https://sputnik-abkhazia.info/20250730/aati-abaaza-shachanti-kometa-adkylara-iazkhioup-1056539520.html
Аҟәатәи абаӷәаза Шәачантәи "Комета" адкылара иазхиоуп
Аҟәатәи абаӷәаза Шәачантәи "Комета" адкылара иазхиоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аҟәатәи абаӷәаза Шәачантәи "Комета" адкылара иазхиоуп. 30.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-30T14:04+0300
2025-07-30T14:04+0300
2025-07-30T17:25+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1e/1056546342_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_67db601f7b00614102daab1e073d9994.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аҟәатәи абаӷәаза Шәачантәи "Комета" адкылара иазхиоуп.Амшын баӷәаза аханатә еиуеиԥшым апассаџьыртә ӷбақәа рыдкылара иазырхиан, аха аӷба зтәу иҟаиҵаз аҳәарала, аспециалистцәа инацҵоу аусурақәа мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара" анџьныр хада Григори Тамбиа."Комета" 35,2 метра аура змоу пассаџьыртә ӷбоуп, 30 ӷбаццакыра амоуп, аекипаж налаҵаны 120-ҩык ауаа акуеит.Шәачеи Аҟәеи рыбжьара раԥхьатәи аԥышәаратә ныҟәара азгәаҭоуп нанҳәамза 6 рзы. Абри азы аӡбара рыдыркылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа дааны абаӷәаза ангәеиҭаз ашьҭахь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1e/1056546342_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_08e493a5fc7bcecb026239e19f32cca0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аҟәатәи абаӷәаза Шәачантәи "Комета" адкылара иазхиоуп
14:04 30.07.2025 (ирҿыцуп: 17:25 30.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аҟәатәи абаӷәаза Шәачантәи "Комета" адкылара иазхиоуп.
Амшын баӷәаза аханатә еиуеиԥшым апассаџьыртә ӷбақәа рыдкылара иазырхиан, аха аӷба зтәу иҟаиҵаз аҳәарала, аспециалистцәа инацҵоу аусурақәа мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара" анџьныр хада Григори Тамбиа.
"Комета" 35,2 метра аура змоу пассаџьыртә ӷбоуп, 30 ӷбаццакыра амоуп, аекипаж налаҵаны 120-ҩык ауаа акуеит.
Шәачеи Аҟәеи рыбжьара раԥхьатәи аԥышәаратә ныҟәара азгәаҭоуп нанҳәамза 6 рзы. Абри азы аӡбара рыдыркылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа дааны абаӷәаза ангәеиҭаз ашьҭахь.