https://sputnik-abkhazia.info/20250915/1057554298.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Никарагуа ажәлари аицхадацәа Хосе Даниель Ортега Сааведреи Росарио Мурильои аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит. Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, ари... 15.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-15T13:30+0300
2025-09-15T13:30+0300
2025-09-15T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0f/1057554132_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1fd260fc1808a19408d59acd956c3486.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Никарагуа ажәлари аицхадацәа Хосе Даниель Ортега Сааведреи Росарио Мурильои аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит. Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, ари аныҳәа Никарагуа ажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи, иара убас аԥсуа жәлар ирзааигәоу аиашареи, амилаҭтә ламысреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара ишасимволу. "Аԥсни Никарагуеи иареи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ахә ҳаракны иршьоит, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәарагьы аҵак ду анаҭоит. ҳажәларқәа ирыхәаша аусқәа наҟ-наҟгьы инагӡахап ҳәа ҳгәыӷуеит", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Пицунда аспорттә комплекс ҿыц аргыларазы аҵакыра арыцқьара иалагеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь ахада Рустам Агрба. Ахыбра дыргылоит ақалақь ахадара ашьҭахь, ԥаса ақырҭуа школ ахьгылаз аҭыԥ аҿы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь уи аусура иаҟәыҵит, ахыбра еилаҳаит, ашҭа хиааит. Уажәазы аҵакыра аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азырхиара иаҿуп. Ахыбра ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп. Агрба иажәақәа рыла, урҭ руак еиҳа ибжьысхьеит, уи аиҭашьақәыргылара иаԥсоу-иаԥсаму аусдырцәа ахәшьара арҭоит.
Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақьқәа рҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи рҵакы иазкны иаарту алекциеи аекскурсиеи мҩаԥысит аусмҩаԥгатә "Аиҩызара аҭыԥ: Аҟәа – Нижни Новгород" аҳәаақәа ирҭагӡаны. "Сынтәа ҳара аусмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгеит — Аҟәа имҩаԥган Нижни Новгород амшқәа, урҭ зегьы аиашьаратә қалақьқәа реизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уажәазы ҳара ихацҳаркит жәларбжьаратәи аекопроект. Ҳақалақь аҿы иҳамоу ҳԥышәа шәымаҳдарц ҳааит", — лҳәеит Нижни Новгород ақалақь амазареи адгьылтә ресурсқәеи рнапхгара азы аилак ахантәаҩы Светлана Помпаева. Помпаева алекциа "Аҭоурыхтә ҭеиҭыԥши арлашаратә усуреи рыхьчара" даԥхьараны дыҟоуп.
Хымз раахыс реиҳа иӷәӷәоу амхылдызтә цәқәырԥақәа азгәаҭан Адгьыл аҟны. Аиԥш зеиԥшу ацәқәырԥақәа шыҟалоз еилкаахеит мышқәак раԥхьа, аха уи амчхара иазгәаҭаз аасҭа акырӡа еиҳахеит, абри атәы рҳәеит УАА акосмос аҭҵаара Аинститут амратә астраномиа алабораториа аҟны. Аҵарауаа ргәаанагарала, аҭагылазаашьа шьақәгылоит ҳазҭоу амчыбжь азы, аԥшьаша-ахәаша шыҟоу еиԥш.
Бадра Гәынба Никарагуа ажәлари аицхадацәа Хосе Даниель Ортега Сааведреи Росарио Мурильои аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит. Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, ари аныҳәа Никарагуа ажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи, иара убас аԥсуа жәлар ирзааигәоу аиашареи, амилаҭтә ламысреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара ишасимволу. "Аԥсни Никарагуеи иареи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ахә ҳаракны иршьоит, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәарагьы аҵак ду анаҭоит. ҳажәларқәа ирыхәаша аусқәа наҟ-наҟгьы инагӡахап ҳәа ҳгәыӷуеит", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы. Пицунда аспорттә комплекс ҿыц аргыларазы аҵакыра арыцқьара иалагеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь ахада Рустам Агрба. Ахыбра дыргылоит ақалақь ахадара ашьҭахь, ԥаса ақырҭуа школ ахьгылаз аҭыԥ аҿы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь уи аусура иаҟәыҵит, ахыбра еилаҳаит, ашҭа хиааит. Уажәазы аҵакыра аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азырхиара иаҿуп. Ахыбра ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп. Агрба иажәақәа рыла, урҭ руак еиҳа ибжьысхьеит, уи аиҭашьақәыргылара иаԥсоу-иаԥсаму аусдырцәа ахәшьара арҭоит. Аҟәатәи абааш аҭоурыхи ақалақьқәа рҭоурыхтә хаҿра аиқәырхареи рҵакы иазкны иаарту алекциеи аекскурсиеи мҩаԥысит аусмҩаԥгатә "Аиҩызара аҭыԥ: Аҟәа – Нижни Новгород" аҳәаақәа ирҭагӡаны. "Сынтәа ҳара аусмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгеит — Аҟәа имҩаԥган Нижни Новгород амшқәа, урҭ зегьы аиашьаратә қалақьқәа реизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уажәазы ҳара ихацҳаркит жәларбжьаратәи аекопроект. Ҳақалақь аҿы иҳамоу ҳԥышәа шәымаҳдарц ҳааит", — лҳәеит Нижни Новгород ақалақь амазареи адгьылтә ресурсқәеи рнапхгара азы аилак ахантәаҩы Светлана Помпаева. Помпаева алекциа "Аҭоурыхтә ҭеиҭыԥши арлашаратә усуреи рыхьчара" даԥхьараны дыҟоуп. Хымз раахыс реиҳа иӷәӷәоу амхылдызтә цәқәырԥақәа азгәаҭан Адгьыл аҟны. Аиԥш зеиԥшу ацәқәырԥақәа шыҟалоз еилкаахеит мышқәак раԥхьа, аха уи амчхара иазгәаҭаз аасҭа акырӡа еиҳахеит, абри атәы рҳәеит УАА акосмос аҭҵаара Аинститут амратә астраномиа алабораториа аҟны. Аҵарауаа ргәаанагарала, аҭагылазаашьа шьақәгылоит ҳазҭоу амчыбжь азы, аԥшьаша-ахәаша шыҟоу еиԥш.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0f/1057554132_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_a8d6ddcb03c1020195235efc0f4b296b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио