https://sputnik-abkhazia.info/20250728/sputnik-amchybzh-novak-asny-abira-amsh-agastrofestival-pitsunda-1056473416.html
Sputnik амчыбжь: Новак Аԥсны, Абираҟ амш, агастрофестиваль Пицунда
Sputnik амчыбжь: Новак Аԥсны, Абираҟ амш, агастрофестиваль Пицунда
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ԥхынгәы 21 - 27 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа. 28.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-28T09:00+0300
2025-07-28T09:00+0300
2025-07-28T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/15/1056238459_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_36348a9a5570e34d432ba7f11220630c.jpg
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак Аԥсны иусуратә ҭаара шымҩаԥысыз, ареспублика асоциал-економикатә ҿиара апрограмма ахәшьара шаҭаз, ареспубликаҿы Абираҟ Амш шазгәарҭаз, Пицунда раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи агастрофестиваль шымҩаԥысыз Sputnik аматериалқәа рҿы.Александр Новак АԥсныУрыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак усутә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит ԥхынгәы 21 азы.Аҳәааҟны иара еиԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Аҟәа ақалақь аҿы зыргылара иаҿу ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа гәарҭеит.Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбра аргыларазы, амедицинатә маругақәа уахь иналаҵаны ахарџьнҵа — 727 млн мааҭ артәоит.Аусурақәа 2026 шықәсазы ихыркәшахоит, уи аамҭеихшара иақәыршәаны имҩаԥысуеит. Ахыбра ашьаҭа ргылоуп, даҽа еихагылаки аҭуани рыргылароуп иаанханы иҟоу.Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа иҳәеит Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ангиограф цәыббрамзазы аусура иалагараны ишыҟоу. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ангиограф аусура алагара иабзоураны, зқьыла ауаа амедицинатә цхыраара рыҭара алыршахоит ҳәа азгәеиҭеит.Иара убри амш азы Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Александр Новаки аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит, уи аусура гәарҭеит иалацәажәеит ԥхьаҟатәи аҿиара. Иара убасгьы Очамчыра араион Лабра ақыҭан аҩызауад иаҭааит.Анаплакҩы Николаи Ачба асасцәа анаплакы, иара убасгьы аԥсуа ҩы аҟаҵара амузеи дирбеит.Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараИҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицуразы аҩажәатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит.Уи аихшьаалақәа рыла, ареспублика аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.Аиԥылараҿы аганқәа 2022-2025 шықәсқәа рзтәи аҳәынҭқарратә программа аамҭахәҭа иалагӡаны асоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара аизырҳаразы еицымҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит, анаҩстәи ашықәсқәа рзы ихадароу ауснагӡатәқәа алкаан, урҭ аилатәара аԥкаанҵаҿы иарбоуп.Хаҭала, Александр Новак иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәыла азы зыгәра угаша ҩызара-партниорны ишыҟоу.Новак инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика аҿиаразы алшара дуқәа шамоу, урҭ Урыстәыла ацхыраарала рынагӡара шалыршахо. Аԥсны ақыҭанхамҩа арҿиара, аалыҵи, атуризми рыҿиареи аԥхьагылара змоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп.Иара убас, аганқәа 2030 шықәсанӡа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма апроект цәыббрамза 1 азынӡа аус шадыруло азы адырра ҟарҵеит. Адокумент абҵара 1 азы ирыдыркылоит.Ахада иҟынтәи адышшыларақәаАилахәыра "Ангара" иатәу аҳаирплан Благовешьенскнтәи Тындуҟа иԥыруан, иара аҭыԥанӡа анаӡара рацәак шагмыз икаҳаит.Аҳаирплан иҭатәан 45-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан хәҩык ахәыҷқәеи фҩык аекипаж алахәылацәеи. Дара зегьы ҭахеит.Бадра Гәынба Владимир Путин дидышшылеит Амуртәи аобласт аҟны икаҳаз аҳаирплан Ан-42 иахҟьаны ауаа ахьҭахаз инамаданы."Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы гәалсрала ҳрыдышшылоит иҟалаз арыцҳара ду инамаданы. Рхьаа рыцеиҩаҳшоит зыуацәеи зҭынхацәеи ас еиҧш ахлымӡаах иалаӡыз, ачҳареи аӷәӷәареи рзеиӷьаҳшьоит", — ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы."Гәалсра дула исыдыскылеит шәзыниаз арыцҳара. Шәара шәҭаацәа рџьабаа рацәоуп аҳәаанырцә Аԥсны адгылара аҭаразы, ҳмилаҭтә ҭҵаарадырреи акультуреи рӡыргараҟны. Абарҭ аусқәа рҿы ааԥсара лықәымкәан еснагь дарӷьажәҩан дшәывагылан шәыԥшәмаԥҳәыс Заира Хьиԥҳа", — ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.Абираҟ амш Ииасыз ахашаҽны Аԥсны иазгәарҭеит Абираҟ Амш. Атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны имҩаԥысит аныҳәатә уснагӡатәқәа.Атәыла ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.Аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа. Аусмҩаԥгатә хацыркхеит Аԥсны Аҳәынҭқарра агимн арҳәарала. Анаҩс асценахь ицәырҵит авокалтәи ахореографиатәи ансамбльқәа, иара убас аԥсуа естрада артистцәа.Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәырӷәӷәан ԥхынгәы 23 1992 шықәсазы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны. Дара авторс дрымоуп асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.Абираҟ шьаҭас иамоуп Аԥсны аҳәынҭқарра ажәытәӡатәи асимвол. Аескиз аԥҵан апарламенттә комиссиа ахылаԥшрала, уи ареспублика актәи ахада Владислав Арӡынба ишьақәирӷәӷәеит.Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа "Аԥсны абираҟқәа".Аԥараҿырпқәа ареверс ала ахәԥсацәҟьеи аемитенти змоу аҩырала ирԥшӡоуп. Армарахь ала иануп ианҭыжьыз арыцхәи Аԥсны аҳәынҭқарратә герб асахьеи.Ареверс ала иануп аԥсуа ҽыуаҩ аеҵәақәа рахь ахыц шдәықәиҵо – уи нарҭтә епоси Аԥсны агерби ирызкуп.Аԥараҿырпы атираж — 100 цырак, рыхәԥсацәҟьа — 100 ԥсарк иҟоуп.Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараУкраинатәи адронқәа Шәача ажәлара иалацәажәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иҟалаз ахҭыс азы ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Дара иазгәарҭеит дронқәак ареспублика аҳауатә ҵакыра еиларгеит ҳәа.Гәынба Атәылахьчара аминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи ирыдиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи Урыстәылатәи абжьбатәи арратә базеи дареи аҵак ду змоу ахыбрақәа рыхьчаразы реимадарақәа дырӷәӷәаразы.Шәача ԥхынгәы 23-24 руха дронла ажәлараан иҭахеит ҩыџьа, аахақәа роуит жәеизаҩык.Ауадҳара ахәыҷтәы лагерьАԥсны ахада Бадра Гәынба даҭааит ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы Ауадҳара еиҿкаау аспорт-гәабзиарахьчаратә лагерь.Гәынба иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу алагерқәа рҿы аԥсшьара ахәыҷқәа шеиднакыло.Алагерь аус ауеижьҭеи хышықәса ҵуеит, еиҿнакаауеит — Афонҿыцтәи аҿартә еиҿкаара "Аԥсар".Аԥхын иалагӡаны 500-ҩык ахәыҷқәа рыдыркылоит ареспублика еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи. Дара ашьханыҟәарақәа рахь ицоит, ахыци-ахәымпали рыла ахысшьа рҵоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирԥылоит, аспелеологиа аганахьала ихадароу дыррақәа рзеиҭарҳәоит.Раԥхьатәи агастрофестиваль ПицундаПицунда иаатит раԥхьатәи жәларбжьаратәи агастрофестиваль.Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рҟынтәи 40-ҩык инареиҳаны алахәылацәа раалыҵ ӡырыргеит.Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирыдыргалоит ԥсабарала ицқьоу аалыҵқәа, аӡымҭақәа, арыжәтәқәа, ашәҭқәа, аҳамҭаҷқәа, амҿи агипси ирылху анапкымҭақәа.Пицунда Ақалақь амш азгәаҭара иазку аконцерт мҩаԥган. Ақалақь ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәаларц ирҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.Аҳәынҭқарра ахада Пицунда ибеиоу аҭоурыхи иблахкыгоу аԥсабареи рыла ирылукаауеит, убри аангьы ақалақь ауааԥсыра рысасдкылашьа шьахәуп ҳәа азгәеиҭеит."Аныҳәамш аҽны иаҳгәалаҳмаршәарц залшом аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз пицундаа. Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы шәықалақь гәакьахь ишәымаз абзиабара еиқәырханы, иамаз ахьӡ-аԥша аихаҳара шәаҿуп", — иҳәеит иара.Пицунда ақалақь астатус аиуит 2007 шықәсазы, раԥхьа ара аиланхарҭа ҭоурыхла ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазы иазгәаҭоуп.Аҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа реицазхаҵараАԥыза-министр Михаил Мишустин Аҧсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа аицызхаҵаразы апроект дақәшаҳаҭхеит. Иара азинтә актқәа рпортал аҿы икьыԥхьуп.Адокумент заанаҵы аԥсуа гани дареи иалацәажәахьан. Адокумент рыднагалеит Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистрра, адәныҟатәи аусқәа рминистрреи еиқәшаҳаҭны.Амодернизациеи аквалификациеиАекспертцәа Аҟәа араион ашьха ҳаракқыҭа Ԥсҳәы афымцамчтә обиектқәа гәарҭеит, ҳәа аанацҳауеит аенергетика Аминистрра.Ишьақәдырӷәӷәахьоу аплан инақәыршәаны, афымцамчтә система арҿыцра иадҳәалоу аусурақәа шьаҿа-шьаҿала ихацыркхоит, ҳәа аанацҳауеит аенергетика Аминистрра.Аҳаиртә цәаҳәақәа рырҿыцразы 5 километра ателқәа рзалхуп, хара имгакәа даҽа 2к рышьҭраны иҟоуп. Иара убас, аҩбатәи агенератор атурбинақәа рырҽеира азԥхьагәаҭоуп.Аусурақәа Ԥсҳәы анагӡаразы "Амшынеиқәафымцамч" аштат еизырҳауп, амонтерцәа рхыԥхьаӡара иацҵаны.Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәбеи аилахәыра "Россети" ахаҭарнакцәеи алацәажәеит аԥснытәи аҟазацәа рзы аҵарадырратә программақәеи аԥышәахысрақәеи ртәы.Аиԥылараҿы Баҭал Мышәбеи аилахәыра анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Палина Каниукеи иԥхьагылоу аилахәыра анаплакқәа рҿы аԥышәахысраз иҟоу алшарақәа ирыхәаԥшит ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра.Иара убас, ашәарақәа реизгара аизырҳара, аенергетикатә еилахәырақәа рҭышәынтәалара аиқәыршәара, урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа ҳасаб азуны, астанциа маҷқәеи афымцаҳақәеи рырҽеира иадҳәалоу аԥышәа аимдара уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.Акурорттә аамҭазы аусурақәаАԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи акурорт аамҭазы Аԥсны АҶА аусуреи аплиажқәеи атуристтә хырхарҭақәеи рҿы атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаареи иалацәажәеит.