https://sputnik-abkhazia.info/20250911/afymtsamch-azy-aual-zzymsho-abonenttsa-ragylazaasha-armariarazy-ashy-khadyraar-rylshoit-1057470278.html
Афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит
Афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Знык ала афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит ихәеит арадио Sputnik аефир аҿы... 11.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-11T12:32+0300
2025-09-11T12:32+0300
2025-09-11T21:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
"амшынеиқәафымцамч" аусура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/0a/1031982369_0:0:3000:1688_1920x0_80_0_0_6e92a7004fdd49d819a8eaa06fc94d57.jpg
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Знык ала афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит ихәеит арадио Sputnik аефир аҿы "Амшынеиқәафымцамч" Афымцамчҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба.Уи азы ауал зегьы аҟынтәи 30% ашәара хымԥадатәиуп, иаанхаз еихшаны ишәахар ауеит, уи аамҭала шықәсык аҟынӡа инаӡар алшоит, ауал зеиԥшроу иахәаԥшны. Изымшәо рылашара аҿырхуеит, анаҩс ауал иазхьамԥшуа рус аӡбарҭа иаҭахоит. Иара убас, Блабба иазгәеиҭеит, ауааԥсыра афымцамч азы иршәо аԥара анаплакы аныҟәгара ишазырхоу, афымцамҩангагатә цәаҳәақәа рымҩаԥгара ишазку, аматериалқәа раахәареи астанциа маҷқәа аӡын разырхиаразы аусурақәеи ишрызку, иара убасгьы Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахә ашәараҿы ишцхыраагӡоу. Нанҳәамзазы "Амшынеиқәафымцамч" 193 миллион мааҭ еизнагеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/0a/1031982369_136:0:2865:2047_1920x0_80_0_0_f256968869d1f5f78ba4153c13412bf8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, "амшынеиқәафымцамч" аусура
ажәабжьқәа, аԥсны, "амшынеиқәафымцамч" аусура
Афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит
12:32 11.09.2025 (ирҿыцуп: 21:28 11.09.2025) АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Знык ала афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит ихәеит арадио Sputnik аефир аҿы "Амшынеиқәафымцамч" Афымцамчҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба.
Уи азы ауал зегьы аҟынтәи 30% ашәара хымԥадатәиуп, иаанхаз еихшаны ишәахар ауеит, уи аамҭала шықәсык аҟынӡа инаӡар алшоит, ауал зеиԥшроу иахәаԥшны.
"Аӡәырҩы ари аҭагылазаашьа рхы иадырхәахьеит. Ҳахәаԥшып, урҭ арҭи аԥҟара шынарыгӡо. Ахыдҵақәа еиларго иалагар, асанкциақәа рыдыркылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Блабба.
Изымшәо рылашара аҿырхуеит, анаҩс ауал иазхьамԥшуа рус аӡбарҭа иаҭахоит.
Иара убас, Блабба иазгәеиҭеит, ауааԥсыра афымцамч азы иршәо аԥара анаплакы аныҟәгара ишазырхоу, афымцамҩангагатә цәаҳәақәа рымҩаԥгара ишазку, аматериалқәа раахәареи астанциа маҷқәа аӡын разырхиаразы аусурақәеи ишрызку, иара убасгьы Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахә ашәараҿы ишцхыраагӡоу.
Нанҳәамзазы "Амшынеиқәафымцамч" 193 миллион мааҭ еизнагеит.