00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Амшын аҭалараан ашәарҭадара: аиқәырхаҩцәа рыҿцәажәара
13:33
26 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
4 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
4 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Конкурс грантов в Абхазии: кто и как может подать заявки
18:49
25 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Алан Гаглоев ашәҟәы изишьҭит 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа 17 шықәса рхыҵра инамаданы.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аибашьраан излагылаз ашьаарҵәыра мшқәа ишаадырԥшыз ауаԥс жәлар рдоуҳа шеицамкуа, рхақәиҭра ахьчаразы агәаӷьра шрымоу, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла ацхырааразы иааз Урыстәыла ауадаҩра иақәшәо аҩызцәа шааннамыжьуа."Ҳажәларқәа ртәылақәа рхақәиҭразы еицырзеиԥшу ақәԥара еиднакылоит, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа – Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рҭынч ԥсҭазаара ҳаидгыланы еицҳаргылоит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Иацы Бадра Гәынбеи, Беслан Бигәааи, Сергеи Кириенкои ашьхақыҭа Ԥсҳәы иаҭааит . Дара ашәҭқәа шьҭарҵеит сынтәа Урыстәыла ацхыраарала еиҭашьақәыргылаз Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан. Игәарҭеит аинфраструктуратә ргыларақәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирацәажәеит. Гәынба еиҭеиҳәеит, ԥхынгәы 13 рзы ақыҭа данаҭаа ашьҭахь аӡбара шрыдыркылаз иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиремадара абжьаҵареи, аӡфымцастанциа аиҭашьақәыргылареи, ахәыҷқәа рзы ахәмарҭа аҟаҵареи рзы.
Иахьа ашьыжь Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аӡыҳәынҵәа леит.Ахҭыс ҟалеит 14-тәи акилометр аҿы, аӡиа Риҵа азааигәара. Аӡыҳәанҵәа шлеиуаз машьынак ахәланагалеит, атарзанка канажьит.Ари аҭыԥ аҿы аныҟәара аамҭала иаанкылоуп, аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа аарыцҳаит "Амчратә усбарҭақәа рассоциациаҿы".Аҭыԥ аҿы аус руеит апарки ахылаԥшратә усбарҭақәеи русзуҩцәа.Риҵатәи амилаҭтә парк аӡиа Ӡхына аӡыҳәынҵәа ахьлеиз иахҟьаны иаркуп.Аҩар илеиз амҩа зегьы ашәаҳаит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аӡиахь узго амҩа ахаҵәирҭаҟны игыланы уахь ицо амашьынақәа аанкыланы шьҭахьҟа идыргьежьуеит.
Ԥсоу аӡиас хыҵит ақәа ӷәӷәаны иахьлеиз иахҟьаны.Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иҟоу аушьҭратә ҭыԥ абжьааԥнеиԥш аус ауеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра, Гагра араион ахьчаразы Амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.Ԥсоу аӡхыҵра иахҟьаны ааигәа иҟаз ақыҭақәа аԥхасҭа роуит.Аҭыԥ ахь инеит аҭыԥантәи анапхгареи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рхаҭарнакцәа.
Аԥсни Никарагуеи рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра, аекономика, афинанстә, IT-усхкқәа рганахь ала аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.Авидеоконференциа рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Олег Барцыци Вальдрак Џьентскеи, аминистрра аусзуҩцәа, Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, аҩ-ҳәынҭқаррак рбизнес-еилазаарақәа рхаҭарнакцәа. Аиԥылара еиҿкаан Никарагуатәи аган аԥшьгарала. Уаҟа ирылацәажәеит еицырзеиԥшу аинвестициатә проектқәеи апрограммақәеи, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара амеханизмқәеи."Аиԥылара Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит", — ҳәа аҳәоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0