https://sputnik-abkhazia.info/20250928/aati-ashaay-iou-agasharkyray-arlashagaa-shayrgylakhoit-1057868334.html
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа шьақәыргылахоит
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа шьақәыргылахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп. 28.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-28T18:38+0300
2025-09-28T18:38+0300
2025-09-28T19:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1c/1057865889_0:13:1281:733_1920x0_80_0_0_46bb6368a61c423a3e4118a55ebd2e78.jpg
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп. Аусурақәа мҩаԥыргоит "Нижни Новгород — Аҟәа аиҩызаратә ҭаӡара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ақалақьи адгьылтә малқәеи рхархәаразы аусбарҭа Нижегородтәи Акомитет ахантәаҩы Светлана Помпаева Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, хыхьтәи аҩаӡараҿы 64 лашарбага рышьақәыргылара азгәаҭоуп. Аусура хыркәшахоит цәыббра 30 Аиааира амш азы. "Ҳара уаха ахәылбыҽха аԥышәара мҩаԥаҳгоит. Арҭ алашарақәа абжьааԥны амш аԥхаррала ишьақәургылар ауеит, аныҳәақәа раан — алашарадинамикатә", — ҳәа азгәалҭеит Помпаева.
https://sputnik-abkhazia.info/20250927/aabla-yts-ay-iou-apark-aitraz-ausuraa-irytsoup-1057856551.html
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1c/1057865889_143:0:1136:745_1920x0_80_0_0_94d7d3bd02887fdab58a08557b24e189.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа шьақәыргылахоит
18:38 28.09.2025 (ирҿыцуп: 19:29 28.09.2025) АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп.
Аусурақәа мҩаԥыргоит "Нижни Новгород — Аҟәа аиҩызаратә ҭаӡара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ақалақьи адгьылтә малқәеи рхархәаразы аусбарҭа Нижегородтәи Акомитет ахантәаҩы Светлана Помпаева Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, хыхьтәи аҩаӡараҿы 64 лашарбага рышьақәыргылара азгәаҭоуп. Аусура хыркәшахоит цәыббра 30 Аиааира амш азы.
"Ҳара уаха ахәылбыҽха аԥышәара мҩаԥаҳгоит. Арҭ алашарақәа абжьааԥны амш аԥхаррала ишьақәургылар ауеит, аныҳәақәа раан — алашарадинамикатә", — ҳәа азгәалҭеит Помпаева.