https://sputnik-abkhazia.info/20250620/tarchali-priozerskti-araiona-aiyzarat-eizyazaashaa-rzy-aishaara-rybzhareit-1055448275.html
Тҟәарчали Приозерски араионқәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Тҟәарчали Приозерски араионқәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерсктәи араиони аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит... 20.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-20T15:07+0300
2025-06-20T15:07+0300
2025-06-20T15:09+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/14/1055447546_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_a015a068393d52b5c076b0ba8cc099e3.jpg
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерсктәи араиони аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, иара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни ррегионқәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит."Иахьа, араионқәа рыбжьара знапы аҵаҩу аиқәшаҳаҭра, ҳәарада, Аԥсни Ленинградтәи аобласти рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара иҷыдоу амч анаҭоит. Ареспублика алшарақәа акыр идууп, атуризми еиуеиԥшым аекономикатә усхкқәеи рҟны. Сақәгәыӷуеит, ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара ҳауаажәлар рзы иҷыдоу алшарақәа рзыԥнаҵап ҳәа, ҳәарада. ҳара ари аус ԥхьаҟагьы ацҵара ҳҽазаҳшәалоит", — азгәеиҭеит Гәынба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/14/1055447546_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_f8ba9bc0c042db3c2d19bad8ae1f1a16.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Тҟәарчали Приозерски араионқәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
15:07 20.06.2025 (ирҿыцуп: 15:09 20.06.2025) АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерсктәи араиони аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Абри атәы
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, иара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни ррегионқәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
"Иахьа, араионқәа рыбжьара знапы аҵаҩу аиқәшаҳаҭра, ҳәарада, Аԥсни Ленинградтәи аобласти рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара иҷыдоу амч анаҭоит. Ареспублика алшарақәа акыр идууп, атуризми еиуеиԥшым аекономикатә усхкқәеи рҟны. Сақәгәыӷуеит, ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара ҳауаажәлар рзы иҷыдоу алшарақәа рзыԥнаҵап ҳәа, ҳәарада. ҳара ари аус ԥхьаҟагьы ацҵара ҳҽазаҳшәалоит", — азгәеиҭеит Гәынба.