https://sputnik-abkhazia.info/20250804/urystyla-adnyati-ashykhrat-mazura-britania-du-amkabaa-ryla-adiversia-rgy-ioup-1056678211.html
Урыстәыла Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура Британиа Ду амкьаҭӷбақәа рыла адиверсиа ргәы иҭоуп
Урыстәыла Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура Британиа Ду амкьаҭӷбақәа рыла адиверсиа ргәы иҭоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Британиа ду амкьаҭӷбақәа рхархәарала Урыстәыла иаҿагыло адиверсиа амҩаԥгара агәы иҭоуп ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура. 04.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-04T15:30+0300
2025-08-04T15:30+0300
2025-08-04T17:45+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/03/1042941682_0:0:3071:1728_1920x0_80_0_0_d2736e1e013d11c4e26ca98f5cbe5a75.jpg
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Британиа ду амкьаҭӷбақәа рхархәарала Урыстәыла иаҿагыло адиверсиа амҩаԥгара агәы иҭоуп ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура. Адиверсиа хықәкыс иамоуп урыстәылатәи анефҭ аныҟәгара жәларбжьаратәи аӷбарныҟәаразы ашәарҭара аҵоуп ҳәа адунеи арбара. Адиверсиа мҩаԥыргараны иҟоуп украинатәи ашәарҭадаратә мчрақәа. Асценариқәа руак ала урҭ анефҭ мҩанызго амкьаҭӷба аныҟәарҭа ахьыҭшәоу аҭыԥқәа руак аҿы, иаҳҳәап, аӡыбжьахалаҿы амашәыр иақәшәартә аҭагылазаашьа аԥырҵоит. Иҟоуп даҽа варианткгьы – Урыстәыла иаҩызоу атәылақәа руак абаӷәазаҿы абаӷәаза аинфраструктура ааха аиурц азы амкьаҭӷба амца ацраҵара, нас ари аус жәларбжьаратәи аҭҵаара иалагарц. Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзураҿы иазгәарҭеит Лондон амашәыр иахҟьаны амедиақәа рҿы иҟалараны иҟоу аилаҩеиласрақәа Трамп иадминистрациа ақәыӷәӷәара азыруртә аҟаҵара азԥхьагәаҭаны ирымоуп, Америка, урыстәылатәи аенергетикатә ресурсқәа раахәаҩцәа рганахьала асанкциа ӷәӷәақәа аднакыларц азы ҳәа.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/03/1042941682_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_7ccfff948ffcecc040d45e1f10209287.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Британиа ду амкьаҭӷбақәа рхархәарала Урыстәыла иаҿагыло адиверсиа амҩаԥгара агәы иҭоуп ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура.
Адиверсиа хықәкыс иамоуп урыстәылатәи анефҭ аныҟәгара жәларбжьаратәи аӷбарныҟәаразы ашәарҭара аҵоуп ҳәа адунеи арбара.
Адиверсиа мҩаԥыргараны иҟоуп украинатәи ашәарҭадаратә мчрақәа. Асценариқәа руак ала урҭ анефҭ мҩанызго амкьаҭӷба аныҟәарҭа ахьыҭшәоу аҭыԥқәа руак аҿы, иаҳҳәап, аӡыбжьахалаҿы амашәыр иақәшәартә аҭагылазаашьа аԥырҵоит.
Иҟоуп даҽа варианткгьы – Урыстәыла иаҩызоу атәылақәа руак абаӷәазаҿы абаӷәаза аинфраструктура ааха аиурц азы амкьаҭӷба амца ацраҵара, нас ари аус жәларбжьаратәи аҭҵаара иалагарц.
Адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзураҿы иазгәарҭеит Лондон амашәыр иахҟьаны амедиақәа рҿы иҟалараны иҟоу аилаҩеиласрақәа Трамп иадминистрациа ақәыӷәӷәара азыруртә аҟаҵара азԥхьагәаҭаны ирымоуп, Америка, урыстәылатәи аенергетикатә ресурсқәа раахәаҩцәа рганахьала асанкциа ӷәӷәақәа аднакыларц азы ҳәа.