https://sputnik-abkhazia.info/20250805/urystylati-aaymtsa-gal-araion-ay-agaaraa-mayrgoit-1056705199.html
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. 05.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-05T14:00+0300
2025-08-05T14:00+0300
2025-08-05T15:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/05/1056698979_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_dcacee75a75e19ca9fe401a2f5791957.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Атәылауаа рыдкылара мҩаԥысуеит араионтә хәышәтәырҭаҿы, нанҳәамза 8 рҟынӡа. Аконсультациақәа мҩаԥыргоит 4 хырхарҭак рыла абарҭ аҟазацәа: ауролог, агинеколог, амаммолог-аонколог, аЛОР-ҳақьым. Иара иазгәеиҭеит ари аус шалыршахеит урыстәылатәи аиҿкаара "Жәлар Рфронт"-и, аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистцәеи, ареспублика агәабзиарахьчара аминистрреи, араион ахадареи реицхыраарала ҳәа. "Ас еиԥш аусмҩаԥгатә араҟа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Сгәанала, уи ԥхьаҟагьы еиҳагьы аҽарҭбаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Аминистр иажәақәа рыла, агәаҭарақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны, ачымазцәа аҭыԥантәи ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рҿы иахәҭоу ацхыраара роуеит, иаҭаххар, аҽыхәышәтәразы Урыстәылаҟа идәықәҵахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/05/1056698979_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_4fe553088fffb8897cead27c00937022.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Атәылауаа рыдкылара мҩаԥысуеит араионтә хәышәтәырҭаҿы, нанҳәамза 8 рҟынӡа. Аконсультациақәа мҩаԥыргоит 4 хырхарҭак рыла абарҭ аҟазацәа: ауролог, агинеколог, амаммолог-аонколог, аЛОР-ҳақьым.
"Уажәы ара Гали араион ауааԥсыра рымацара рыдагьы, егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәгьы агәаҭарақәа ирхысуеит", — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Иара иазгәеиҭеит ари аус шалыршахеит урыстәылатәи аиҿкаара "Жәлар Рфронт"-и, аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистцәеи, ареспублика агәабзиарахьчара аминистрреи, араион ахадареи реицхыраарала ҳәа.
"Ас еиԥш аусмҩаԥгатә араҟа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Сгәанала, уи ԥхьаҟагьы еиҳагьы аҽарҭбаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Аминистр иажәақәа рыла, агәаҭарақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны, ачымазцәа аҭыԥантәи ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рҿы иахәҭоу ацхыраара роуеит, иаҭаххар, аҽыхәышәтәразы Урыстәылаҟа идәықәҵахоит.