https://sputnik-abkhazia.info/20250723/auaazhlarrat-palatay-asua-byzshazy-akomissia-ailatara-maysit--1056319632.html
Ауаажәларратә палатаҿы аԥсуа бызшәазы акомиссиа аилатәара мҩаԥысит
Ауаажәларратә палатаҿы аԥсуа бызшәазы акомиссиа аилатәара мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы. 23.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-23T17:01+0300
2025-07-23T17:01+0300
2025-07-23T17:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/17/1056319459_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_dbc7d2c60c1174be9515cd904d25415a.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы. Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы акомиссиа аилатәараҿы иазгәаҭан аусбарҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара шмаҷхаз. Ауаажәларратә палата алахәыла, акомиссиа ахантәаҩы Дона Малиаԥҳа илҳәеит, аиҳабыреи Апарламенти реилатәарақәа урысшәала ишымҩаԥысуа. Ачынуаа аԥсышәала иқәгыло шамахамзар ишуԥымло. Акомиссиа алахәылацәа аҭагылазаашьа алҵразы ргәаанагарақәа рҳәеит: Аиԥылара алахәылацәа адгылара арҭеит Аҵара аминистрра "Аԥсуара" амаҭәар алагалареи арҵаҩцәа руалафахәы ацҵареи рзы иҟанаҵаз аԥшьгара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/17/1056319459_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_b8ae58625e6fc7bb4b625d0e789f74b9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра
Ауаажәларратә палатаҿы аԥсуа бызшәазы акомиссиа аилатәара мҩаԥысит
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы.
Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы акомиссиа аилатәараҿы иазгәаҭан аусбарҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара шмаҷхаз.
Ауаажәларратә палата алахәыла, акомиссиа ахантәаҩы Дона Малиаԥҳа илҳәеит, аиҳабыреи Апарламенти реилатәарақәа урысшәала ишымҩаԥысуа. Ачынуаа аԥсышәала иқәгыло шамахамзар ишуԥымло.
"Ҳбызшәа азҿлымҳара аҭахуп, избанзар амилаҭ ахдырра лызырҟәо абызшәа амдырра ауп. Ахеиқәырхара ашәарҭара иҭанаргылоит, иҵнашәаауеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Акомиссиа алахәылацәа аҭагылазаашьа алҵразы ргәаанагарақәа рҳәеит:
ачынуаа рзы абызшәа адырра арӷәӷәара,
аԥсуа хәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рыдкылара аԥкра,
ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәыԥқәа абызшәа рдыррала реихшара,
актәи акласс инаркны 4-тәи акласс аҟынӡа ашколтә программа аԥсахра,
астудентцәеи аԥсуа бызшәа арҵаҩцәеи ралкаара.
Аиԥылара алахәылацәа адгылара арҭеит Аҵара аминистрра "Аԥсуара" амаҭәар алагалареи арҵаҩцәа руалафахәы ацҵареи рзы иҟанаҵаз аԥшьгара.