Кәыҵниа иҳәеит, аусбарҭа аматериал-техникатә еиқәыршәареи, ааха зауз ауаа зызнеира уадаҩу аҭыԥқәа рҟнытә рахыгаразы иҷыдоу ахархәагақәа раахәара ртәы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.Иара убас, амшхәаԥштә аҿы иқәгылан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аизырҳаразы аусшәҟәқәа реиқәыршәара азҵаара.Никарагуа аҭаараАԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьенцкеи реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.Дара алацәажәеит аекономикеи, ахәаахәҭреи, акультуреи рҿы ҩганктәи аусеицура арҭбаара, аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадара арӷәӷәараҿы аҩганктәи аинтерес шрымоу шьақәдырӷәӷәеит.Олег Барцыц иҳәеит Никарагуа ЕАР уахь иналаҵаны, арегионалтәи адунеизегьтәи аусмҩаԥгатәқәа рҿы иҟанаҵо адгылара аҵак ду шамоу, иазгәеиҭеит атәыла зыгәра угартә иҟоу партниорк аҳасабала Аԥсны шахәаԥшуа.Аԥснытәи аделегациа Никарагуа аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы Никарагуа Ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои реиԥылара мҩаԥысит.Аиԥылараҿы аҩганктәи ахәаахәҭра, аинвестициатә, абанктә усеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас акультуратә проектқәагьы ахшыҩзышьҭра рырҭеит, аҳамҭақәа еимырдеит.Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц амассатә информациатә хархәагақәа рзы Никарагуа апресс-конференциа мҩаԥигеит.Ҳҳәынҭқаррабжьаратәи еицәажәарақәа рыҽдырҭбаауеит, апроект ҿыцқәа рыла иҭәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр апресс-конференциаҟны.Иара Никарагуа аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьенцкеи рыбжьара имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа хра злоу ахәшьара риҭеитБарцыц иажәақәа рыла ари авизит атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аусеицура ԥхьаҟа изырӷәӷәо акакәхоит.Агидцәа русуреи аинспекциақәеиАԥсны аҭыԥантәи аспециалистцәа аламырхәыкәа аҳәаанырцәтәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа аусура рылшаӡом ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны атуризм аминистр Аԥсны Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рассоциациа ахаҭарнакцәа рԥылараҿы.Асҭамыр Логәуа ас еиԥш аусура азакәан ишаҿагыло азгәеиҭеит, азин ҷыда змоу аԥснытәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа аҳәаанырцәтәи агәыԥқәа ирыцҵалатәуп ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит.Ассоциациа аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит, аџьармыкьа асистематизациеи амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәреи рзы шьаҿак аҳасабала.Аусбарҭа иара убас, аҭыԥантәи аспециалистцәа рпозициақәа зырӷәӷәо, атуризм амаҵзура аиӷьтәра зылшо азинтәи аконструктивтәи аӡбарақәа рыдкылара акырӡа шаҵанакуа азгәарҭеит.Ииасыз амчыбжь азы Атуризм аминистрра Аҟәа, Турбаза араион аҿы иҟоу атуристтә инфраструктура аргыларақәа рҟны аилагарақәа аанарԥшит.Аплиажтә ҭыԥқәеи араион аҿы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәеи ргәаҭара мҩаԥган ауааԥсыра рыҳәарақәа инарықәыршәаны.Агәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны асанитартә ҭагылазаашьақәа ӷәӷәала реилагарақәа аарԥшын: аҭыԥ иахьаҵанакуа агәам ахыҵәара, агәамсамҭрақәа рыҭәра, ианаамҭоу агәамсам ақәымгара, иԥҽу атәарҭақәа, нап зыдкылам ашьаҟамҩақәа.Псковтәи аобласт аҟынтәи асасцәаАԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дырԥылеит Псковтәи аобласт аекономикатә ҿиара аминистр Андреи Михеев напхгара зиҭо аделегациа.Аиԥылара мҩаԥысит аобласт агубернатор Аԥсныҟа иаара аламҭалазы ҳәа аанацҳаит аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.Михеев иазгәеиҭеит арегион анапхгара шазҿлымҳау еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсны аусеицура – аекономика, акультура, агуманитартә хырхарҭақәа..Аушьҭратә церемониаАԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Волгоград ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Академиа аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьара далахәын ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Сынтәа аҵараиурҭа иалгеит ааҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа — криминалистцәоуп, егьырҭ "Аҩнуҵҟатәи аусқәа заанаҵтәи аҭҵаара" азанааҭ ала рҵара хдыркәшеит.Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Урыстәыла рҵараҵараз алшара шьаҭас иамоуп атәылақәа рыҩба русбарҭақәа аусеицуразы реиқәшаҳаҭра.Адепутат ҿыц далхупАсҭамыр Џьопуа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс далхуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә комиссиа ахантәаҩы Станислав Занҭариа..Алхрақәа мҩаԥысит 34,2% ауаа рааирала, 4000-ҩык инареиҳаны алхыҩцәа рҟынтәи 1405-ҩык ауаа рыбжьы рҭиит26-тәи араион аҿы абжьыҭира хыркәшахеит асааҭ 20:00 рзы.Џьопуа Асҭамыр Даур-иԥа диит 1991 шықәсазы. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аинформациеи аналитикеи рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп. Дынхоит Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан.Аҿагылара иацҵоупАҟәа ақалақь аҿы амаининг аҿагыларазы аоперативтә штаб аусура еиҭахацдыркит.Аштаб аиҳабы ҿыцс дҟаҵоуп аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба. Аилацәажәараҿы иара еиҭаҵуа агәыԥқәа рреидқәа рымҩаԥгара реиҭалагаразы анапынҵа риҭеит. Урҭ ирыҵаркуеит: ақалақь анапхгараҭа, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа, Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа, "Амшынеиқәафымцамч", "Афымцаҭира" рхаҭарнакцәа.Уи адагьы, аштаб хшыҩзышьҭра рнаҭоит афымцамчтә ҳақәа закәаншьаҭада х-фазак рҿаԥшьра.Гәылрыԥшь аилацәажәараАԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани злахәыз еиҵыхыз аҳасабырбатә еилатәара мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион ахадараҿы, ԥхынгәы 24 рзы.Араион ахада Саид Ҳаразиа иажәақәа рыла, абыуџьет ахашәалахәы 128% рыла иацҵоуп – 150,6 миллион мааҭ планла иахьыҟаз ахашәалахәы 193,8 миллион ҟалеит.Абиуџьет ахашәалахәы ахыҵхырҭа хадақәа рахь иаҵанакуан ахашәалахәытә шәахтәи афеидазы ашәахтәи; ахатә хашәалахәы хкқәа 14 рҟынтәи аплан зегьы рҿы инагӡан, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаразиа. Абиуџьет ахарџьтә ган 94% рыла инагӡоуп. 183,9 миллион мааҭ планла иахьарбаз ахарџьқәа 173,5 миллион мааҭ ҟалеит, 2024 шықәса абри аамҭазы иҟаҵаз ахарџьқәа раасҭа ари 16% еиҳауп.Ҳазҭоу ашықәс азбжазтәи арбагақәа Гәылрыԥшь араион аҿиара шамоу аанарԥшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба аҳасабырбақәа данырзыӡырҩы ашьҭахь.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла анапхгара араион аҭахрақәа ишрызҿлымҳау, аҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара ишашьҭоу.Иара убасгьы Делба иазгәеиҭеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра абиуџьеттә рбагақәа шаҟа ирнырыз.Иара убас, аԥыза-министр афымцамч ахәшәара арбагақәа бзиоуп ҳәа ахиҳәааит.Астратегиатә сессиаАҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы астратегиатә сессиа "Аԥсны – Урыстәыла: аҿар русеицура" мҩаԥысит.Аусмҩаԥгатә иалахәын Роспатриотцентр, "Движение Первых", аиҿкаара "Твой Ход" рхаҭарнакцәа.аҵарадырреи, акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҿар рполитикеи рзы рпроектқәеи рыпрограммақәеи ӡырыргеит.Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аспециалист хада Саид Ҟәланба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реимадара даара активла ишымҩаԥысуа.Ҳазҭоу аамҭазы иарбоу аиҿкаарақәа рпроектқәа жәпакы рхы рыладырхәуеит аԥснытәи аҿар, ареспубликаҿы урҭ рхаҭарнакрақәа раартра иадрыԥхьалоит.АрыцҳарақәаТҟәарчал ахра даҿҟьаны дҭахеит Москвантәи иааз туристк ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.Арыцҳара ҟалеит Тҟәарчал араион Аҟармара ақыҭан иҟоу аӡхыҽҽа Великан аҿы, 46 шықәса зхыҵуа Николаи Пронин ахра даҿҟьаны дҭахеит.Ахҭыс азы адырра ҟалеит асааҭ 15:45 рзы. Аиқәырхаҩцәа ирласны аҭыԥ ахь инеит, иҭахаз иԥсыбаҩ ашьҭыхразы аусурақәа мҩаԥысуеит.Гагра араион аҿы гәыԥҩык атуристцәа аиҩхааҭшәаҟны иҭахеит ақәаршыҩ иахҟьаны аӡиас Ҳашԥсы ӷәӷәала ианышьҭыҵ.Аиҩхааҭшәа аҟынтәи ааҩык ауаа ашахақәа рыла иҭыргеит, аӡәгьы ааха имоуӡеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250721/asotsial-ekonomikat-useitsurazy-aiabyrabzharat-komissia-ailatara-maysueit-aa-1056254600.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250724/gynba-putin-didyshshyleit-amurti-aoblast-any-ikaaz-aairplan-inamadany-1056367745.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250724/gynba-didyshshyleit-aarau-or-khiuitt-ishma-lysazaara-dakhalyz-inamadany-1056367850.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250724/ukrainati-adrona-shacha-azhlara-ialatsazheit-asny-asharadarat-kheilak-ailataray-1056348083.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250725/badra-gynba-daaait-akhyei-ayshtsei-rzy-auadara-eikaau-alager-1056424617.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250723/pitsunda-iaatit-rakhati-zhlarbzharati-agastrofestival-1056324092.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250723/bartsyts-nikaragua-aikh-a-rzy-apress-konferentsia-maigeit-1056309470.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250724/asny-mragylarati-akhay-aturistt-marshrut-yts-aakhoit-1056368569.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250722/aturizm-aministrra-aa-aturistt-rgylaraa-ry-ailagaraa-aanarshit-1056301532.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250725/1056404577.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250724/delba-azou-ashys-azbzhazti-arbagaa-gylrysh-araion-aiara-shamou-aanarshueit-1056346767.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250724/aa-iou-moskva-any-ay-astrategiat-sessia-asny--urystyla-aar-ruseitsura-aatit-1056355677.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/15/1056238459_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_ee5b48dfec064f185c1c3a62a65d21c3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак Аԥсны иусуратә ҭаара шымҩаԥысыз, ареспублика асоциал-економикатә ҿиара апрограмма ахәшьара шаҭаз, ареспубликаҿы Абираҟ Амш шазгәарҭаз, Пицунда раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи агастрофестиваль шымҩаԥысыз Sputnik аматериалқәа рҿы.
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак усутә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит ԥхынгәы 21 азы.
Аҳәааҟны иара еиԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Аҟәа ақалақь аҿы зыргылара иаҿу ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа гәарҭеит.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбра аргыларазы, амедицинатә маругақәа уахь иналаҵаны ахарџьнҵа — 727 млн мааҭ артәоит.
Аусурақәа 2026 шықәсазы ихыркәшахоит, уи аамҭеихшара иақәыршәаны имҩаԥысуеит. Ахыбра ашьаҭа ргылоуп, даҽа еихагылаки аҭуани рыргылароуп иаанханы иҟоу.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа иҳәеит Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз
ангиограф цәыббрамзазы аусура иалагараны ишыҟоу. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ангиограф аусура алагара иабзоураны, зқьыла ауаа амедицинатә цхыраара рыҭара алыршахоит ҳәа азгәеиҭеит.
Иара убри амш азы Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Александр Новаки аҟәатәи
аҳаирбаӷәаза иаҭааит, уи аусура гәарҭеит иалацәажәеит ԥхьаҟатәи аҿиара. Иара убасгьы Очамчыра араион Лабра ақыҭан аҩызауад иаҭааит.
Анаплакҩы Николаи Ачба асасцәа анаплакы, иара убасгьы аԥсуа ҩы аҟаҵара амузеи дирбеит.
Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицуразы аҩажәатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит.
Уи аихшьаалақәа рыла, ареспублика аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.
Аиԥылараҿы аганқәа 2022-2025 шықәсқәа рзтәи аҳәынҭқарратә программа аамҭахәҭа иалагӡаны асоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара аизырҳаразы еицымҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит, анаҩстәи ашықәсқәа рзы ихадароу ауснагӡатәқәа алкаан, урҭ аилатәара аԥкаанҵаҿы иарбоуп.
Хаҭала, Александр Новак иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәыла азы зыгәра угаша ҩызара-партниорны ишыҟоу.
"Ҳара иаҳзеиԥшу аидеиақәа, аԥшьгамҭақәа, адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа рзы иаку азнеишьа ҳамоуп, адунеи ахырхарҭа рацәара амазароуп ҳәа ҳгәаанагара еиԥшуп. Ҳара арратә операциа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Урыстәыла иазыҟанаҵаз адгыларазы ҷыдала ҭабуп ҳәа ҳҳәоит, аԥсуаа ари аоперациа ралахәхара ахә ҳаракны иаҳшьоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Новак инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика аҿиаразы алшара дуқәа шамоу, урҭ Урыстәыла ацхыраарала рынагӡара шалыршахо. Аԥсны ақыҭанхамҩа арҿиара, аалыҵи, атуризми рыҿиареи аԥхьагылара змоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп.
Иара убас, аганқәа 2030 шықәсанӡа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма апроект цәыббрамза 1 азынӡа аус шадыруло азы адырра ҟарҵеит. Адокумент абҵара 1 азы ирыдыркылоит.
Ахада иҟынтәи адышшыларақәа
Аилахәыра "Ангара" иатәу аҳаирплан Благовешьенскнтәи Тындуҟа иԥыруан, иара аҭыԥанӡа анаӡара рацәак шагмыз икаҳаит.
Аҳаирплан иҭатәан 45-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан хәҩык ахәыҷқәеи фҩык аекипаж алахәылацәеи. Дара зегьы ҭахеит.
Бадра Гәынба Владимир Путин дидышшылеит Амуртәи аобласт аҟны икаҳаз аҳаирплан Ан-42 иахҟьаны ауаа ахьҭахаз инамаданы.
"Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы гәалсрала ҳрыдышшылоит иҟалаз арыцҳара ду инамаданы. Рхьаа рыцеиҩаҳшоит зыуацәеи зҭынхацәеи ас еиҧш ахлымӡаах иалаӡыз, ачҳареи аӷәӷәареи рзеиӷьаҳшьоит", — ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.
"Гәалсра дула исыдыскылеит шәзыниаз арыцҳара. Шәара шәҭаацәа рџьабаа рацәоуп аҳәаанырцә Аԥсны адгылара аҭаразы, ҳмилаҭтә ҭҵаарадырреи акультуреи рӡыргараҟны. Абарҭ аусқәа рҿы ааԥсара лықәымкәан еснагь дарӷьажәҩан дшәывагылан шәыԥшәмаԥҳәыс Заира Хьиԥҳа", — ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Ииасыз ахашаҽны Аԥсны иазгәарҭеит Абираҟ Амш. Атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны имҩаԥысит аныҳәатә уснагӡатәқәа.
