https://sputnik-abkhazia.info/20250920/-urystyla--alsharaa-rtyla-akomanda-asnyti-adelegatsia-asamovar-amas-iryreit-1057678033.html
 "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акоманда Аԥснытәи аделегациа асамовар ҳамҭас ирырҭеит
 "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акоманда Аԥснытәи аделегациа асамовар ҳамҭас ирырҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акоманда Аԥснытәи аделегациа рнапала асахьақәа знырҵаз асамовар ҳамҭас... 20.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-20T18:06+0300
2025-09-20T18:06+0300
2025-09-20T19:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/14/1057679360_0:61:1170:719_1920x0_80_0_0_ad6d92154ab4c072d423acf48e36410c.jpg
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акоманда Аԥснытәи аделегациа рнапала асахьақәа знырҵаз асамовар ҳамҭас ирырҭеит.  Аусмҩаԥгатә Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль Аизара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.  Аплатформа акоммуникациақәа рзы адиректор Ольга Добрина ишазгәалҭаз ала, уи аиҩызареи, аҭынчреи, асасдкылареи ирсимволуп.  Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы анаԥхгаҩы Ҭарашь Хагба аҳамҭазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, урҭ рыцхыраарала акыр зҵазкуа апроектқәа Аԥсны ишынагӡахо инаҵшьны иазгәеиҭеит.  "Аҳәынҭқарра ахада иплатформа  "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аус ду нанагӡоит. Шәара шәыцхыраарала Аԥсны иреиӷьу аԥышәақәа наҳагӡоит. Даараӡа ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаҳзыҟашәҵо агәрагаразы. Ҳара, жәаҳәарада, хра злоу аусеицура ҳҽазаҳшәоит, аха зегьы раасҭа ихадоу, гәыкалатәи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьалеит", — иҳәеит иара.
https://sputnik-abkhazia.info/20250920/aar-alakhyla-aforum-ay-asny-abakh-eilyzkaaz-ratsaup-gakharyla-aaragy-rakhup-1057674021.html
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2025
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
      https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/14/1057679360_65:0:1105:780_1920x0_80_0_0_9da5e33b90354e7d776dc2cb3c6979cb.jpgSputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа, аԥсны
 "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акоманда Аԥснытәи аделегациа асамовар ҳамҭас ирырҭеит
18:06 20.09.2025  (ирҿыцуп: 19:36 20.09.2025) АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акоманда Аԥснытәи аделегациа рнапала асахьақәа знырҵаз асамовар ҳамҭас ирырҭеит.  
Аусмҩаԥгатә Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль Аизара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.  Аплатформа акоммуникациақәа рзы адиректор Ольга Добрина ишазгәалҭаз ала, уи аиҩызареи, аҭынчреи, асасдкылареи ирсимволуп.  
"Аҳәынҭқарра ахада иплатформа Аԥсны аус ацуразы аԥышәа ду амоуп, иара убасгьы ҳара еицаҳзеиԥшу апроект бзиақәа ҳамоуп "Аԥснытәи акоманда" еиԥш иҟоу уҳәа иҵегьы. Уажәы уа аусура иалагеит апроект "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аусура иалагеит, ҳара иаҳҭахуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аизара алахәылацәа ргәазыҳәарақәа зну ари асамовар Урыстәыла асасдкылара иасимволны иҟаларц, ҳара уи Аԥсны иаҳҭоит", — лҳәеит лара.  
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы анаԥхгаҩы Ҭарашь Хагба аҳамҭазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, урҭ рыцхыраарала акыр зҵазкуа апроектқәа Аԥсны ишынагӡахо инаҵшьны иазгәеиҭеит.  
"Аҳәынҭқарра ахада иплатформа  "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аус ду нанагӡоит. Шәара шәыцхыраарала Аԥсны иреиӷьу аԥышәақәа наҳагӡоит. Даараӡа ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаҳзыҟашәҵо агәрагаразы. Ҳара, жәаҳәарада, хра злоу аусеицура ҳҽазаҳшәоит, аха зегьы раасҭа ихадоу, гәыкалатәи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьалеит", — иҳәеит иара.