00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:00
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Иуа Коӷониа ибаҟа апроект аҟаҵаразы аицлабра мҩаԥгахоит
18:17
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Сергеи Кириенко Аҟәатәи аусхкырацәатә коллеџь аҿы: аиԥылара алҵшәақәа
18:20
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Участники "Летней школы дипломатии" при Посольстве РА в РФ получили сертификаты
18:55
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Кириенко Аԥсныҟа иаара, Очамчыра Ақалақь амш, Апарламент аилатәара

© FotoБадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәа иаҭааит
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәа иаҭааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2025
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынгәы 6-13 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз инарылукааша ахҭысқәа.

Кириенко Аԥсныҟа иаара

Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аусутә ныҟәарала Аԥсны даҭааны дыҟан ԥхынгәы 11-12 рзы.
Аенергетика, ашәахтәқәҵара, аҵарадырра, агуманитартә проектқәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.
Совещание Президента с главами Администраций городов и районов Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2025
Аԥсны
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аенергетика азҵаарақәа ирылацәажәеит
Аԥсны афымцамч апроблемақәа тема хадас иаман ахада Иусбарҭеи, Аминистрцәа Реилазаареи, Аԥсни Урыстәылеи ренергетика аминистррақәеи, "Амшынеиқәафымцамчи" рхаҭарнакцәа злахәыз аилацәажәара.
Кириенко Аԥсны иаҭаара иалагӡаны Урыстәыла ацхыраарала инарыгӡоу асоциалтә, аинфраструктуратә, акультуратә обиектқәа дырҭааит.
Сергеи Кириенко инаҵшьны иазгәеиҭеит, иааиуа аӡын афымцамч еиԥҟьарада аиуреи афымцатә ҳақәа ишахәҭоу аиԥш рышьақәыргыларазы аплан ааус адулареи иааԥхьагылоу усны ишыҟоу.
Сергеи Кириенко ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы иныҟәараан Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иазыԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә концепциа идырбеит, хықәкыла, ирлашоу аҭоурыхтә ӡыршә архитектуратә аиҭашьақәыргылареи, аԥшаҳәа зегьы азы арлашаратә система аԥҵареи арахь иналаҵаны.
Аԥсны Шәачеи мшынла аимадара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра Кириенко Аԥсны иаҭаара алҵшәақәа иреиуоуп. Аԥышәатә туристтә реис нанҳәамза 6 азы иазԥхьагәаҭоуп.
Уи адагьы, Кириенко ареспублика иаҭаараан агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, аҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рыцхыраареи, ҩганктәи аусеицура иадҳәалоу егьырҭ актуалтә зҵаарақәеи ирылацәажәан.

Очамчыра – 2525 шықәса

Очамчыра ақалақь Амш азгәарҭеит ԥхынгәы 12 рзы. Шьыжьнаҵы аныҳәатә уснагӡатәқәа хацыркын. Амшынхықә аҿы ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵеи аҭыԥантәи анапҟазацәа раалыҵқәа рцәыргақәҵеи еиҿкаан.
Иара убас, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны амузыкеи асахьаркыратә ҟазареи рзы аҟазара-классқәа, асахьаҭыхҩцәа ҿарацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаан.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Очамчыра иаланхо ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
"2525 шықәса зхыҵуа ақалақьқәа маҷуп адунеи аҿы. Ари ашықәсқәа мацара ракәӡам, ари — Аԥсны аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоу ибеиоу аҭоурыхи акультуреи роуп!", — иҳәеит адныҳәалараҿы.
Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы еиҿкаан жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи рансамбль "Ерцахә" злахәу аконцерттә программа, ахәмарратә ҭыԥқәа, ахыци ахәымпали рыла ахысразы ақәгыларақәа, ашашкатә хәмаррақәа рзы атурнирқәа.
Очамчыра Ақалақь амш традициала ԥхынгәы аҩбатәи асабшазы иазгәарҭоит.
Очамчыра аныҳәа: ақалақь 2525 шықәса ахыҵит
© Sputnik / Томас Тхайцук

Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы.

Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы. - Sputnik Аҧсны
1/13

Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәа еиднакылеит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи

Аныҳәа еиднакылеит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи - Sputnik Аҧсны
2/13

Аныҳәа еиднакылеит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи

© Sputnik / Томас Тхайцук

Сынтәа иара иахыҵит 2525 шықәса.

Сынтәа иара иахыҵит 2525 шықәса. - Sputnik Аҧсны
3/13

Сынтәа иара иахыҵит 2525 шықәса.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп.

Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп. - Sputnik Аҧсны
4/13

Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа аатит Очамчыра Ақалақь амш аҽны

Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа аатит Очамчыра Ақалақь амш аҽны - Sputnik Аҧсны
5/13

Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа аатит Очамчыра Ақалақь амш аҽны

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уи иалахәуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәырзгаз афермерцәеи анапкымҭақәа рҟазацәеи 30-ҩык.

Уи иалахәуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәырзгаз афермерцәеи анапкымҭақәа рҟазацәеи 30-ҩык. - Sputnik Аҧсны
6/13

Уи иалахәуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәырзгаз афермерцәеи анапкымҭақәа рҟазацәеи 30-ҩык.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақалақь иалсит аҽыҩҷкәынцәа абираҟқәа кны.

Ақалақь иалсит аҽыҩҷкәынцәа абираҟқәа кны. - Sputnik Аҧсны
7/13

Ақалақь иалсит аҽыҩҷкәынцәа абираҟқәа кны.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵаҟны аныҳәатә гәалаҟара аԥҵоуп.

Ацәыргақәҵаҟны аныҳәатә гәалаҟара аԥҵоуп. - Sputnik Аҧсны
8/13

Ацәыргақәҵаҟны аныҳәатә гәалаҟара аԥҵоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа чысқәа зегьы цәыргоуп, анапҟазацәа раалыҵқәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥысуеит.

Аԥсуа чысқәа зегьы цәыргоуп, анапҟазацәа раалыҵқәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥысуеит. - Sputnik Аҧсны
9/13

Аԥсуа чысқәа зегьы цәыргоуп, анапҟазацәа раалыҵқәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥысуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Асасцәа аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит.

Асасцәа аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит. - Sputnik Аҧсны
10/13

Асасцәа аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиармарка иалахәыз аӡәырҩы аҭыԥаҟны афтә дырхион.

Аиармарка иалахәыз аӡәырҩы аҭыԥаҟны афтә дырхион. - Sputnik Аҧсны
11/13

Аиармарка иалахәыз аӡәырҩы аҭыԥаҟны афтә дырхион.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Агәаҳәара змаз зегьы ицәыргаз афатә хкқәа зегьы ргьама рбар ҟалон.

Агәаҳәара змаз зегьы ицәыргаз афатә хкқәа зегьы ргьама рбар ҟалон. - Sputnik Аҧсны
12/13

Агәаҳәара змаз зегьы ицәыргаз афатә хкқәа зегьы ргьама рбар ҟалон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абырзен қалақь Гиуенос ашьаҭа кын иахьатәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы.

Абырзен қалақь Гиуенос ашьаҭа кын иахьатәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы. - Sputnik Аҧсны
13/13

Абырзен қалақь Гиуенос ашьаҭа кын иахьатәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы.

1/13

Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы.

2/13

Аныҳәа еиднакылеит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи

3/13

Сынтәа иара иахыҵит 2525 шықәса.

4/13

Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп.

5/13

Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа аатит Очамчыра Ақалақь амш аҽны

6/13

Уи иалахәуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәырзгаз афермерцәеи анапкымҭақәа рҟазацәеи 30-ҩык.

7/13

Ақалақь иалсит аҽыҩҷкәынцәа абираҟқәа кны.

8/13

Ацәыргақәҵаҟны аныҳәатә гәалаҟара аԥҵоуп.

9/13

Аԥсуа чысқәа зегьы цәыргоуп, анапҟазацәа раалыҵқәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥысуеит.

10/13

Асасцәа аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит.

11/13

Аиармарка иалахәыз аӡәырҩы аҭыԥаҟны афтә дырхион.

12/13

Агәаҳәара змаз зегьы ицәыргаз афатә хкқәа зегьы ргьама рбар ҟалон.

13/13

Абырзен қалақь Гиуенос ашьаҭа кын иахьатәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы.

Апарламент аилатәара

Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аҳәынҭқарратә баџь азы азакәан апроект.
Азакәан апроект инақәыршәаны, уажәазы 60 мааҭ иҟоу ауалафахәы иреиҵаӡоу ахышәаҵышәа аҳасабыркра ацымхәрас, аҳәынҭқарратә баџьтә зыԥҵәа алагалоуп.
"Ацәгьоуратә мҩала ироуз ахашәалахәы азакәантәреи атерроризм афинанстә цхыраара аҭареи раԥырҟәҟәааразы" азакәан Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны ахада еснагьтәи ихаҭарнак Дмитри Шамба инаҵшьны иазгәеиҭеит азакәан апроект абри аусхк иадҳәалоу азакәанԥҵара аиӷьтәра ишазырхоу.
Аԥсны уажәы иҟоуп ахашәала азиншьаҭа аҭареи атерроризм афинанстә цхыраара азуреи раԥырҟәҟәааразы азакәанԥҵара ахархәаратә ԥышәа.
Иахьазы ари ахырхарҭала аус ауеит Аԥсны ахада 2006 шықәса мшаԥы 21 азтәи иусԥҟа, уи арҿиаразы Аԥсны Абанк иаднакылахьеит иахәҭоу анормативтә актқәа.
Урҭ рышьаҭала акредиттә еиҿкаарақәа рклиентцәа ридентификациа мҩаԥыргоит, анаҩс иахәҭоу адыррақәа рышьҭуеит афинанстә хылаԥшра амаҵзура ахьаԥҵоу Азинмчы змоу аусбарҭахь.
Алиас Ҭраԥшь Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩс даҭоуп маӡалатәи абжьыҭирала. Алиас Ҭраԥшь 2013 шықәса раахыс Аԥсны апрокуратура иаҵанакуа аусбарҭақәа рҟны аус иуеит. Гәдоуҭа араион апрокурор ицхырааҩыс дыҟан, уи ашьҭахь Арратә прокуратурахь диаган. 2014 шықәсазы Апрокуратура хада Аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабыс дҟаҵан, уаҟа еиуеиԥшым амаҵурақәа ааникылон. 2019 шықәсазы Аусеилыргаратә хеилак апрокурорс даҭан. 2019 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны Аҟәа апрокурор ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Иара убри аилатәараҿы апарламентарицәа иара убасгьы ирыдыркылеит: Ақалақьргыларатә закәанеидкылахь ариашарақәа, азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рнапхгаразы" ахь ариашарақәа, Аԥсны Аграждантә закәанеидкылахь ариашарақәа.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2025
Аԥсны
Аԥсны Аграждантә Закәанеидкыла аиҭакрақәа алагалоуп

Аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы"

Цандрыԥшьтәи ашкол-интернат аҿы Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит.
Арегионбжьаратә школ "Ашықәс арҵаҩы" анапхгаҩы Владимир Головнер инаҵшьны иазгәеиҭеит апрограмма адыррақәа апрактикаҿы рхархәара ишазку.
"Арҵаҩцәа зегьы дара рхатә ҟазарҭа ҭыԥқәа дырхиеит, аԥсабаратә обиектқәа рҿы арҵаҩцәа рнапхгарала аҵаҩцәа ргәыԥқәа иҷыдоу, иҵоуроу адыррақәа роулоит. Иаҳҳәап: аҳауа ахаҭабзиареи аӡы аилазаашьеи ршәоит, анышә, аминералтә еилазаара, аԥстәқәа, аҵиаақәа ҭырҵаауеит", — иҳәеит иара.
Аԥхынтәи ашкол мҩаԥысуеит ԥхынгәымза 20 рҟынӡа.
Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол аус ауеит Цандрыԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2025
Арадио
Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол аус ауеит Цандрыԥшь

Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш

Аԥснытәи аҭаацәарақәа фба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны аҳамҭақәа рырҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Сынтәа амедалқәа ранашьоуп:
Зосими Марусиеи Зыхәаа — 61 шықәса раԥхьа аҭаацәара аԥырҵеит;
Александри Наталиеи Антиповаа — 49 шықәса;
Бориси Русудани Кәартаа — 44 шықәса раԥхьа;
Аигаз Варельджани Азниф Арзуманиани — 44 шықәса;
Нугзар Ашәбеи Белла Ҭарԥҳаи — 40 шықәса;
Ефим Вальтери Лада Чубуковеи — 31 шықәса.
61 шықәса аҭаацәараҿы: Зосими Марушьеи Зыхәаа рҳәоуеиқәшәара амаӡақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2025
61 шықәса аҭаацәараҿы: Зосими Марушьеи Зыхәаа рҳәоуеиқәшәара амаӡақәа
Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш шьаҭаркын Владимир Путин идҵала 2022 шықәсазы. Аҳамҭақәа рырҭоит зҭаацәара 25 шықәса еиҵамкәа иахыҵхьоу хаҵеи ԥҳәыси – зыхшара ауаажәларра иаԥсаны ирылазыргылаз, аҭаацәаратә традициақәа ирықәныҟәо.

Алиса Гыцԥҳа имҩаԥылго аицлабра

Аҟәеи Москвеи имҩаԥысраны иҟоу Алиса Гыцԥҳа лнапхгаралатәи жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.
Апроект 18 шықәса инаркны 45 рҟынӡа зхыҵуа арҿиаҩцәа қәыԥшцәа рыцхраара иазырхоуп. Аконкурс алахәылацәа х-номинациак рыла аҟазара-классқәеи аконкурстә етапқәеи рхы аладырхәуеит: аоператә хкынагӡаразы ашәаҳәара, акамертә вокалтә нагӡара, аккомпанемент аҟазара.
Иреиӷьқәоу алабораториа агала-концертқәа рҿы иқәгылоит. Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббрамза 30 рҟынӡа.
Аусмҩаԥгатә адгылара арҭоит акультуратә хаԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди Аԥсны аиҳабыреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0