Атәыла ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш
рыдиныҳәалеит.
"Ԥхынгәы 23 Аԥсны Аҳәынҭқарра азы акыр зҵазкуа мшуп. 1992 шықәсазы Владислав Арӡынба хантәаҩыс дызмаз Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы ҳҳәынҭқарра аиҭарҿиара иасимволны иҟалаз Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәдырӷәӷәеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа. Аусмҩаԥгатә хацыркхеит Аԥсны Аҳәынҭқарра агимн арҳәарала. Анаҩс асценахь ицәырҵит авокалтәи ахореографиатәи ансамбльқәа, иара убас аԥсуа естрада артистцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәырӷәӷәан ԥхынгәы 23 1992 шықәсазы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны. Дара авторс дрымоуп асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.
Абираҟ шьаҭас иамоуп Аԥсны аҳәынҭқарра ажәытәӡатәи асимвол. Аескиз аԥҵан апарламенттә комиссиа ахылаԥшрала, уи ареспублика актәи ахада Владислав Арӡынба ишьақәирӷәӷәеит.
Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа "Аԥсны абираҟқәа".
Аԥараҿырпқәа ареверс ала ахәԥсацәҟьеи аемитенти змоу аҩырала ирԥшӡоуп. Армарахь ала иануп ианҭыжьыз арыцхәи Аԥсны аҳәынҭқарратә герб асахьеи.
Ареверс ала иануп аԥсуа ҽыуаҩ аеҵәақәа рахь ахыц шдәықәиҵо – уи нарҭтә епоси Аԥсны агерби ирызкуп.
Аԥараҿырпы атираж — 100 цырак, рыхәԥсацәҟьа — 100 ԥсарк иҟоуп.
Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара
Украинатәи адронқәа Шәача ажәлара иалацәажәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иҟалаз ахҭыс азы ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Дара иазгәарҭеит дронқәак ареспублика аҳауатә ҵакыра еиларгеит ҳәа.
Гәынба Атәылахьчара аминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи ирыдиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи Урыстәылатәи абжьбатәи арратә базеи дареи аҵак ду змоу ахыбрақәа рыхьчаразы реимадарақәа дырӷәӷәаразы.
Шәача ԥхынгәы 23-24 руха дронла ажәлараан иҭахеит ҩыџьа, аахақәа роуит жәеизаҩык.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба даҭааит ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы Ауадҳара еиҿкаау аспорт-гәабзиарахьчаратә лагерь.
Гәынба иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу алагерқәа рҿы аԥсшьара ахәыҷқәа шеиднакыло.
Алагерь аус ауеижьҭеи хышықәса ҵуеит, еиҿнакаауеит — Афонҿыцтәи аҿартә еиҿкаара "Аԥсар".
Аԥхын иалагӡаны 500-ҩык ахәыҷқәа рыдыркылоит ареспублика еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи. Дара ашьханыҟәарақәа рахь ицоит, ахыци-ахәымпали рыла ахысшьа рҵоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирԥылоит, аспелеологиа аганахьала ихадароу дыррақәа рзеиҭарҳәоит.
Раԥхьатәи агастрофестиваль Пицунда
Пицунда иаатит раԥхьатәи жәларбжьаратәи агастрофестиваль.
Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рҟынтәи 40-ҩык инареиҳаны алахәылацәа раалыҵ ӡырыргеит.
Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирыдыргалоит ԥсабарала ицқьоу аалыҵқәа, аӡымҭақәа, арыжәтәқәа, ашәҭқәа, аҳамҭаҷқәа, амҿи агипси ирылху анапкымҭақәа.
Пицунда Ақалақь амш азгәаҭара иазку аконцерт мҩаԥган. Ақалақь ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәаларц ирҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.
Аҳәынҭқарра ахада Пицунда ибеиоу аҭоурыхи иблахкыгоу аԥсабареи рыла ирылукаауеит, убри аангьы ақалақь ауааԥсыра рысасдкылашьа шьахәуп ҳәа азгәеиҭеит.
"Аныҳәамш аҽны иаҳгәалаҳмаршәарц залшом аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз пицундаа. Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы шәықалақь гәакьахь ишәымаз абзиабара еиқәырханы, иамаз ахьӡ-аԥша аихаҳара шәаҿуп", — иҳәеит иара.
Пицунда ақалақь астатус аиуит 2007 шықәсазы, раԥхьа ара аиланхарҭа ҭоурыхла ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазы иазгәаҭоуп.
Аҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа реицазхаҵара
Аԥыза-министр Михаил Мишустин Аҧсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа аицызхаҵаразы апроект дақәшаҳаҭхеит. Иара азинтә актқәа рпортал аҿы икьыԥхьуп.
Адокумент заанаҵы аԥсуа гани дареи иалацәажәахьан. Адокумент рыднагалеит Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистрра, адәныҟатәи аусқәа рминистрреи еиқәшаҳаҭны.
Амодернизациеи аквалификациеи
Аекспертцәа Аҟәа араион ашьха ҳаракқыҭа Ԥсҳәы афымцамчтә обиектқәа гәарҭеит, ҳәа аанацҳауеит аенергетика Аминистрра.
Ишьақәдырӷәӷәахьоу аплан инақәыршәаны, афымцамчтә система арҿыцра иадҳәалоу аусурақәа шьаҿа-шьаҿала ихацыркхоит, ҳәа аанацҳауеит аенергетика Аминистрра.
Аҳаиртә цәаҳәақәа рырҿыцразы 5 километра ателқәа рзалхуп, хара имгакәа даҽа 2к рышьҭраны иҟоуп. Иара убас, аҩбатәи агенератор атурбинақәа рырҽеира азԥхьагәаҭоуп.
Аусурақәа Ԥсҳәы анагӡаразы "Амшынеиқәафымцамч" аштат еизырҳауп, амонтерцәа рхыԥхьаӡара иацҵаны.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәбеи аилахәыра "Россети" ахаҭарнакцәеи алацәажәеит аԥснытәи аҟазацәа рзы аҵарадырратә программақәеи аԥышәахысрақәеи ртәы.
Аиԥылараҿы Баҭал Мышәбеи аилахәыра анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Палина Каниукеи иԥхьагылоу аилахәыра анаплакқәа рҿы аԥышәахысраз иҟоу алшарақәа ирыхәаԥшит ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра.
Иара убас, ашәарақәа реизгара аизырҳара, аенергетикатә еилахәырақәа рҭышәынтәалара аиқәыршәара, урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа ҳасаб азуны, астанциа маҷқәеи афымцаҳақәеи рырҽеира иадҳәалоу аԥышәа аимдара уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Акурорттә аамҭазы аусурақәа
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи акурорт аамҭазы Аԥсны АҶА аусуреи аплиажқәеи атуристтә хырхарҭақәеи рҿы атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаареи иалацәажәеит.
Кәыҵниа иҳәеит, аусбарҭа аматериал-техникатә еиқәыршәареи, ааха зауз ауаа зызнеира уадаҩу аҭыԥқәа рҟнытә рахыгаразы иҷыдоу ахархәагақәа раахәара ртәы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
Иара убас, амшхәаԥштә аҿы иқәгылан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аизырҳаразы аусшәҟәқәа реиқәыршәара азҵаара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьенцкеи реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Дара алацәажәеит аекономикеи, ахәаахәҭреи, акультуреи рҿы ҩганктәи аусеицура арҭбаара, аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадара арӷәӷәараҿы аҩганктәи аинтерес шрымоу шьақәдырӷәӷәеит.
Олег Барцыц иҳәеит Никарагуа ЕАР уахь иналаҵаны, арегионалтәи адунеизегьтәи аусмҩаԥгатәқәа рҿы иҟанаҵо адгылара аҵак ду шамоу, иазгәеиҭеит атәыла зыгәра угартә иҟоу партниорк аҳасабала Аԥсны шахәаԥшуа.
Аԥснытәи аделегациа Никарагуа аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы Никарагуа Ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы аҩганктәи ахәаахәҭра, аинвестициатә, абанктә усеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас акультуратә проектқәагьы ахшыҩзышьҭра рырҭеит, аҳамҭақәа еимырдеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц амассатә информациатә хархәагақәа рзы Никарагуа апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Ҳҳәынҭқаррабжьаратәи еицәажәарақәа рыҽдырҭбаауеит, апроект ҿыцқәа рыла иҭәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр апресс-конференциаҟны.
Иара Никарагуа аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьенцкеи рыбжьара имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа хра злоу ахәшьара риҭеит
Барцыц иажәақәа рыла ари авизит атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аусеицура ԥхьаҟа изырӷәӷәо акакәхоит.
Агидцәа русуреи аинспекциақәеи
Аԥсны аҭыԥантәи аспециалистцәа аламырхәыкәа аҳәаанырцәтәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа аусура рылшаӡом ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны атуризм аминистр Аԥсны Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рассоциациа ахаҭарнакцәа рԥылараҿы.
Асҭамыр Логәуа ас еиԥш аусура азакәан ишаҿагыло азгәеиҭеит, азин ҷыда змоу аԥснытәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа аҳәаанырцәтәи агәыԥқәа ирыцҵалатәуп ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит.
Ассоциациа аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит, аџьармыкьа асистематизациеи амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәреи рзы шьаҿак аҳасабала.
Аусбарҭа иара убас, аҭыԥантәи аспециалистцәа рпозициақәа зырӷәӷәо, атуризм амаҵзура аиӷьтәра зылшо азинтәи аконструктивтәи аӡбарақәа рыдкылара акырӡа шаҵанакуа азгәарҭеит.
Ииасыз амчыбжь азы Атуризм аминистрра Аҟәа, Турбаза араион аҿы иҟоу атуристтә инфраструктура аргыларақәа рҟны аилагарақәа аанарԥшит.
Аплиажтә ҭыԥқәеи араион аҿы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәеи ргәаҭара мҩаԥган ауааԥсыра рыҳәарақәа инарықәыршәаны.
Агәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны асанитартә ҭагылазаашьақәа ӷәӷәала реилагарақәа аарԥшын: аҭыԥ иахьаҵанакуа агәам ахыҵәара, агәамсамҭрақәа рыҭәра, ианаамҭоу агәамсам ақәымгара, иԥҽу атәарҭақәа, нап зыдкылам ашьаҟамҩақәа.
Псковтәи аобласт аҟынтәи асасцәа
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дырԥылеит Псковтәи аобласт аекономикатә ҿиара аминистр Андреи Михеев напхгара зиҭо аделегациа.
Аиԥылара мҩаԥысит аобласт агубернатор Аԥсныҟа иаара аламҭалазы ҳәа аанацҳаит аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Михеев иазгәеиҭеит арегион анапхгара шазҿлымҳау еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсны аусеицура – аекономика, акультура, агуманитартә хырхарҭақәа..
