https://sputnik-abkhazia.info/20250724/gynba-didyshshyleit-aarau-or-khiuitt-ishma-lysazaara-dakhalyz-inamadany-1056367850.html
Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ Џьорџь Хьиуитт иԥшәма лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы
Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ Џьорџь Хьиуитт иԥшәма лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа... 24.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-24T20:39+0300
2025-07-24T20:39+0300
2025-07-24T20:39+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032063127_0:79:1498:922_1920x0_80_0_0_9e7907c501075aa5817e158b572303cd.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.Џьорџь Хьиуитт — зыхьӡ нагоу англыз ҵарауаҩ, адипломат адунеи аҿы ибзиаӡаны ирдыруа иоуп. Хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә, апублицистикатә усумҭақәа дравторуп. Џьорџь Хьиуитт кавказҭҵаара иҽазикит дышқәыԥшыз, аамҭала Қарҭ аспирантура дҭан; Ҭырқәтәыла дыҟан, уа инхоз ашьхарыуа жәларқәа рбызшәа ҭиҵаауан теориала. Иҭаххеит аԥсуа-адыга бызшәақәа еиҳа дырзааигәахарц, усҟан инасыԥ ицныҟәеит, игәҭакгьы наӡеит — аԥсшәа илырҵон абызшәадырҩы қәыԥш Заира Хьиԥҳа, анаҩс иразҟхаз. Хьиуитт иҭҵаарадырра инаваргыланы ирацәоуп аԥсшәаҟынтә атәым бызшәақәа рахь еиҭеигахьоу Аԥсны аҭоурых, акультура, афольклор ирызку аусумҭақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032063127_83:0:1416:1000_1920x0_80_0_0_3737eda00892f04b22e640b110b23449.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ Џьорџь Хьиуитт иԥшәма лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидышшылеит аҵарауҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.
"Гәалсра дула исыдыскылеит шәзыниаз арыцҳара. Шәара шәҭаацәа рџьабаа рацәоуп аҳәаанырцә Аԥсны адгылара аҭаразы, ҳмилаҭтә ҭҵаарадырреи акультуреи рӡыргараҟны. Абарҭ аусқәа рҿы ааԥсара лықәымкәан еснагь дарӷьажәҩан дшәывагылан шәыԥшәмаԥҳәыс Заира Хьиԥҳа", — ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Џьорџь Хьиуитт — зыхьӡ нагоу англыз ҵарауаҩ, адипломат адунеи аҿы ибзиаӡаны ирдыруа иоуп. Хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә, апублицистикатә усумҭақәа дравторуп.
Џьорџь Хьиуитт кавказҭҵаара иҽазикит дышқәыԥшыз, аамҭала Қарҭ аспирантура дҭан; Ҭырқәтәыла дыҟан, уа инхоз ашьхарыуа жәларқәа рбызшәа ҭиҵаауан теориала. Иҭаххеит аԥсуа-адыга бызшәақәа еиҳа дырзааигәахарц, усҟан инасыԥ ицныҟәеит, игәҭакгьы наӡеит — аԥсшәа илырҵон абызшәадырҩы қәыԥш Заира Хьиԥҳа, анаҩс иразҟхаз.
Хьиуитт иҭҵаарадырра инаваргыланы ирацәоуп аԥсшәаҟынтә атәым бызшәақәа рахь еиҭеигахьоу Аԥсны аҭоурых, акультура, афольклор ирызку аусумҭақәа.