https://sputnik-abkhazia.info/20250622/asny-synta-egryges-aynti-eiany-afymtsamch-akhy-ianarkheit-1055478013.html
Аԥсны сынтәа ЕгрыГЕС аҟынтәи еиҵаны афымцамч ахы ианархәеит
Аԥсны сынтәа ЕгрыГЕС аҟынтәи еиҵаны афымцамч ахы ианархәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. ЕгрыГЕС аҟынтәи Аԥсны 300-320 миллион кВт-сааҭ ала еиҵаны афымцамч ахы ианархәеит иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны ҳәа... 22.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-22T10:00+0300
2025-06-22T10:00+0300
2025-06-22T10:51+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1d/1049261706_0:145:3127:1904_1920x0_80_0_0_4ebdd7ac6be332a421e53d0709b55c3e.jpg
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. ЕгрыГЕС аҟынтәи Аԥсны 300-320 миллион кВт-сааҭ ала еиҵаны афымцамч ахы ианархәеит иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара "Ҳаилацәажәап" аефир аҿы.АҟәаГЕС ақәшаҳаҭхарала Гәыма иҟаз амаининг-центр ари афымцастанциа иаҿыхын. Бжьаратәла, аӡфымцастанциа шықәсык аҩнуҵҟа 100-110 миллион кВт-сааҭ аунажьуеит. Ари атәыла аенергетикатә системазы цхыраагӡа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит аенергетик.Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭеи ҳазҭоу ашықәс алагамҭеи рзы Урыстәылантәи иҳауз афымцамч азы ареспублика 705 миллион мааҭ аԥара ашәеит. Урҭ рҟынтәи 240 миллион мааҭ "Амшынеиқәафымцамч" афонд аԥарақәа роуп ҳәа иҳәеит Џьынџьал.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1d/1049261706_198:0:2929:2048_1920x0_80_0_0_093f6c06d308928688cb7d5262608580.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны сынтәа ЕгрыГЕС аҟынтәи еиҵаны афымцамч ахы ианархәеит
10:00 22.06.2025 (ирҿыцуп: 10:51 22.06.2025) АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. ЕгрыГЕС аҟынтәи Аԥсны 300-320 миллион кВт-сааҭ ала еиҵаны афымцамч ахы ианархәеит иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара "Ҳаилацәажәап" аефир аҿы.
Уи зыхҟьаз Аԥсны иааизакны афымцамч ахархәара аиҵахареи АҟәаГЕС иҭнажьуа афымцамчаалыҵ зегьы аҭыԥантәи аҳақәа иахьроуеи роуп. Иара убасгьы, уи зыхҟьаз аԥхьатәи аӡын амзақәа раан Урыстәыла Афедерациа аҟнытә афымцамч хыԥхьаӡара дула Аԥсны иахьаиуаз ауп", — ҳәа иҳәеит Џьынџьал.
АҟәаГЕС ақәшаҳаҭхарала Гәыма иҟаз амаининг-центр ари афымцастанциа иаҿыхын. Бжьаратәла, аӡфымцастанциа шықәсык аҩнуҵҟа 100-110 миллион кВт-сааҭ аунажьуеит. Ари атәыла аенергетикатә системазы цхыраагӡа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит аенергетик.
Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭеи ҳазҭоу ашықәс алагамҭеи рзы Урыстәылантәи иҳауз афымцамч азы ареспублика 705 миллион мааҭ аԥара ашәеит. Урҭ рҟынтәи 240 миллион мааҭ "Амшынеиқәафымцамч" афонд аԥарақәа роуп ҳәа иҳәеит Џьынџьал.