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Волгоград ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Академиа аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьара далахәын ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Сынтәа аҵараиурҭа иалгеит ааҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа — криминалистцәоуп, егьырҭ "Аҩнуҵҟатәи аусқәа заанаҵтәи аҭҵаара" азанааҭ ала рҵара хдыркәшеит.
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Урыстәыла рҵараҵараз алшара шьаҭас иамоуп атәылақәа рыҩба русбарҭақәа аусеицуразы реиқәшаҳаҭра.
Асҭамыр Џьопуа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс далхуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә комиссиа ахантәаҩы Станислав Занҭариа..
Алхрақәа мҩаԥысит 34,2% ауаа рааирала, 4000-ҩык инареиҳаны алхыҩцәа рҟынтәи 1405-ҩык ауаа рыбжьы рҭиит
26-тәи араион аҿы абжьыҭира хыркәшахеит асааҭ 20:00 рзы.
Џьопуа Асҭамыр Даур-иԥа диит 1991 шықәсазы. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аинформациеи аналитикеи рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп. Дынхоит Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан.
Аҟәа ақалақь аҿы амаининг аҿагыларазы аоперативтә штаб аусура еиҭахацдыркит.
Аштаб аиҳабы ҿыцс дҟаҵоуп аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба. Аилацәажәараҿы иара еиҭаҵуа агәыԥқәа рреидқәа рымҩаԥгара реиҭалагаразы анапынҵа риҭеит. Урҭ ирыҵаркуеит: ақалақь анапхгараҭа, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа, Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа, "Амшынеиқәафымцамч", "Афымцаҭира" рхаҭарнакцәа.
Уи адагьы, аштаб хшыҩзышьҭра рнаҭоит афымцамчтә ҳақәа закәаншьаҭада х-фазак рҿаԥшьра.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани злахәыз еиҵыхыз аҳасабырбатә еилатәара мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион ахадараҿы, ԥхынгәы 24 рзы.
Араион ахада Саид Ҳаразиа иажәақәа рыла, абыуџьет ахашәалахәы 128% рыла иацҵоуп – 150,6 миллион мааҭ планла иахьыҟаз ахашәалахәы 193,8 миллион ҟалеит.
Абиуџьет ахашәалахәы ахыҵхырҭа хадақәа рахь иаҵанакуан ахашәалахәытә шәахтәи афеидазы ашәахтәи; ахатә хашәалахәы хкқәа 14 рҟынтәи аплан зегьы рҿы инагӡан, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаразиа. Абиуџьет ахарџьтә ган 94% рыла инагӡоуп. 183,9 миллион мааҭ планла иахьарбаз ахарџьқәа 173,5 миллион мааҭ ҟалеит, 2024 шықәса абри аамҭазы иҟаҵаз ахарџьқәа раасҭа ари 16% еиҳауп.
Ҳазҭоу ашықәс азбжазтәи арбагақәа Гәылрыԥшь араион аҿиара шамоу аанарԥшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба аҳасабырбақәа данырзыӡырҩы ашьҭахь.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла анапхгара араион аҭахрақәа ишрызҿлымҳау, аҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара ишашьҭоу.
Иара убасгьы Делба иазгәеиҭеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра абиуџьеттә рбагақәа шаҟа ирнырыз.
"Инвесторк ацхыраара ҟаиҵеит – шықәсыбжак ала араион абиүџьет аҭагылазаашьа 45 миллион мааҭ рыла аҽаԥсахит, уи иаразнак акыр ауадаҩрақәа рыӡбара алнаршеит", — азгәеиҭеит иара.
Иара убас, аԥыза-министр афымцамч ахәшәара арбагақәа бзиоуп ҳәа ахиҳәааит.
Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы астратегиатә сессиа "Аԥсны – Урыстәыла: аҿар русеицура" мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Роспатриотцентр, "Движение Первых", аиҿкаара "Твой Ход" рхаҭарнакцәа.
аҵарадырреи, акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҿар рполитикеи рзы рпроектқәеи рыпрограммақәеи ӡырыргеит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аспециалист хада Саид Ҟәланба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реимадара даара активла ишымҩаԥысуа.
Ҳазҭоу аамҭазы иарбоу аиҿкаарақәа рпроектқәа жәпакы рхы рыладырхәуеит аԥснытәи аҿар, ареспубликаҿы урҭ рхаҭарнакрақәа раартра иадрыԥхьалоит.
Тҟәарчал ахра даҿҟьаны дҭахеит Москвантәи иааз туристк ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.
Арыцҳара ҟалеит Тҟәарчал араион Аҟармара ақыҭан иҟоу аӡхыҽҽа Великан аҿы, 46 шықәса зхыҵуа Николаи Пронин ахра даҿҟьаны дҭахеит.
Ахҭыс азы адырра ҟалеит асааҭ 15:45 рзы. Аиқәырхаҩцәа ирласны аҭыԥ ахь инеит, иҭахаз иԥсыбаҩ ашьҭыхразы аусурақәа мҩаԥысуеит.
Гагра араион аҿы гәыԥҩык атуристцәа аиҩхааҭшәаҟны иҭахеит ақәаршыҩ иахҟьаны аӡиас Ҳашԥсы ӷәӷәала ианышьҭыҵ.
Аиҩхааҭшәа аҟынтәи ааҩык ауаа ашахақәа рыла иҭыргеит, аӡәгьы ааха имоуӡеит.