https://sputnik-abkhazia.info/20250806/1056724168.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
06.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-06T13:30+0300
2025-08-06T13:30+0300
2025-08-06T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/06/1056724036_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ddc513b97c2af93ba63ea0c92d492b93.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
*Сергеи Кириенко усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа дааит. Аҳаирбаӷәазаҿы уи диԥылеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аганқәа Урыстәыла адгыларала имҩаԥырго еицырзеиԥшу асоциалтә проектқәа ирылацәажәоит, акультуратәи атуристтәи инфраструктура аргыларақәеи анаплакқәа руаки ирҭаауеит.
*Аҟәа ақалақь аҿы зылшарақәа ԥку рзы аԥшаҳәа аадыртит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥшаҳәа еиқәыршәан аҭахрақәа зегьы хшыҩзышьҭра рыҭаны: апандусқәа, иҷыдоу амҩахәасҭақәа, аԥсшьарҭақәеи ареабилитациатә ҭыԥқәеи. Аҭыԥ еиқәыршәоуп зылшарақәа ԥку ауаа ршәарҭадареи рырманшәалареи рзы.Апроект аконкурс "Аԥсны акоманда" афиналист Руслана Гьергьедааԥҳа лаԥшьгарала Аҟәа ахадареи Урыстәылатәи аиҿкаара "Жәлар Рфронти" рыцхыраарала инагӡан
*Аҟәа агәамсамҭрақәа ҿыцқәа хәышә шьақәдыргылараны иҟоуп. Еиҳа ауаа ахьырацәоу амҩақәа рҿы 60 литр зҭаӡо агәамсамҭрақәа 70 рҟынӡа шьақәдыргылахьеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура. "Ақалақь ахадара реиԥш, аҳҭнықалақь иаланхо рзгьы акыр аҵанакуеит ацқьареи аиҿкаареи. Ҳара маҷ-маҷ ҳхықәкы ҳазнеиуеит. Акоммуналтә маҵзурақәа рпарк ҳарҿыцуеит, арыцқьаратә метод ҿыцқәа ԥаҳшәоит, уажәы агәамсамҭрақәа рырҿыцра ҳалагеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҿы.
* Гагра ақалақь аҿы аӡылеиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба ақалақьтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы ауааԥсыра еиԥҟьарада ӡыла реиқәыршәаразы аусбарҭақәа рыбжьара аусмҩаԥгатәқәа реиқәыршәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит ҳәа аарыцҳаит араион ахадараҟынтә.Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иҷыдоу ауснагӡатәқәа алкаан.
*Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа 2026 шықәсазы амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуеи Аҟәатәи абаӷәаза аҵеи рҿы мҽхакы ҭбаала ажрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Археологцәа ргәаанагарала, Римтәи ақалақь Себастополис ахьыҟаз аброуп ҳәа иахьшьоу аҭыԥ аҿы еицырзеиԥшу аҭҵаарақәа уажәгьы имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университет асаит.
*Цандрыԥшь акриптовалиута азы аппаратқәа жәаба рыԥшааит. Урҭ 30 шықәса зхыҵуа ақыҭауаҩ А.Р. Нерсесиан илтәуп, лыҩны иҵәахын ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы Аԥсныҟа иааргаз аппаратқәа изтәыз илымхуп. Аус аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵааратә рыҟәшахьы инашьҭуп.
*
*Сергеи Кириенко усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа дааит. Аҳаирбаӷәазаҿы уи диԥылеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аганқәа Урыстәыла адгыларала имҩаԥырго еицырзеиԥшу асоциалтә проектқәа ирылацәажәоит, акультуратәи атуристтәи инфраструктура аргыларақәеи анаплакқәа руаки ирҭаауеит.*Аҟәа ақалақь аҿы зылшарақәа ԥку рзы аԥшаҳәа аадыртит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥшаҳәа еиқәыршәан аҭахрақәа зегьы хшыҩзышьҭра рыҭаны: апандусқәа, иҷыдоу амҩахәасҭақәа, аԥсшьарҭақәеи ареабилитациатә ҭыԥқәеи. Аҭыԥ еиқәыршәоуп зылшарақәа ԥку ауаа ршәарҭадареи рырманшәалареи рзы.Апроект аконкурс "Аԥсны акоманда" афиналист Руслана Гьергьедааԥҳа лаԥшьгарала Аҟәа ахадареи Урыстәылатәи аиҿкаара "Жәлар Рфронти" рыцхыраарала инагӡан *Аҟәа агәамсамҭрақәа ҿыцқәа хәышә шьақәдыргылараны иҟоуп. Еиҳа ауаа ахьырацәоу амҩақәа рҿы 60 литр зҭаӡо агәамсамҭрақәа 70 рҟынӡа шьақәдыргылахьеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура. "Ақалақь ахадара реиԥш, аҳҭнықалақь иаланхо рзгьы акыр аҵанакуеит ацқьареи аиҿкаареи. Ҳара маҷ-маҷ ҳхықәкы ҳазнеиуеит. Акоммуналтә маҵзурақәа рпарк ҳарҿыцуеит, арыцқьаратә метод ҿыцқәа ԥаҳшәоит, уажәы агәамсамҭрақәа рырҿыцра ҳалагеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҿы.* Гагра ақалақь аҿы аӡылеиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба ақалақьтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы ауааԥсыра еиԥҟьарада ӡыла реиқәыршәаразы аусбарҭақәа рыбжьара аусмҩаԥгатәқәа реиқәыршәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит ҳәа аарыцҳаит араион ахадараҟынтә.Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иҷыдоу ауснагӡатәқәа алкаан. *Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа 2026 шықәсазы амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуеи Аҟәатәи абаӷәаза аҵеи рҿы мҽхакы ҭбаала ажрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Археологцәа ргәаанагарала, Римтәи ақалақь Себастополис ахьыҟаз аброуп ҳәа иахьшьоу аҭыԥ аҿы еицырзеиԥшу аҭҵаарақәа уажәгьы имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университет асаит.*Цандрыԥшь акриптовалиута азы аппаратқәа жәаба рыԥшааит. Урҭ 30 шықәса зхыҵуа ақыҭауаҩ А.Р. Нерсесиан илтәуп, лыҩны иҵәахын ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы Аԥсныҟа иааргаз аппаратқәа изтәыз илымхуп. Аус аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵааратә рыҟәшахьы инашьҭуп. *
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/06/1056724036_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_b15e142b92ef0d1076d1dcc5b64936d6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио