https://sputnik-abkhazia.info/20250810/aa-imaysrany-ioup-asuaa-retnokulturat-kodeks-iazku-afestival--1056820431.html
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аԥсуаа ретнокультуратә кодекс иазку афестиваль
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аԥсуаа ретнокультуратә кодекс иазку афестиваль
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсуаа ретнокультуратә кодекс иазку афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа нанҳәа 20-24 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит... 10.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-10T18:30+0300
2025-08-10T18:30+0300
2025-08-10T18:31+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0a/1056820039_0:201:472:467_1920x0_80_0_0_cbbf360ca15b61c43d656ccf1f33eff4.jpg
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсуаа ретнокультуратә кодекс иазку афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа нанҳәа 20-24 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект автор Сана Ҭарԥҳа. Ҭарԥҳа лажәақәа рыла, иара аинтернет-лшарақәа рыла Аԥсны адоуҳатәи аматериалтәи акультура алырҵәара иазырхоу апроект ду иахәҭакуп. Апрограммаҿы иҟоуп абызшәатә хәмаррақәеи амастер-классқәеи. Апроект авторцәа, иара убасгьы азырхиара иаҿуп аԥсуа епос шьаҭас измоу, амифқәа рҟынтәи ихадоу аперсонажцәа злахәхо, иҷыдоу астолтә хәмарра. Адуцәеи ахәыҷқәеи идеилыркаахоит иарбан персонажзаалак аҭоурых. Афестиваль аус ауеит асааҭ 18:00 инаркны ҵхагәынӡа, хәыда-ԥсадоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250730/asny-anyala-ay-azhan-aaati-amuzei-aati-abaash-aatit-1056556918.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0a/1056820039_0:157:472:511_1920x0_80_0_0_91cb6d10eb21dadfe7702c1387081537.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аԥсуаа ретнокультуратә кодекс иазку афестиваль
18:30 10.08.2025 (ирҿыцуп: 18:31 10.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсуаа ретнокультуратә кодекс иазку афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа нанҳәа 20-24 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект автор Сана Ҭарԥҳа.
Ҭарԥҳа лажәақәа рыла, иара аинтернет-лшарақәа рыла Аԥсны адоуҳатәи аматериалтәи акультура алырҵәара иазырхоу апроект ду иахәҭакуп.
"Ҳара иаҳҭахуп иҳамоу еиқәҳархарц. Ҳара ҳалацәажәоит аԥсуа бызшәа, есыҽнытәи аԥсҭазаара иамоу аҷыдарақәа, аԥсҭазааратә философиа, аԥсуара, ахаымҩаԥгашьа, ааӡара", — ҳәа азгәалҭеит автор.
Апрограммаҿы иҟоуп абызшәатә хәмаррақәеи амастер-классқәеи. Апроект авторцәа, иара убасгьы азырхиара иаҿуп аԥсуа епос шьаҭас измоу, амифқәа рҟынтәи ихадоу аперсонажцәа злахәхо, иҷыдоу астолтә хәмарра. Адуцәеи ахәыҷқәеи идеилыркаахоит иарбан персонажзаалак аҭоурых.
Афестиваль аус ауеит асааҭ 18:00 инаркны ҵхагәынӡа, хәыда-ԥсадоуп.