https://sputnik-abkhazia.info/20250812/latipov-eieieit-aaakhcharat-zonay-iakhanu-aaanyrtsuaa-ryazaara-aaraa-1056853213.html
Латипов еиҭеиҳәеит аҳәаахьчаратә зонаҿы аҳәаанырцәуаа рыҟазаара аԥҟарақәа
Латипов еиҭеиҳәеит аҳәаахьчаратә зонаҿы аҳәаанырцәуаа рыҟазаара аԥҟарақәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа иахьаԥну аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара рацәахоит арасаҟәшәара аамҭазы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә... 12.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-12T12:00+0300
2025-08-12T12:00+0300
2025-08-12T13:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/0d/1036709507_0:0:3641:2048_1920x0_80_0_0_c07824a8e1ad5f5392f07161f95f6afd.jpg
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа иахьаԥну аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара рацәахоит арасаҟәшәара аамҭазы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы. Уи иазгәеиҭеит Гали Тҟәарчали араионқәа рқыҭақәакгьы ари азона ишаҵанакуа. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа, аиҳарак Абжьаратә Азиа ареспубликақәа рҟынтә, уахь аԥарарҳараз инеиуеит. Аҳәаа ахысразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҵакыратә усбарҭақәа рҟынтә аушьҭрашәҟәқәа рҭахуп. Хымш инеиҳаны иаанхо араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҿы рыҽҭарыҩроуп. Аҳәаа ахысра аԥҟарақәа еилазго 4800-6000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса рықәырҵоит. Ахараԥса зымшәаз азинеилагаҩ 15 уахи-ҽни рҟынӡа административтә ҭакра дақәдыршәоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/0d/1036709507_454:0:3185:2048_1920x0_80_0_0_1b61c7c7483aa2306f84e3943c5dd9e4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Латипов еиҭеиҳәеит аҳәаахьчаратә зонаҿы аҳәаанырцәуаа рыҟазаара аԥҟарақәа
12:00 12.08.2025 (ирҿыцуп: 13:54 12.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа иахьаԥну аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара рацәахоит арасаҟәшәара аамҭазы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik иеиҭаз
аинтервиу аҿы.
Уи иазгәеиҭеит Гали Тҟәарчали араионқәа рқыҭақәакгьы ари азона ишаҵанакуа. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа, аиҳарак Абжьаратә Азиа ареспубликақәа рҟынтә, уахь аԥарарҳараз инеиуеит.
Аҳәаа ахысразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҵакыратә усбарҭақәа рҟынтә аушьҭрашәҟәқәа рҭахуп. Хымш инеиҳаны иаанхо араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҿы рыҽҭарыҩроуп.
Аҳәаа ахысра аԥҟарақәа еилазго 4800-6000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса рықәырҵоит. Ахараԥса зымшәаз азинеилагаҩ 15 уахи-ҽни рҟынӡа административтә ҭакра дақәдыршәоит.