Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп
© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп. Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба рашәара 16 рзы.
Уи иалахәуп:
Бадра Гәынба — Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы,
аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа,
апрокурор хада Адгәыр Агрба ▫
атәылахьчара аминистр Владимир Ануа,
апарламент аиҳабы Лаша Ашәба,
адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц,
аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар,
аԥыза-министр Владимир Делба,
аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут,
ашәарҭадара хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа,
аштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко,
аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Беслан Ешба.
Аусԥҟа анапаҵаҩуп акыр зҵазкуа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи, ахаҭарақәеи ринтересқәа рыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иҟынтәи аӡбарақәа реиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны.