https://sputnik-abkhazia.info/20250623/1055501540.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
23.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-23T18:01+0300
2025-06-23T18:01+0300
2025-06-23T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/17/1055501408_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3ed917dbe58352ab5dd5cd7cf9512232.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Асасцәа малла реиҟәшара ҟалом. Ҳара еснагь ҳаигәырӷьоит дарбан туристзаалак ибара – ари аҭынчреи аԥсҭазаарахь ахынҳәреи ирсимволуп", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба атуризм аминистри иареи реиԥылараҿы. Гәынба Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рыбзазаразы Атуризм аминистрра аусзуҩы иҟалҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит."Агәра ганы сыҟоуп, мхәыцрала ачынуаҩ лажәақәа миллионҩыла ауаа ҳтәылахь ирымоу абзиабара архәашьрым ҳәа", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ПЖәАФ -2025 аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцерн "КАМАЗ" анаԥхгаҩы Сергеи Когогин диԥылеит. "Аԥсны адилертә центр аԥҵара азҵаара иалацәажәеит. Уи атехника аиҭашьақәыргыларазы иаҭахуп", — ҳәа иҳәеит Аԥсныпресс аинтервиу азҭаз аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура аиҳабы Алхас Ҷолокәуа. Иара убас, атәыла ахада "Росагролизинг" анаԥхгаҩы Павел Косови иареи алацәажәеит ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәа иҷыдоу атехникала реиқәыршәара алыршаразы ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.
Аҟәатәи апрокуратура абаандаҩцәа зцәыбналаз Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рҟәша аусзуҩцәа рганахьала апроцессуалтә ҭҵаара мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура. Иара убас, Дмитри Барцыци, Александр Акопиани, Сергеи Кими рыбналара инамаданы ашьаус аартуп. Ацәгьоуцәа рашәара 9 рзы Гагратәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аҟынтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аӡбарҭатә аанкыларҭахь ианыргоз ибналеит. Дара имҩаныргон – Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҷаԥшьаратә ҟәша аиҳабы Даур Шьершьелиа, Ашьаусԥшааратә ҟәша азинмчзмоу Дмитри Аибеи.
Блабырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҿы иҟалаз амашәыр аҟны хаҵак ааха иоуит. Амашәыр ҟалеит ашьыжь шаанӡа ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Анзор Базба. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, 46 шықәса зхыҵуа амашьынаныҟәцаҩ дамхацәан амҩа даныҵит. Ахаҵа ахәахәарақәеи абҩаԥҵәеи иоуит, Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хадахь днаргеит. Иара иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
"Асасцәа малла реиҟәшара ҟалом. Ҳара еснагь ҳаигәырӷьоит дарбан туристзаалак ибара – ари аҭынчреи аԥсҭазаарахь ахынҳәреи ирсимволуп", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба атуризм аминистри иареи реиԥылараҿы. Гәынба Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рыбзазаразы Атуризм аминистрра аусзуҩы иҟалҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит."Агәра ганы сыҟоуп, мхәыцрала ачынуаҩ лажәақәа миллионҩыла ауаа ҳтәылахь ирымоу абзиабара архәашьрым ҳәа", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ПЖәАФ -2025 аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцерн "КАМАЗ" анаԥхгаҩы Сергеи Когогин диԥылеит. "Аԥсны адилертә центр аԥҵара азҵаара иалацәажәеит. Уи атехника аиҭашьақәыргыларазы иаҭахуп", — ҳәа иҳәеит Аԥсныпресс аинтервиу азҭаз аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура аиҳабы Алхас Ҷолокәуа. Иара убас, атәыла ахада "Росагролизинг" анаԥхгаҩы Павел Косови иареи алацәажәеит ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәа иҷыдоу атехникала реиқәыршәара алыршаразы ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.Аҟәатәи апрокуратура абаандаҩцәа зцәыбналаз Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рҟәша аусзуҩцәа рганахьала апроцессуалтә ҭҵаара мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура. Иара убас, Дмитри Барцыци, Александр Акопиани, Сергеи Кими рыбналара инамаданы ашьаус аартуп. Ацәгьоуцәа рашәара 9 рзы Гагратәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аҟынтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аӡбарҭатә аанкыларҭахь ианыргоз ибналеит. Дара имҩаныргон – Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҷаԥшьаратә ҟәша аиҳабы Даур Шьершьелиа, Ашьаусԥшааратә ҟәша азинмчзмоу Дмитри Аибеи.Блабырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҿы иҟалаз амашәыр аҟны хаҵак ааха иоуит. Амашәыр ҟалеит ашьыжь шаанӡа ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Анзор Базба. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, 46 шықәса зхыҵуа амашьынаныҟәцаҩ дамхацәан амҩа даныҵит. Ахаҵа ахәахәарақәеи абҩаԥҵәеи иоуит, Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хадахь днаргеит. Иара иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/17/1055501408_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c8084b2774673a35a3acc94fd6c14ebc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио