цәыббрамза 1 аҟынӡа атранспорттә усхк иахылаԥшлоит, анаҩс уи азинмчқәа Аекономика аминистрра иадҵахоит.