https://sputnik-abkhazia.info/20250921/v-asua-kultura-afestival-asny-khyrkshakheit--1057695196.html
V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хыркәшахеит
V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хыркәшахеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Москва "Аермитаж" абаҳчаҿы V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хыркәшоуп. Аусмҩаԥгатә Москва инхо ауааԥсыреи аҳҭнықалақь иаҭааз... 21.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-21T23:10+0300
2025-09-21T23:10+0300
2025-09-21T23:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/15/1057692778_0:0:2940:1654_1920x0_80_0_0_40b285a356a224319fcd262c311f307e.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Москва "Аермитаж" абаҳчаҿы V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хыркәшоуп. Аусмҩаԥгатә Москва инхо ауааԥсыреи аҳҭнықалақь иаҭааз асасцәеи рыбжьара аинтерес ду рызцәырнагеит ҳәа аицҳауеит Sputnik акорреспондент.Иара убас, РУСДРАМ иқәнаргылеит аспектакль "Аҵыҵындра". Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи дуқәа хҩык рбиустқәа ықәыргылан — Дырмит Гәлиа, Фазиль Искандер, Баграт Шьынқәба. Афестиваль аҿы ицәыргақәҵан Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Имҩаԥган ахыци ахәымпали рыла ахысреи, аԥсуа милаҭтә хәмаррақәеи, аҟазаратә-классқәаи. Иара убас, анард азы аицлабреи алотереи мҩаԥган, аиааира згаз Аԥсныҟа апутиовка ранашьан. Афестиваль ахыркәшамҭаз ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Аександр Шьоуа, Blizkey, Shiri, Temo.
https://sputnik-abkhazia.info/20250921/moskva-iaatit-v-asua-kultura-afestival-asny---1057687989.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/15/1057692778_178:0:2909:2048_1920x0_80_0_0_ef26c99b9f67c28c8fbfec73e1e348d1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хыркәшахеит
23:10 21.09.2025 (ирҿыцуп: 23:11 21.09.2025) АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Москва "Аермитаж" абаҳчаҿы V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хыркәшоуп. Аусмҩаԥгатә Москва инхо ауааԥсыреи аҳҭнықалақь иаҭааз асасцәеи рыбжьара аинтерес ду рызцәырнагеит ҳәа аицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Асцена иқәгылеит аԥсуа естрада артистцәеи акәашаратә коллективқәеи. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр амузыкантцәа афестиваль раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит.
Иара убас, РУСДРАМ иқәнаргылеит аспектакль "Аҵыҵындра".
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи дуқәа хҩык рбиустқәа ықәыргылан — Дырмит Гәлиа, Фазиль Искандер, Баграт Шьынқәба.
Афестиваль аҿы ицәыргақәҵан Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Имҩаԥган ахыци ахәымпали рыла ахысреи, аԥсуа милаҭтә хәмаррақәеи, аҟазаратә-классқәаи.
Иара убас, анард азы аицлабреи алотереи мҩаԥган, аиааира згаз Аԥсныҟа апутиовка ранашьан.
Афестиваль ахыркәшамҭаз ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Аександр Шьоуа, Blizkey, Shiri, Temo.