https://sputnik-abkhazia.info/20260206/1060893004.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ареспублика иахьаҵанакуа урыстәылатәи ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылара ахҳәаа аиҭеит. Урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи... 06.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-06T18:01+0300
2026-02-06T18:01+0300
2026-02-06T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/06/1060892838_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_80716e396bb217ac018de8df2ff8bef5.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ареспублика иахьаҵанакуа урыстәылатәи ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылара ахҳәаа аиҭеит. Урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аҭыԥқәеи, иара убас аныҟәцаразы азини ахьеиқәдыршәо акабинетқәеи Аԥсны иаартын Урыстәыла ахада иӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны ахадеи аԥснытәи амчрақәеи ақәыршаҳаҭны. Аусқәа еиҿкаан "иаку аԥенџьыр" апринцип ала — хәыда-ԥсада, урыстәылатәи аспециалистцәа адыԥхьаланы, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа рзы иахьынӡауа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла АҩАР аусзуҩцәа рыҟазаара ареспублика азакәанԥҵара иаҿагылаӡом, жәларбжьаратәи апрактика иақәшәоит.
Аҟәа Ақалақьтә еизара адепутатцәа Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахада имаҵураҭыԥаҿ икандидатура шьақәдырӷәӷәеит. Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рахь алхрақәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь атәыла ахада араионқәа рхадацәа ркандидатурақәа рыдигалоит. Акандидатурақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥысуеит Араионтә еизарақәа рҿы. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аԥсны имҩаԥысит абҵара 8 рзы.
Афымцаҳақәа реиҭарҿыцреи абонентцәа афымцамч ашәҟәы аҭагаларазы ахархәагақәа рыла реиқәыршәареи рзы аусурақәа ирылагеит. Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит атәыла ахада Бадра Гәынба инапынҵала, ареспублика афымцаҳатә нхамҩа аиҭарҿыцреи амодернизациеи рыпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсни Урыстәылеи рҟазаҟәа. Амчратә кабельқәа рыԥсахреи иажәхьоу аҩнқәа рыҩналарҭаҿтәи амаругақәа рырҿыцреи мҩаԥысуеит ҳәа азгәаҭоуп ареспублика Аенергетика аминистрра адырраҭараҿы.
Ҭемыр Оҭырба Афон ҿыц ахада имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәырӷәӷәоуп. Ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны икандидатуразы рыбжьы рҭиит жәабран 5 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада иахь агәрагара шаадырԥшуа, иганахь ала ҽԥныҳәа шрызцәырымҵуа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ареспублика иахьаҵанакуа урыстәылатәи ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылара ахҳәаа аиҭеит. Урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аҭыԥқәеи, иара убас аныҟәцаразы азини ахьеиқәдыршәо акабинетқәеи Аԥсны иаартын Урыстәыла ахада иӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны ахадеи аԥснытәи амчрақәеи ақәыршаҳаҭны. Аусқәа еиҿкаан "иаку аԥенџьыр" апринцип ала — хәыда-ԥсада, урыстәылатәи аспециалистцәа адыԥхьаланы, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа рзы иахьынӡауа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла АҩАР аусзуҩцәа рыҟазаара ареспублика азакәанԥҵара иаҿагылаӡом, жәларбжьаратәи апрактика иақәшәоит.Аҟәа Ақалақьтә еизара адепутатцәа Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахада имаҵураҭыԥаҿ икандидатура шьақәдырӷәӷәеит. Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рахь алхрақәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь атәыла ахада араионқәа рхадацәа ркандидатурақәа рыдигалоит. Акандидатурақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥысуеит Араионтә еизарақәа рҿы. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аԥсны имҩаԥысит абҵара 8 рзы.Афымцаҳақәа реиҭарҿыцреи абонентцәа афымцамч ашәҟәы аҭагаларазы ахархәагақәа рыла реиқәыршәареи рзы аусурақәа ирылагеит. Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит атәыла ахада Бадра Гәынба инапынҵала, ареспублика афымцаҳатә нхамҩа аиҭарҿыцреи амодернизациеи рыпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсни Урыстәылеи рҟазаҟәа. Амчратә кабельқәа рыԥсахреи иажәхьоу аҩнқәа рыҩналарҭаҿтәи амаругақәа рырҿыцреи мҩаԥысуеит ҳәа азгәаҭоуп ареспублика Аенергетика аминистрра адырраҭараҿы.Ҭемыр Оҭырба Афон ҿыц ахада имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәырӷәӷәоуп. Ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны икандидатуразы рыбжьы рҭиит жәабран 5 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада иахь агәрагара шаадырԥшуа, иганахь ала ҽԥныҳәа шрызцәырымҵуа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/06/1060892838_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ecf81126211d2a96ca1b271bfdf839e4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио