00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
4 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсны азиндырра амчыбжь мҩаԥысит: уи аихшьаалақәа алахәыла иҿы
13:18
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Аибашьра иалахәыз
Ахақәиҭра амҩала: Аԥсны Афырхаҵа игәалашәарақәа
13:19
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
1 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Война от первого лица
Обмен пленными с Грузией: как Абхазия возвращала своих сынов
14:17
7 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Турбаза
Отых в Абхазии в берхатный сезон: особенности и преимущества
14:44
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ԥҳәыс напыла аҷкәынцәа зааӡаз: х-ҭаацәарак рҭоурых

© Sputnik / Леон Адлейба Абхазский флаг
Абхазский флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Анапаҵаҩра
Аибашьра иацуп аиаҭымра, аибара. Аха, аԥсадгьыл ахьчара ианаамҭоу ахацәеибагақәа ззырҳәоз Аиааира акәын изызхәыцуаз. Ахацәа моу, аҳәсагьы урҭ инарывагылар акәхеит Ахақәиҭра аҳаҭыраз. Ашәҟәыҩҩы А. Гогәуа ишиҳәаз еиԥш "ҿыц ииуа диеҭымхар ауеит" анырҳәоз аамҭан. Аҵла иалырҩыз амаҭ ицҳаит шырҳәо еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анааилга, ҳиааиаразы ҳахьдырхәырц аблокада аамҭа ҳзыҟарҵеит. Иубаз еицәа убеит ҳәа, уи зегь еиҳарак рҟәаҟәа иқәҳаит аҳәса. Иахьатәи санҵамҭаҿы ицәырызгоит аибашьра ашьҭахь аԥсыҭбарақәа зхызгаз аҭаацәарақәа ршьапы ишықәгылоз, еиҳаракгьы аибашьра еибаны иннажьыз аҳәсеи иеҭымхаз ахәыҷкәеи рлахьынҵақәа шыҟалаз…
Аҵыхәтәантәи ажәылараан Аҟәа ашьхаҿы афуникулиор ҳәа иахьашьҭоу аибашьра аилгамҭазы, цәыббра 25 рзы дҭахеит "Еще немного, еще чуть-чуть. Акыр зычҳаз, акыр ибеит" ҳәа зымшынҵа ианызҵаз Аҭара ақыҭан ииз Рамзи Кәыҵниа. Аханатә иара Аҭара деибашьуан, аха ицәырҵит аҵаҵӷәы уи дԥырны Гәдоуҭаҟа дцаразы. Уи аҭоурых нас ... Хҩык аиҳәшьцәа рашьа заҵәы Ремзи иҭынхеит ԥшьҩык аԥацәа –Ахра, Арсен, Гәдиса, Алиас.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа
Рамзи Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
1/2
Рамзи Кәыҵниа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәКәыҵниа Рамзи аибашьцәа рыгәҭаны (ҵаҟа арымарахьала, аԥаҵа зҿоу)
Кәыҵниа Рамзи аибашьцәа рыгәҭаны (ҵаҟа арымарахьала, аԥаҵа зҿоу) - Sputnik Аҧсны
2/2
