https://sputnik-abkhazia.info/20250916/aba-aabla-yts-abachakhy-akontseptsia-aala-auaasyra-alarkhny-ialatsazheit--1057573730.html
Аҩӡба: аҳабла ҿыц абаҳчахәыҷ аконцепциа ақалақь ауааԥсыра алархәны иалацәажәеит
Аҩӡба: аҳабла ҿыц абаҳчахәыҷ аконцепциа ақалақь ауааԥсыра алархәны иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны абаҳчахәыҷ аиҭашьақәыргылара аконцепциа ақалақь ауааԥсыра алархәны иалацәажәеит ҳәа арадио Sputnik... 16.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-16T10:30+0300
2025-09-16T10:30+0300
2025-09-16T10:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102983/91/1029839135_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_82938e41d928e9359448b25cb1c5db56.jpg
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны абаҳчахәыҷ аиҭашьақәыргылара аконцепциа ақалақь ауааԥсыра алархәны иалацәажәеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь Аҟәа Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба. Аҩӡба игәаанагарала, ари мҿхакы ҭбаала зынагӡара иаҿу проектуп. Уи иазԥхьагәанаҭоит ахаҳәҟьаԥс шьаҭанкыла аԥсахра, хыԥхьаӡара рацәала ашьаҟамҩақәа реиҿкаара, аӡыршә, аспорттәи ахәыҷтәи хәмарырҭақәа. Уаҟа иара убас атәарҭа ҿыцқәеи, аугәамсамҭрақәеи шьақәдыргылоит, урҭ адәынтәи алашара аконцепциа шьаҭанкыла ирыԥсахуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Аусурақәа мҩаԥнагоит Урыстәылатәи аилахәыра, урҭ Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102983/91/1029839135_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c09702e987eea5badcc9e27d199994d7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҩӡба: аҳабла ҿыц абаҳчахәыҷ аконцепциа ақалақь ауааԥсыра алархәны иалацәажәеит
10:30 16.09.2025 (ирҿыцуп: 10:41 16.09.2025) АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны абаҳчахәыҷ аиҭашьақәыргылара аконцепциа ақалақь ауааԥсыра алархәны иалацәажәеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь Аҟәа Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба.
"Апроектқәа рылацәажәарақәа зегьы ауааԥсыра алархәны онлаинла еиҿкаан, урҭ апроектқәа иҵоуроу азҿлымҳарақәа маҷымкәа ироуит, ауааԥсыра ргәазыҳәарақәа зегьы азгәаҭоуп", — иҳәеит иара.
Аҩӡба игәаанагарала, ари мҿхакы ҭбаала зынагӡара иаҿу проектуп. Уи иазԥхьагәанаҭоит ахаҳәҟьаԥс шьаҭанкыла аԥсахра, хыԥхьаӡара рацәала ашьаҟамҩақәа реиҿкаара, аӡыршә, аспорттәи ахәыҷтәи хәмарырҭақәа.
Уаҟа иара убас атәарҭа ҿыцқәеи, аугәамсамҭрақәеи шьақәдыргылоит, урҭ адәынтәи алашара аконцепциа шьаҭанкыла ирыԥсахуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аусурақәа мҩаԥнагоит Урыстәылатәи аилахәыра, урҭ Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.