https://sputnik-abkhazia.info/20250915/aati-abaash-aourykhi-aala-aourykht-khara-aiyrkharei-iazku-iaartu-alektsia-maysit-1057546553.html
Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақь аҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи иазку иаарту алекциа мҩаԥысит
Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақь аҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи иазку иаарту алекциа мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақьқәа рҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи рҵакы иазкны иаарту алекциеи аекскурсиеи мҩаԥысит аусмҩаԥгатә... 15.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-15T11:42+0300
2025-09-15T11:42+0300
2025-09-15T11:42+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0f/1057545473_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_e89a65a73ba847c3274f0ceb58157ac3.jpg
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақьқәа рҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи рҵакы иазкны иаарту алекциеи аекскурсиеи мҩаԥысит аусмҩаԥгатә "Аиҩызара аҭыԥ: Аҟәа – Нижни Новгород" аҳәаақәа ирҭагӡаны."Сынтәа ҳара аусмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгеит — Аҟәа имҩаԥган Нижни Новгород амшқәа, урҭ зегьы аиашьаратә қалақьқәа реизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уажәазы ҳара ихацҳаркит жәларбжьаратәи аекопроект. Ҳақалақь аҿы иҳамоу ҳԥышәа шәымаҳдарц ҳааит", — лҳәеит Нижни Новгород ақалақь амазареи адгьылтә ресурсқәеи рнапхгара азы аилак ахантәаҩы Светлана Помпаева.Помпаева алекциа "Аҭоурыхтә ҭеиҭыԥши арлашаратә усуреи рыхьчара" даԥхьараны дыҟоуп. Лара лажәақәа рыла, Аҟәа ахадареи дареи еилацәажәахьеит архитектуратә лашара идырлашо аҭоурыхтә ҭыԥқәа. Урҭ иреиуоуп — Баграт Шьынқәба ибаҟа, аҳҭнықалақь агәашьаркыра, Аҟәа ахадара ахыбра. "Аиҩызара аҭыԥ: Аҟәа-Нижни Новгород" мҩаԥысуеит "Аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы Жәларбжьаратәи аекопроект" аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи еиҿыркааит "Аԥсны акоманда" адгыларала Аҟәеи Нижни Новгороди ақалақьқәа рхадарақәа. Аиԥш зеиԥшу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0f/1057545473_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_c5a3816039d717c30b3a703c99fe08d3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақь аҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи иазку иаарту алекциа мҩаԥысит
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақьқәа рҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи рҵакы иазкны иаарту алекциеи аекскурсиеи мҩаԥысит аусмҩаԥгатә "Аиҩызара аҭыԥ: Аҟәа – Нижни Новгород" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Сынтәа ҳара аусмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгеит — Аҟәа имҩаԥган Нижни Новгород амшқәа, урҭ зегьы аиашьаратә қалақьқәа реизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уажәазы ҳара ихацҳаркит жәларбжьаратәи аекопроект. Ҳақалақь аҿы иҳамоу ҳԥышәа шәымаҳдарц ҳааит", — лҳәеит Нижни Новгород ақалақь амазареи адгьылтә ресурсқәеи рнапхгара азы аилак ахантәаҩы Светлана Помпаева.
Помпаева алекциа "Аҭоурыхтә ҭеиҭыԥши арлашаратә усуреи рыхьчара" даԥхьараны дыҟоуп.
"Иахьа ҳара ас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә ҭыԥ аҿы ҳаизеит архитектура-ҟазаратәи лашарала иалкаау аелементқәа алкаара шалшо атәы лабҿаба иаҳбарц азы, уи рбалоит атуристцәа, ҳақалақь аҟынтәи иаауа атуристцәа уахь иналаҵаны, урҭ ҳаизыҟазаашьақәа рҿы рлагала рбарц рылшоит", — азгәалҭеит Помпаева.
Лара лажәақәа рыла, Аҟәа ахадареи дареи еилацәажәахьеит архитектуратә лашара идырлашо аҭоурыхтә ҭыԥқәа. Урҭ иреиуоуп — Баграт Шьынқәба ибаҟа, аҳҭнықалақь агәашьаркыра, Аҟәа ахадара ахыбра.
"Аиҩызара аҭыԥ: Аҟәа-Нижни Новгород" мҩаԥысуеит "Аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы Жәларбжьаратәи аекопроект" аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи еиҿыркааит "Аԥсны акоманда" адгыларала Аҟәеи Нижни Новгороди ақалақьқәа рхадарақәа. Аиԥш зеиԥшу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа.