https://sputnik-abkhazia.info/20250709/gynba-eieieit-art-klaster-tavrida-ay-aaradyrrat-programma-shymaysyz-1055863658.html
Гәынба еиҭеиҳәеит арт-кластер "Таврида" аҿы аҵарадырратә программа шымҩаԥысыз
Гәынба еиҭеиҳәеит арт-кластер "Таврида" аҿы аҵарадырратә программа шымҩаԥысыз
Sputnik Аҧсны
Аԥсны акультура аминистрра аделегациа Ҟрым имҩаԥысуаз апроект "Таврида-арт" Академиа "Меганом" аҵарадырратә программа аҟнытәи игьежьит. Ареспублика ахьӡала... 09.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-09T17:20+0300
2025-07-09T17:20+0300
2025-07-09T17:20+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/09/1055863992_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_ec7f65af7657ef89973738d763df953d.jpg
Аԥсны акультура аминистрра аделегациа Ҟрым имҩаԥысуаз апроект "Таврида-арт" Академиа "Меганом" аҵарадырратә программа аҟнытәи игьежьит. Ареспублика ахьӡала апроект иалахәын жәаҩык акультура ахырхарҭа аусзуҩцәа. Урҭ аҵарадырратәи асоциалтәи проектқәа, аҿар рполитика ирызку алекциақәа ирзыӡырҩуан. Апрограмма амҽхаки, еиднакылаз ахырхарҭақәеи, ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәеи ртәы еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik далацәажәеит Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба. Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынбеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/09/1055863992_137:0:2868:2048_1920x0_80_0_0_aaa6c840307cb256682c412975d5fa35.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, акультура, видео
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, акультура, видео
Гәынба еиҭеиҳәеит арт-кластер "Таврида" аҿы аҵарадырратә программа шымҩаԥысыз
Аԥсны акультура аминистрра аделегациа Ҟрым имҩаԥысуаз апроект "Таврида-арт" Академиа "Меганом" аҵарадырратә программа аҟнытәи игьежьит. Ареспублика ахьӡала апроект иалахәын жәаҩык акультура ахырхарҭа аусзуҩцәа. Урҭ аҵарадырратәи асоциалтәи проектқәа, аҿар рполитика ирызку алекциақәа ирзыӡырҩуан. Апрограмма амҽхаки, еиднакылаз ахырхарҭақәеи, ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәеи ртәы еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik далацәажәеит Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынбеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит абра.