https://sputnik-abkhazia.info/20250705/sokrat-ynal-aa-ayr-zu-atylaua-a-agragagat-shy-ireit-1055747750.html
Сократ Џьынџьал Аҟәа Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа агәрагагатә шәҟәы ирҭеит
Сократ Џьынџьал Аҟәа Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа агәрагагатә шәҟәы ирҭеит
Sputnik Аҧсны
Аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы аӡбара рыдыркылеит ԥхынгәы 2 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәараҿы. 05.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-05T11:20+0300
2025-07-05T11:20+0300
2025-07-05T12:52+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/05/1055744179_0:169:1620:1080_1920x0_80_0_0_26acba333902221c26149bb3ecb73cda.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Сократ Џьынџьал Аҟәа Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа агәрагагатә шәҟәы ирҭеит. Џьынџьал ианаршьаз азы ҭабуп ҳәа раҳәо, Аҟәа ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит. Сократ Џьынџьал диит 1937 шықәса ԥхынҷкәын 11 рзы Очамчыра араион Агәыбедиа ақыҭан. 1992 ашықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵоит, 1993 шықәсазы аԥыза-министрси адәныҟатәи аусқәа рминистрси дҟаҵан, Женева имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны аофициалтә делегациа напхгара азиуан. 1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩыс дыҟан. Ауаажәларратә Палата ианышьақәгыла аахыс далахәылоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250705/aa-2509-shysa-akhyra-aayraz-imagakhoit-ausmagata-zhpaky--1055743293.html
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/05/1055744179_111:0:1551:1080_1920x0_80_0_0_534a171acd4a3020801d577b34b84b23.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Сократ Џьынџьал Аҟәа Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа агәрагагатә шәҟәы ирҭеит
11:20 05.07.2025 (ирҿыцуп: 12:52 05.07.2025) Аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы аӡбара рыдыркылеит ԥхынгәы 2 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәараҿы.
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Сократ Џьынџьал Аҟәа Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа агәрагагатә шәҟәы ирҭеит.
Ари ахьӡ ауаажәларра-политикатә усзуҩы ианашьоуп амилаҭтә-хақәиҭратә ҵысреи ақалақь аҿиареи рҿы илагала ҷыдақәа рзы ҳәа азгәеиҭеит аҳҭнықалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Џьынџьал ианаршьаз азы ҭабуп ҳәа раҳәо, Аҟәа ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Сократ Џьынџьал диит 1937 шықәса ԥхынҷкәын 11 рзы Очамчыра араион Агәыбедиа ақыҭан.
1992 ашықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵоит, 1993 шықәсазы аԥыза-министрси адәныҟатәи аусқәа рминистрси дҟаҵан, Женева имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны аофициалтә делегациа напхгара азиуан.
1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩыс дыҟан. Ауаажәларратә Палата ианышьақәгыла аахыс далахәылоуп.