Кәыҵниа Рамзи аибашьцәа рыгәҭаны (ҵаҟа арымарахьала, аԥаҵа зҿоу)
1/2
Рамзи Кәыҵниа
2/2
Кәыҵниа Рамзи аибашьцәа рыгәҭаны (ҵаҟа арымарахьала, аԥаҵа зҿоу)
Мзиа Кәыҵниаԥҳа Рамзи иаҳәшьа лоуп. Лашьа заҵәы данҭаха лаҳәшьцәа Заира, Ира, лара рхы иадырҵеит ахәыҷқәа рааӡара. Мзиа акыр ихьшәаны аҭаацәара далалеит, Анцәа иџьшьаны аԥҳа длымоуп аҵара дҭоуп иахьа. "Аиҳәшьцәа хҩык ҳаҟан. Аиҳабы хаҵа дцахьан, егьырҭ агәыбжьанытәи сареи ҳамцаӡацызт. Ҳҭаца Заира Ламиаԥҳа ақыҭаҿы сынхоит џьаргьы сцаӡом лҳәеит. Нас иҟаҳҵоз? Ақалақь аҿы аусура ҳаламгар ԥсыхәа ҳамамызт азын, ахәыҷқәа арахь иааҳгеит. Ашкол ара Аҟәа иҭаҳҵеит, ҳара иаҳбон. Асабшеи амҽышеи ақыҭарахь иаҳгон. Зегь ҳаидгыланы иҳааӡон сымацара сакәӡам. Дасу илшоз ҟаиҵон", - лҳәоит Мзиа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа дазааҭгыло.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа иԥшәмаԥҳәыс Заира Ламиаԥҳаи ихәыҷқәеи -Ахра, Арсен, Гудиса, Алиас
Рамзи Кәыҵниа иԥшәмаԥҳәыс Заира Ламиаԥҳаи ихәыҷқәеи -Ахра, Арсен, Гудиса, Алиас - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Рамзи Кәыҵниа иԥшәмаԥҳәыс Заира Ламиаԥҳаи ихәыҷқәеи -Ахра, Арсен, Гудиса, Алиас
Ишысҳәахьоу еиԥш, Рамзи деибашьуан иқыҭауаа рхырӷәӷәарҭақәа рҿы. Аибашьра аналага аҭаца лыбаҩ лтәымкәа дҟалеит. Лыҽлырбгарц далагаргьы, уи аҩыза аамҭазы, уи аҩыза аҭагылазаашьагьы ыҟамызт… Диираны дыҟазаарын Алиас зыхьӡыртәыз даҽа хаҵарԥыск.
"Аҭагылазаашьа уадаҩын, ахәыҷқәа ирҿаҳҵозгьы ҳмоуа аҟынӡа ҳнеит. Ажәыларақәа аныҟаз ҳаибарыҩуа абна ҳалан, ахәыҷқәа руаӡәы Аҭара ахы анивҟьа иҽкаижьын даҳзышьҭымхуа дҟалеит, ишьара дықәнарҟьеит. Нас, наҟ Пицундаҟа ҳцеит, ҳҭаца уаҟа ахшара длоуит. Иара ахәыҷы диит ҳәа аниаҳа, уахь днеирц иҭахххеит…", - лҳәоит аиаҳәшьа. Рамзи аибашьра анцоз иныҟәигон амшынҵа. Уа ианиҵоз ацәаҳәақәа ирныԥшуеит ӷәӷәала ихшара рыбла аҭаԥшра шиҭахыз:
Еиӷьу ыҟам аԥсҭазаараҿ
Аҭынчра иацку акымзарак.
Уи анаҩс схәыҷқәа, сҭаацәа.
Нас аҩызцәа ақәлацәа.
Зегь рҭыԥаҿ ианыҟала,
Еиӷьу арбан гәырӷьарас.
Ҭынч анхара, ҭынч аԥсшьара,
Иаҳзыҟаҵа Анцәа уҟазар.
Аԥсуа ида аҳ дамоуааит Аԥсынра…
Ирҳәоит иара аԥҳа дииуеит ҳәа дгәыӷуан ҳәа, аха дыҷқәынахеит. Абар Рамзи жәеинраалатә формала имшынҵаҿы ҳзыԥхьо рҭааацәаратә архив аҿы еиқәханы иҟоу ихәыцрақәа:
Исызгәакьоу сара сҭаацәа.
Сыԥхыӡ шәалоуп есымша,
Идырны ишәымаз шәара шьҭа.
Иааигәахоит ҳаиқәшәара.
Иаашәычҳа…
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха - Sputnik Аҧсны
1/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха - Sputnik Аҧсны
2/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха - Sputnik Аҧсны
3/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха - Sputnik Аҧсны
4/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
1/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
2/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
3/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
4/4
Рамзи Кәыҵниа имшынҵа аҟынтәи ацыԥҵәаха
Аибашьҩы Рамзи Кәыҵниа иԥеиҵбы диит ҳәа анраҳа ицхраан Гәдоуҭа аганахь диасыртә иныҟәеит аибашьцәа, иҭаацәеи иареи еибабеит дҭахаанӡа. "Ихәыҷы ибара дахьӡеит агәаҟцәгьа. Аха, уа дахьнеиз дтәозма, гәыԥк далалан дцеит афронт ахь. Цәыббрамза 25 рзы аиҿахысра ҳәа аума цон рҳәеит афуникулиор аҿы. Дҭахеит убра", - аиааира амш аԥыларазы мчыбжьык ззынханы иҟаз, аха иахьымӡаз Рамзи иаҳәшьа лажәақәа абас иҟоуп.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРамзи Кәыҵниа иаҳәшьа -Мзиа Кәыҵниаԥҳа
Рамзи Кәыҵниа иаҳәшьа -Мзиа Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Рамзи Кәыҵниа иаҳәшьа -Мзиа Кәыҵниаԥҳа
Аибашьра еилгеит, аха ауадаҩрақәа нҵәозма? Ахәычқәа ршьапы рықәыргыларазы аџьахаџьафара аамҭа ззырҳәоз ааины иаарыдгылеит аиаҳәшьцәа. Абар урҭ аамҭақәа ахҳәаа шрылҭо Мзиа: "Ақыҭаҿы ижәдыруеит џьабаала ауп рхы шныҟәырго. Акагьы ҳацәшәаӡомызт психологиатә уадаҩран иҳамаз акәымзар. Ахәыҷқәа ашкол ахь ицеит. Нас аиҳабы Ахра хәыҷы ирҵаҩы ажәеинраала изылҩит даԥхьарц ныҳәак аҽны. Акласс зегь рҽаназыҟарҵоз "саб дҭахеит" ҳәа аԥхьара даналага изымчҳазт аҵәыуара далагеит. Абарҭ аҭагылазаашьақәа роуп зегь реиҳа иуадаҩны иаҳхаҳгаз. Сара сакәын ашкол ахь арҵаҩцәа рахь инеиуаз. Урҭ исарҳәақәаз роуп ишәзеиҭазҳәо. Ҽнак арҵаҩы дҵәыуо исалҳәеит уажә исҳәо. Агәыбжьанытә Арсен ахәыҷқәа акрыфарҭаҿы апечениақәа анырзыршоз ибеит ирҵаҩы ишылзымхаз. Нас, иара ирҭаз иахыхны илиҭеит. Уи лара лгәы арԥшааит. Акласс аҵаҩцәа ари анырба дара ртәгьы иахыхны лара илырҭеит… Аџьабаа ҳбон, аха уи азы сааԥсаны исгәалашәаӡом. Абри ҳапсихологиатә уадаҩрақәа роуп еиҳарак адгылара зҭахыз".
Аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи аамҭазы аиҳәшьцәа зегьы Кьалашәыр раҳәшьеиҳабы лҿы инхон. Лхаҵа дақырҭуан, деибашьӡомызт, аха Қырҭтәылаҟа дцеит. Уи ҩыџьа ахшара лыман, лхәыҷқәагьы абыда инхеит. Рҭаацәараҿы фҩык аҷқәынцәа батәыс иҟан, аха аџьабаа иацәымшәоз ракәын, руаӡәы аӡахышьа лдыруан, уигьы ахныҟәгаразы усҟан капеиқәак унаҭон. Аха, уи азхомызт. Мзиа лаҳәшьцәеи лареи усҟан Аԥсны аҳәсақәа рӷьырак зныз амҩа ианын. Абар лара ишылҳәо: "Аусурақәа ҳрылагаанӡа, амандарина, араса уҳәа ааҵәақәа ирҭаҵаны уаха асааҭ 3 рзы ҳгыланы ҳгәаргәалеиқәа ирықәҵаны, автобус ҳахьӡаны Ԥсоу ҳцаны аҳәаа иахыганы иаҳҭиуан, ҳанаауаз ааҵәала ашьақар, ачашыла уҳәа ааҳгон. Убри ҳаҭнагон усҟан". Аџьабаа ирхыргоз баргәым ҳәа дахәаԥшуеит Мзиа, лара ишылҳәахьоу еиԥш, апсихологиатә уадаҩра акәын зыхгара уадаҩыз.
