https://sputnik-abkhazia.info/20250804/1056670523.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
04.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-04T13:01+0300
2025-08-04T13:01+0300
2025-08-04T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/04/1056670391_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_60e2cdab4e9d8d07eb3132a426568719.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль "Таврида.АРТ" аҟны Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко дицны иацы арт-ныҟәара ихы алаирхәит, иара убас дахәаԥшит амультимедиатә қәыргыламҭа "Рыжәҩахыр еибыҭа: аҟазареи Аиааиреи".Уи адагьы, "Таврида" аҵакыраҿы иаадыртит Аԥсны Аҩны. Уаҟа Бадра Гәынба дырԥылеит ареспублика аҟнытә афестиваль алахәылацәа – Алан Бесланиԥа, Лана Нарсиа, Татиана Линодат. Ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ҷыдала ахшыҩзышьҭра шанаҭо аҿар рҟазара аизырҳаразы.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара даара еизааигәоу агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иаҿуп иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.Иара аԥснытәи аделегациа даланы Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль "Таврида.АРТ" аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.Ҳагба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика ахаҭарнакцәа Урыстәыла имҩаԥысуа аҿар рҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәыр шрылшо."Ари аԥышәа аимдара, адыррақәа реимдара ауп. Ҳәарада, ҳара иҳамоуп алшара ҳкультура алацәажәаразы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҟәеи Санкт-Петербурги ишиашоу аҳаиреимадара шьақәдыргылоит.Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟынтәи раԥхьатәи ареис инықәырԥшны иҟалараны иҟоуп, нанҳәамза азбжазы ҳәа Sputnik адырра анаҭеит Аԥсны Аенергетика аминистрра.Атуроператор "Библио-Глобус" ишазгәанаҭо ала, аилахәыра iFly иатәу Airbus A330 актәи аԥырра азгәаҭоуп нанҳәа 14 рзы, аҩбатәи – нанҳәа 20 рзы.Анаҩс аҳаирплан ақалақьқәа ирыбжьыслоит мчыбжьык ахьтә ҩынтә, аԥшьашалеи мҽышалеи.
Аҟәа имҩаԥгахоит ауаажәларратә ныҟәарақәа.Уи азы адҵа инапы аҵеиҩит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.Нанҳәа 5 инаркны 8 рҟынӡа Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы иаатуеит Аҟәатәи агастрофестиваль ду.Даҽа агастрономусмҩаԥгатәк – уи Амилаҭтә чыс афестиваль аатуеит нанҳәа 6 рзы Идырым асолдат ибаҟа азааигәара иҟоу апарк аҿы. Иара убас, уаҟа амастер-классқәеи аконцертқәеи мҩаԥгахоит.
Астол ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны ачемпионати аԥхьахәгареи аихшьаалақәа ҟарҵеит Аҟәа.Ачемпионат аҿы аиааирақәа ргеит Ренат Карчааи Ерика Кәарҷиаԥҳаи. Аицлабра иалахәын 22-ы аспортсменцәа, урҭ рҟнытә 7-ҩык аспорт азҟазацәа ракәын.Нестор Кәарҷиеи Николь Чалукиани 2008-2010 шықәсқәа рзы ииз аҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара аԥхьахәгараҿы иаиааит 2011 шықәса рзы ииз рыбжьара Даҭо Цколиеи Нинель Чалукиани.Ачемпионат иалахәын Аҟәеи Аԥсны ԥшь-раионки рҟнытә 48-ҩык аспортсменцәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль "Таврида.АРТ" аҟны Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко дицны иацы арт-ныҟәара ихы алаирхәит, иара убас дахәаԥшит амультимедиатә қәыргыламҭа "Рыжәҩахыр еибыҭа: аҟазареи Аиааиреи".Уи адагьы, "Таврида" аҵакыраҿы иаадыртит Аԥсны Аҩны. Уаҟа Бадра Гәынба дырԥылеит ареспублика аҟнытә афестиваль алахәылацәа – Алан Бесланиԥа, Лана Нарсиа, Татиана Линодат. Ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ҷыдала ахшыҩзышьҭра шанаҭо аҿар рҟазара аизырҳаразы. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара даара еизааигәоу агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иаҿуп иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.Иара аԥснытәи аделегациа даланы Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль "Таврида.АРТ" аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.Ҳагба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика ахаҭарнакцәа Урыстәыла имҩаԥысуа аҿар рҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәыр шрылшо."Ари аԥышәа аимдара, адыррақәа реимдара ауп. Ҳәарада, ҳара иҳамоуп алшара ҳкультура алацәажәаразы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Аҟәеи Санкт-Петербурги ишиашоу аҳаиреимадара шьақәдыргылоит.Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟынтәи раԥхьатәи ареис инықәырԥшны иҟалараны иҟоуп, нанҳәамза азбжазы ҳәа Sputnik адырра анаҭеит Аԥсны Аенергетика аминистрра.Атуроператор "Библио-Глобус" ишазгәанаҭо ала, аилахәыра iFly иатәу Airbus A330 актәи аԥырра азгәаҭоуп нанҳәа 14 рзы, аҩбатәи – нанҳәа 20 рзы.Анаҩс аҳаирплан ақалақьқәа ирыбжьыслоит мчыбжьык ахьтә ҩынтә, аԥшьашалеи мҽышалеи. Аҟәа имҩаԥгахоит ауаажәларратә ныҟәарақәа.Уи азы адҵа инапы аҵеиҩит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.Нанҳәа 5 инаркны 8 рҟынӡа Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы иаатуеит Аҟәатәи агастрофестиваль ду.Даҽа агастрономусмҩаԥгатәк – уи Амилаҭтә чыс афестиваль аатуеит нанҳәа 6 рзы Идырым асолдат ибаҟа азааигәара иҟоу апарк аҿы. Иара убас, уаҟа амастер-классқәеи аконцертқәеи мҩаԥгахоит. Астол ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны ачемпионати аԥхьахәгареи аихшьаалақәа ҟарҵеит Аҟәа.Ачемпионат аҿы аиааирақәа ргеит Ренат Карчааи Ерика Кәарҷиаԥҳаи. Аицлабра иалахәын 22-ы аспортсменцәа, урҭ рҟнытә 7-ҩык аспорт азҟазацәа ракәын.Нестор Кәарҷиеи Николь Чалукиани 2008-2010 шықәсқәа рзы ииз аҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара аԥхьахәгараҿы иаиааит 2011 шықәса рзы ииз рыбжьара Даҭо Цколиеи Нинель Чалукиани.Ачемпионат иалахәын Аҟәеи Аԥсны ԥшь-раионки рҟнытә 48-ҩык аспортсменцәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/04/1056670391_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_dfbdd9e21c2b3e99ef7ba7fd54703d02.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио