https://sputnik-abkhazia.info/20250925/gynbei-atylakhchara-aministrra-anapkhgarei-aoperativ-taktikat-zyaaraa-irylatsazheit-1057797349.html
Гәынбеи Атәылахьчара аминистрра анапхгареи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирылацәажәеит
Гәынбеи Атәылахьчара аминистрра анапхгареи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи, Аԥсны Арбџьармчқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аштаб хада аиҳабы... 25.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-25T15:15+0300
2025-09-25T15:15+0300
2025-09-25T17:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/19/1057789920_0:110:1187:778_1920x0_80_0_0_1921f05f59142ef5c6f8710efbf626ca.jpg
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи, Аԥсны Арбџьармчқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аштаб хада аиҳабы Владимир Савченкои аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура Аҳәынҭқарра ахада азыҟаҵарақәа реиқәыршәареи рымҩаԥгареи рҿы аҭакԥхықәра ду аарԥшра шхымԥадатәиу азгәеиҭеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Арбџьармчқәа иахьатәи рҭагылазаашьа, архәҭақәа аибашьра разыхиара аҩаӡара, аматериал-техникатә еиқәыршәара, иара убас арратә ус ихадоу егьырҭ ахырхарҭақәа. Бадра Гәынба атәылахьчара аминистрра анапхгара анапынҵа риҭеит аибашьратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳараз, аруаа рнапхгараз асистема аиӷьтәраз, архәҭақәа рнапынҵақәа хра рыманы рынагӡаразы иаҭаху зегьы рыла реиқәыршәараз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/19/1057789920_2:0:1186:888_1920x0_80_0_0_28b51b53c4dfd1f610bc6ad5e9afe738.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Гәынбеи Атәылахьчара аминистрра анапхгареи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирылацәажәеит
15:15 25.09.2025 (ирҿыцуп: 17:06 25.09.2025) АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи, Аԥсны Арбџьармчқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аштаб хада аиҳабы Владимир Савченкои аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирылацәажәеит ҳәа
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура
Аҳәынҭқарра ахада азыҟаҵарақәа реиқәыршәареи рымҩаԥгареи рҿы аҭакԥхықәра ду аарԥшра шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Арбџьармчқәа иахьатәи рҭагылазаашьа, архәҭақәа аибашьра разыхиара аҩаӡара, аматериал-техникатә еиқәыршәара, иара убас арратә ус ихадоу егьырҭ ахырхарҭақәа.
Бадра Гәынба атәылахьчара аминистрра анапхгара анапынҵа риҭеит аибашьратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳараз, аруаа рнапхгараз асистема аиӷьтәраз, архәҭақәа рнапынҵақәа хра рыманы рынагӡаразы иаҭаху зегьы рыла реиқәыршәараз.