00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Аицәажәара
Ауниверситет аҿы ихацдыркуеит аҵарашықәс
13:04
3 мин
Аицәажәара
Еидҵоу акультурақәа рфорум алахәхара лшарас иаанартуа: Аԥсуа театр аиҳабы лцәажәара
13:08
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Академик Сергеи Бебиа иқәраныҳәоуп иахьа: аҵарауаҩ иҿцәажәара
13:45
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аспортсменцәа рзы есымзатәи аԥарашәарақәа: Аҳәынҭеилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:48
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Взаимный интерес
"Пространство дружбы: Сухум — Нижний Новгород". Как развиваются побратимские связи?
14:20
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
"Две свадьбы и один поег": история создания кино
14:44
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аицәажәара
On air
18:16
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа, ахада игәаҭарақәа, ауаҩшьрақәа

© Foto / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Необходимо от рутинной каждодневной работы переходить к решению долгосрочных задач", — президент Абхазии Бадра Гунба проводит совещание с участием членов правительства
Необходимо от рутинной каждодневной работы переходить к решению долгосрочных задач, — президент Абхазии Бадра Гунба проводит совещание с участием членов правительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2025
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит цәыббра 8-14 рыҩныҵҟа ареспубликаҿы еиҳа иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Мрагыларатәи Аԥсны ақәаршҩы ӷәӷәа ахҟьаԥҟьақәа, атәыла ахада Бадра Гәынба Гагра иҟазаараан дызхәаԥшыз аобиектқәа, акоррупциа иаҿагыланы ареспубликаҿ ақәԥара шымҩаԥысуа, "Амшынеиқәафымцамч" абонентцәа рзы аԥсыҽрақәа, Гәдоуҭеи Аҟәеи иҟалаз ауаҩшьрақәа рзы агәызҩара ззыҟоу –Sputnik аматериал аҿы.

Ақәаршҩи аӡхыҵрақәеи

Аҟәа, Аҟәа араион, Гәылрыԥшь, Очамчыра уҳәа цәыббрамза жәба рзы ақәаршҩы леиит, ҩымш рышьҭахьгьы еиҭа иауит. Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны зегь реиҳа ааха зауз Аԥсны аҳҭнықалақь ауп. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи акоммуналтә усбарҭақәеи рахь Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи шәкы инареиҳаны адыррақәа ҟаҵан, аӡы зҭалаз амашьынақәеи, аӡы зыҩналаз актәи аихагылақәеи, аподвалқәеи ррыцқьараз ацхыраара рҭахны. Ҭыԥқәак рҿы аԥша аҵлақәеи афымца ҭелқәеи канажьит. Уи ахылҿиаақәа раԥыхразы апрофильтә усбарҭақәеи аиқәырхаҩцәеи зегьы адыԥхьалан.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь араион маҷ Турбаза даҭааит, уаҟа ақәа ӷәӷәа иахҟьаны аадақәа аӡы рыҩналеит. 10 ҭаацәара ахьынхо ахыбраҿы, актәи аихагыла аӡы ҩналеит, ауадақәа руак аҿы 10 шықәса раԥхьа еиҭашьақәыргылаз ахыб аӡы кылсит. Агәылара ҩнҿгьы уадак аӡы ҩналеит.
Уи адырҩаҽны атәыла ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа дрыҿцәажәеит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рҭыԥ ақәҵаразы.
Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит шҭа-шҭала ирылсны аҭагылазаашьа гәарҭарц, амҩақәа, ацҳақәа, аҵаргәаҭыӡқәа рҭагылазаашьа еилкааны иаарласны аԥхасҭа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҭыԥ ишықәырҵо азы адыррақәа ҟарҵаларц.
Уи адагьы ирылацәажәан ацрыҵқәа рутилизациа азҵаарақәа. Аԥыза-министр Владимир Делбеи Гагра араион ахада Иури Ҳагәышьи рнапы ианҵан шәачатәи аилахәыра аԥышәаратә проект аус адулара – агәамсам шьаҭанкыла аутилизациа амҩаԥгаразы.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аекологиатә шәарҭадареи ааха зауз аҵакырақәа реиҭашьақәыргылареи ҷыдала хылаԥшра шриҭо.

Ахада Гагра араион даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Гагра араион аҿы иҟоу асоциал-спорттә обиектқәа дырҭааит, иара убас арҽеиратәи аргыларатәи усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит, ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бзыԥ аҳаблан актәи абжьаратә школ аҿы аспортзал ҿыц аартра иазку ауснагӡатә далахәын, ашколқәа рмузеиқәа гәеиҭеит.
Пицунда ақалақь аҿы аа-шықәса иреиҳаны ирзхмыркәшац ахәыҷбаҳча арҽеиратә усурақәа дырццакырц анапынҵа ҟаиҵеит, иара убас аспорттә комплекс аргылареи Акультура аҩны арҽеиреи ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа гәеиҭеит.
"Ас еиԥш иажәхьоу ахыбрақәа ҳқалақь ԥшӡа Пицунда агәҭаны аҟазаара ахәҭам. Ара иҟазароуп ахәыҷқәеи ақалақь ауааԥсыреи рҽахьазыҟарҵало аспорттә центр", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Лӡаа ақыҭан аҳәынҭқарра ахада Акультура аҩни, азал хадеи акрыфарҭеи змоу ашколи рыргылара шцо гәеиҭеит, аусура ахаҭабзиареи амилаҭтә культура аиқәырхареи аҵак ду шрымоу азгәеиҭеит.
Гагра ақалақь аҿы аҳәынҭқарра ахада араионтә санепидемиологиатә станциа еиҭашьақәыргылоу ахыбреи зырҽеира иаҿу ахәыҷбаҳчеи дырҭааит, ашықәс ҿыц аламҭалазы аусурақәа хдыркәшарц азы адҵа ҟаиҵеит.

Ахада адныҳәаларақәа ҟаиҵеит

Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иара Урыстәыла иахьатәи аполитикатә ҭоурых аҿы иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала иааникыло аҭыԥ ҷыдеи, иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҟәыӷареи, аҭакԥхықәреи шааирԥшызи, иара убас, ареспублика ахьыԥшымра азхаҵаразы иҟаиҵаз аҭоурыхтә ӡбамҭа аҵакы ду шамоу ҷыдала иазгәеиҭеит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини Урыстәыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит шәышықәсала Москва абаҩхатәрақәа здызԥхьало, аихьӡара дуқәа ирҭыԥны ишыҟаз, иахьагьы аҭоурыхтә ҭынха қәҿиарала иахьҿио, иахьеиқәдырхо аҭыԥ акәны ишаанхо.
"Сара ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациаҿы иаԥхьагылоу арегионқәа иреиуоу Москвеи Аԥсни ирыбжьоу акырзҵазкуа аимадара. Москва акыр шықәса раахыс ганрацәалатәи адгылара ҳанаҭоит, уи ҳтәыла аҿиараҿы ароль ду нанагӡоит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит асоциал-економикатә, акультуратә, агуманитартә усхкқәа рҿы аимадара традициала ҳаизыҟазаашьа ԥхақәа шдырӷәӷәо, аҵакы ҿыц шырнаҭо.
Гәынба ахә ҳаракны ишьеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы Москва иҟанаҵо алагала, москваа ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи.
Форум Народного фронта Всё для Победы! - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2025
Урыстәыла
Путин: Москва адунеи аҿы иреиҳаӡоу ақалақьтә економикақәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит

Ахада иҿы Ахеилак ҿыц

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҿы иаԥҵоуп амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы ахеилак ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапы зҵеиҩыз аусԥҟа инақәыршәаны ахеилак аилазаараҿы иҟоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, адинтә еилазаарақәа, ақьырсиан, аԥсылман, аерман, абырзен, аурым милаҭтә уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа, иара убас ауаажәларратә усзуҩцәеи аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аусзуҩцәеи.

Аспортзал аартра

Аспортзал ҿыц аартуп Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ аҟны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Ахыбра ргылан Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьыз аԥарақәа рыла.
Аспортзал ҿыц аартра далахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит аҿар рааӡараҿы рбаҩрҵәыра акырӡа шаҵанакуа.
Атәыла ахада даҭааит ашкол аҟны еиҿкаау аетнографиатә музеии Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҳаҭыраз еиҿкаау амузеии, иара убас ашколхәыҷқәеи иареи еицәажәеит.

Аусеицурахь акурс

Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерников цәыббрамза 12 рзы усуратә визитла Аԥсны даҭааит, иареи аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи аԥыза-министр Владимир Делбеи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Ҳабдуцәа иаҳзынрыжьит ибеиоу аҭоурых, ҳара ҳус – уи еиҵагыло абиԥарақәа рахь аиагара ауп. Ҳара ииашоу, иҭышәынтәалоу аԥхьаҟа аԥҵара ҳахәҭоуп, уи ҳара ҳнапы иануп. Уи аганахьала ҳара ҳусеицура ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аминистр Хана Гәынԥҳа.
Ирзааҭгылан: ашколхәыҷқәа рзы аҵарадырратә еимдаратә турқәа, апатриоттә ҵарадырра апроектқәа, амузеитә педагогика аҿиара.
Псков аҵарадырра аминистрра анапхгаҩы Андреи Ермаков, урыстәылатәи аекспертцәа аҵарадырра ацҵара, арҵаҩцәа рзанааҭ аизырҳара, атехнологиа ҿыцқәа ралагалара рганахь ала рԥышәа аимадара ишазхиоу азы адырра ҟаиҵеит.

Хиль Пинто иахь ашәҟәы

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто иахь Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеижьҭеи 16 шықәса аҵра иазкны ашәҟәы ишьҭит.
"Ари амш иахьатәи ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акырзҵазкуа рыцхәны иҟоуп. Аԥсны гәахәара дула иргәаладыршәоит Аԥсны аҩыза ду, аԥхьагыла иаша Уго Рафаель Чавес Фриаса зыхьӡала дықәгылаз Боливариантәи Ареспублика Венесуела анапхгара Аԥсны ажәлар рхҳәаақәҵаразы, рҭоурыхтә гәаҳәара адгыларазы аӡбра ирыдыркылаз азы" — ҳәа азгәаҭоуп ашәҟәы аҿы.
Венесуела иҟанаҵаз азхаҵара ҩтәылак рыбжьара адипломатиатәи аекономикатәи еимадарақәа рышьақәыргылараз амҩа аанартит.

Акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа ақалақь аҿы 2022-2025 шықәсқәа рзы акоррупциа аҿагылара азҵаара иазкны азинхьчаратә усбарҭақәа Ркоординациатә Еилатәара мҩаԥысит.
Уи рхы аладырхәит апрокурор хада Адгәыр Агрба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, амиграциатә маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа, араионтә прокуратурақәа русзуҩцәа.
2022 шықәса инаркны 2025 шықәса аԥхьатәи азыбжа анҵәамҭанӡа апрокуратура акоррупциатә цәгьаурақәа рыхкқәа 12 рзы хә-уск аанартит. Урҭ рахьтә ԥшь-уск ахәаԥшразы аӡбарҭахь идәықәҵан, шьауӷатә уск азаҭ азы акт ахархәара инамаданы иаанкылан, ҳәа азгәаҭоуп Апрокуратура Хада акоррупциа аҿагылара азы азакәанԥҵара ақәныҟәара ахылаԥшреи Аусбарҭа анапхгаҩы Зарина Саблирова иҟалҵаз аҳасабырбаҿы.
Анализ ззыруаз аамҭа иалагӡаны, апрокуратура аусбарҭақәа агәаҭаратә материалқәа фба рзи, акоррупциатә цәгьаурақәа жәба рзи аусқәа рхацыркра мап ацәнакит. Урҭ рҟынтәи ҩба азаҭҭара иахҟьаны, ԥшьба ашьауӷатә усӡбара аҿҳәара ахьцахьо иахҟьаны.
Азинхьчаратә усбарҭақәа ркоординациатә еилатәара хыркәшо, Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба, акоррупциа иадҳәалоу аусқәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу агәҽанҵара шунаҭо, аха уи ахырхарҭала аусура арӷәӷәаразы алшара шыҟоу.
Иара убас, Агрба иазгәеиҭеит, шықәсқәак раԥхьа иазгәаҭаз аҩаӡара ҳарак ашьҭахь акоррупциа иадҳәалоу аусқәа раарԥшра аиҵахара иԥсабаратәу акоуп, аха уи азы аусура арӷәӷәара хымԥадатәиуп ҳәа.

Афымцамч ахәԥса ашәара

Знык ала афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит ихәеит арадио Sputnik аҿы "Амшынеиқәафымцамч" Афымцамчҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба.
Уи азы ауал зегьы аҟынтәи 30% ашәара хымԥадатәиуп, иаанхаз еихшаны ишәахар ауеит, уи аамҭала шықәсык аҟынӡа инаӡар алшоит, ауал зеиԥшроу иахәаԥшны.
Изымшәо рылашара аҿырхуеит, анаҩс ауал иазхьамԥшуа рус аӡбарҭа иаҭахоит.
Иҳаҩсыз аҵыхәтәантәи ахышықәса рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы ашәарақәа акырӡа еиӷьхеит иҳәеит Саид Блабба.
"2022 шықәса нанҳәамзазы афымцамч азы абонентцәа рҟынтәи 34,4% аԥара шәазҭгьы, 2025 шықәса нанҳәамзазы уи 75,6% рҟынӡа инаӡеит", — иҳәеит иара.
Блабба иажәақәа рыла, аизгара аизҳара ҳаамҭазтәи ашәага-загақәа рышьақәыргыларагьы иадҳәалоуп.
Афымцамч азы иреиӷьны аԥарашәарақәа азгәаҭоуп Гагра араион аҿы, уаҟа 90% рҟынӡа абонентцәа афымцамч ахә ршәоит. Аҭагылазаашьа зегь реиҳа ицәгьоуп Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа рҿы.
Харчлаа иҳәеит афымца ахә ахызымшәаауа лашарада рааныжьра зыцәгьоу атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2025
Арадио
Харчлаа иҳәеит афымца ахә ахызымшәаауа лашарада рааныжьра зыцәгьоу атәы

Абылтәы ахә ацлара

Урыстәылатәи абиржақәа рҿы анефтаалыҵқәа рыхәԥса ашьҭыҵра иахҟьаны Аԥсны абылтәы ахәԥса шьҭыхуп иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә аахәара ахә ареспубликаҿы абензин ахә ашьақәыргылараан ихадоу факторуп. Иара убасгьы мзызс иҟоуп алогистикатә уадаҩрақәеи аидара адәықәҵареи.
Аминистр иазгәеиҭеит, ахәқәа рышьҭыҵра аџьармыкьатә процесс шакәу, иара убасгьы агәра диргеит аусбарҭа аҭагылазаашьа ахылаԥшра шанаҭо. Ихадоу усны иҟоуп атәыла еиԥҟьарада былтәыла аиқәыршәара.

Авидеоеицлабреи Аԥсны аԥхьагылареи

Аԥсны атуризм аминистрраҿы имҩаԥысит авидеоконкурс "Аԥсны акадр аҿы" акомиссиа аилатәара, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Акомиссиа алахәылацәа аусура аиҿкаара, аицлабратә усумҭақәа ралхреи ахәшьара рыҭареи рыԥҟара иалацәажәеит, иара убас аилатәарақәа рымҩаԥгара арыцхәқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аицлабра нанҳәамза 18 рзы иалагеит, арзаҳалқәа рыдкылара цәыббрамза 15 рҟынӡа имҩаԥыслоит.
Аусумҭақәа ахәшьара рыҭахоит ҩ-номинациак рыла: "Аԥсны аԥсабара", "Аԥсны ахәыҷқәа рыблала".
Убри аан, Аԥсны Урыстәылантәи ихьыԥшым атуристцәа рзы еиҳа еицырдыруа х-ҭыԥк рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит, ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациеи атуристтә агрегаторцәа Рассоциациеи.
Уи инаваргыланы Санкт-Петербурги Краснодартәи атәылаҿацәи аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа рахь инеит.
Убри аан, Ҭырқәтәыла, Мысра, Еиду Арабтәи Аемиратқәа актәи х-ҭыԥк ааныркылеит. Ари ахьӡынҵаҿы Аԥсны аԥшьбатәи ацәаҳәа ааннакылоит.

Абаҟа аартра

Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит цәаббра 10 азы.
Абаҟа дыргылеит Кавказ ахьчараан афашистцәа ирҿагылаз аибашьцәа анышә иахьамадоу азеиԥш нышәынҭра аҭыԥ аҿы. Аԥсыбаҩқәа аарԥшын Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеи 2019 шықәса аԥхынразы имҩаԥнагаз аекспедициа аан.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Аҟәа араион ахадара, Акультура аминистрра, АБИГИ рхаҭарнакцәа.
Памятник советским воинам открыли в селе Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2025
Аԥсны
Ԥсҳәы асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит

"Аиҩызара ацҳа"

"Аиҩызара ацҳа" Аҟәеи Аладатәи Новгороди еиднакылеит.
Апроект нарыгӡеит апроект "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" алахәылацәа, уи ашколхәыҷқәа авиртуалтәи аекскурсиақәа рыла аиашьаратә қалақьқәа ркультура аҭҵаараҿы ацхыраара рынаҭоит.
Уи Нижегородтәи ашкол №151-и Аҟәатәи ашколқәа №14-и рҿы алагалара азԥхьагәаҭоуп, ргәы иҭоуп еицырзеиԥшу аурокқәеи аусмҩаԥгатәқәеи рынагӡара.
Уажәы Нижегородтәи аспециалистцәа аԥсуа рҵаҩцәа атехника ахархәашьазы иазыҟарҵоит.

Агәыҳалалратә аукцион

Афонд "Ашана" цәыббра 12 азы имҩаԥнагоз агәыҳалалратә аукцион аҟны 1,64 миллион мааҭ аизгара рылшеит.
Аԥара афонд хылаԥшра знаҭо Дамеи Қәычбериа ихәышәтәра иазоушьҭхоит. Афонд анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, аукцион мҩаԥысуеит жәаха шықәса, ари аамҭа иалагӡаны уажәоуп раԥхьаӡа акәны иаҭахыз аԥарақәа зегьы иаразнак ианеизгаха.
"Ахьтәы Остап" 200 нызқь мааҭ ҳәа ирҭиит. Убри аан, уи Афонд "Ашана" ишатәыц иаанхоит, даҽа хышықәса рышьҭахь уи ҩаԥхьа алотереиаҿы ицәыргахоит.
Таиф Аџьба иавтортә згәаҭақәа зну ашәҟәы "Ажәеинраалақәа" 100 000 мааҭ ҳәа ицеит. Аизга даԥшәмахеит Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа.

Гәдоуҭеи Аҟәеи ауаҩшьрақәа

Ауаҩшьра ҟалеит Гәдоуҭа цәыббрамза 7 ауха ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Арыцҳара ҩыџьа аҿар рыбжьара иҟалаз аҭыӡшәа иахылҿиааит иҳәеит иара.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2025
Аԥсны
Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟалаз ауаҩшьразы агәызҩара зызрымаз дҭаркит
"Ахәра зауз ахәшәтәырҭахь днаган, уаҟа иԥсҭазаара далҵит", — иҳәеит Гыцба.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟалаз ауаҩшьразы агәызҩара зызрымаз, 25 шықәса зхыҵуа Шамба Осман Роланд-иԥа дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит араионтә ӡбарҭа.
Аҟәа араион аҿы цәыббра 7-8 руха аҽа уаҩшьракгьы ҟалеит. Гәымсҭа ақыҭан иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ аҿы ҩыџьа ахацәа рыбжьара аимак ҟалеит. 1998 шықәсазы ииз Ашот Хачикиани ҩ-хык иаахеит. Уи ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит, аха иԥсы рзеиқәмырхеит.
Агәҩара ззыҟоу Аинар Аҩӡба даанкылоуп. Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.
Человек в наручниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2025
Аԥсны
Аҟәа ауаҩы дишьит ҳәа агәҩара зду Аинар Аҩӡба иганахь ала ашьаус аартуп
Ажәабжьқәа зегьы
0