Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иагу-иабзоу
17:30 04.07.2025 (ирҿыцуп: 22:02 04.07.2025)
© Видео /Sputnik
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иахьа 19 шықәса ахыҵит. Ари аамҭа иалагӡаны ирылдыршаз, изыхьӡаз аихшьаала аҟаҵара мариам, уи шьарда ирацәоуп. Иаагозар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишԥамҩаԥысуеи русура, иарбан еихьӡарақәоу ирымоу, иабанӡеизҳауеи аиқәырхареи ацхыраареи ирыдҳәалоу аусутәқәа, иабанӡеиқәшәоу аусзуҩцәа рыла, техникала, аиқәырхаҩ изанааҭ аҭаххара ахьынӡаҳараку Sputnik Аԥсны астудиаҟны далацәажәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, Урыстәыла арегион ҿыцқәа рыҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа.