https://sputnik-abkhazia.info/20250921/atsirk-agymshaa-reaaa-asny-agastrola-khnarksheit--1057690963.html
Ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" Аԥсны агастрольқәа хнаркәшеит
Ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" Аԥсны агастрольқәа хнаркәшеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" Аԥсны агастрольқәа хнаркәшеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент. 21.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-21T16:45+0300
2025-09-21T16:45+0300
2025-09-21T18:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/15/1057690800_0:47:1080:655_1920x0_80_0_0_9d49b08b1927549b92223f298446a7af.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" Аԥсны агастрольқәа хнаркәшеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент. Артистцәа ареспублика аҳҭнықалақь аҿы 50-ынтә иқәгылеит, 25 706-ҩык аҭаан ирбеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа иҟаз ацирк апрограмма администратор хада Вера Мешьанова. Мешьанова иара убас илҳәеит, Аԥсни Урыстәылеи ркультура аминистррақәа ақәшаҳаҭхар, иааиуа ашықәсазгьы аара ишазхиоу. Абжьасқәа разыҟаҵараҿы 40 шықәа аԥышәа змоу, Узбекистан зҽаԥсазтәыз артист Рустам Матчанов иазгәеиҭеит, ақәгыларақәа зегьы рҿы абилеҭқәа шаанымхоз. Аԥстәқәа Аԥснытәи аҳауа ишашьцылазгьы ашоурақәа раана иахьҭакыз архьшәашәагақәа шаҿаркуаз. Иара убас, амотоцикл акаскадерцәа Артиоми Андреи Сазоноваа араҟа русура ргәы иаахәеит. Урҭ изларҳәаз ала, рықәгыларақәа зегьы ԥырхагада имҩаԥысит, ҽназаҵәык Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны рықәгылара анаанкылаз ада. Ахәаԥшцәа ртәы ҳҳәозар, Артиом Сазонов инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла зегьи ИАР атәылақәа жәпаки дшырҭаахьоугьы, ас еиԥш гәыкала иҟоу ауааԥсыра џьаргьы ишимбац.
https://sputnik-abkhazia.info/20250921/rosgostsirk-aa-iaraz-aaraa-asny-atskhyraarazy-idyakhoit-1057686688.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/15/1057690800_146:0:1019:655_1920x0_80_0_0_b1e126364b4f803a915937c9d17b3a45.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" Аԥсны агастрольқәа хнаркәшеит
16:45 21.09.2025 (ирҿыцуп: 18:41 21.09.2025) АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" Аԥсны агастрольқәа хнаркәшеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Артистцәа ареспублика аҳҭнықалақь аҿы 50-ынтә иқәгылеит, 25 706-ҩык аҭаан ирбеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа иҟаз ацирк апрограмма администратор хада Вера Мешьанова.
"Шәара шәҟны ауаа бзиақәа ыҟоуп. Артистцәеи ҳареи уи ҳалацәажәахьеит. Ажәлар убысҟак гәыкала иҟоуп, насгьы ҳартистцәа асеиԥш анапеинҟьара ара ада џьаргьы ирмоуӡацт", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Мешьанова иара убас илҳәеит, Аԥсни Урыстәылеи ркультура аминистррақәа ақәшаҳаҭхар, иааиуа ашықәсазгьы аара ишазхиоу.
Абжьасқәа разыҟаҵараҿы 40 шықәа аԥышәа змоу, Узбекистан зҽаԥсазтәыз артист Рустам Матчанов иазгәеиҭеит, ақәгыларақәа зегьы рҿы абилеҭқәа шаанымхоз. Аԥстәқәа Аԥснытәи аҳауа ишашьцылазгьы ашоурақәа раана иахьҭакыз архьшәашәагақәа шаҿаркуаз.
"Аусуратә ҭагылазаашьақәа бзиоуп. Ауаа ҟәымшәышәқәоуп, исасдкылаҩцәоуп. Араҟа аҩызцәа рацәаҩны исырҳаит. Абра сааны аус ахьызуаз сгәы иахәоит", — иҳәеит артист.
Иара убас, амотоцикл акаскадерцәа Артиоми Андреи Сазоноваа араҟа русура ргәы иаахәеит. Урҭ изларҳәаз ала, рықәгыларақәа зегьы ԥырхагада имҩаԥысит, ҽназаҵәык Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны рықәгылара анаанкылаз ада.
Ахәаԥшцәа ртәы ҳҳәозар, Артиом Сазонов инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла зегьи ИАР атәылақәа жәпаки дшырҭаахьоугьы, ас еиԥш гәыкала иҟоу ауааԥсыра џьаргьы ишимбац.