"Саб Сергеи ихьӡын. Илаӷырӡ аӡәгьы имбарц азын иеигәышә шьҭыхны абнахь дцон … Нас, илақәа ҟаԥшьӡа даауан. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ихигахьан, ажәыларақәа ианрылагалакгьы, сеибганы сзыхынҳәи убасҟан иҳәон. Ҳани ҳаби аибашьра ашьҭахь ауп рдунеи анырыԥсахыз. Сан дычмазыҩхеит, аха лҽылыхәшәтәӡомызт. Илҭахӡамызт, мчыла даҳгон аҳақьымцәа рахь, избанзар лыҷқәын ишьҭахь акгьы лгәы азыҳәомызт. Амала, лара дхаҵмаԥҳәысын. Избан шәасҳәоит уажәы. Сашьеи сареи ҳаиҵбацәан, ашкол ахь ҳаиццон, еиҳа ҳаизааигәан. Сара зегьы среиҵбын. Сашьа данҭаха ашьҭахь даара сшьара сықәҟьеит. Ацәажәареи аччареи саҟәыҵит. Сдунеи акуа ианалага, сан гәаҟ сгәалҭеит. 30 шықәса схыҵуан усҟан. Лара лоуп салызхыз. Ҳара зегь ҳаԥсып, ҳҽаҳшьып, аха ахәыҷқәа ирыԥсыхәои амҩаду ианхалоит, ирыхәода анылҳәа - сызлаз саалҵит".
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәКәыҵниа Рамзи иаби, иани, иаҳәшьцәеи иареи
Кәыҵниа Рамзи иаби, иани, иаҳәшьцәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Кәыҵниа Рамзи иаби, иани, иаҳәшьцәеи иареи
Абас агәаҟрақәа зхьыԥшыз лакәзаргьы, Мзиа исзеиҭалҳәеит маҷк иадамзаргьы узырлахҿыхша хҭыск. Лан Анелла (Циба) Гогилаӡе дақырҭуан, аха лан д-Киутԥҳан аԥсшәагьы ахьхьаҳәа илҳәон. Лан илыдҳәалоуп Мзиа ицәырылгаз алафгьы: "Сашьа ихәыҷы хышықәса зхыҵуаз аибашьра ашьҭахь иабду абас иеиҳәеит - уара бабаду, ақырҭцәа бналаны ицеит шәҳәеит, нас ари ақырҭуа ԥҳәыс дабантәиааугеи ҳәа. Уи ҳара ҳарлахҿыхит".
Мзиа Кәыҵниаԥҳа лаҳәшьцәеи лареи рџьабаа рԥылеит ҳәа илыԥхьаӡоит. Лажәа хыркәшауа абас иҟаз аҳәамҭа ҟалҵеит: "Ҳара ишҳалшоз ала, ԥҳәыс напыла аҷкәынцәа зааӡаз ҳауп. Ииашаны иҳааӡазшәа здыруеит, уаҳа ишысҳәара сыздыруам...".
Аҟәа Аиааира апроспект аҿы иҟоу дәқьан хәыҷк аҿы аус луеит еснагь алаф сышьҭазҳәо ԥҳәыск. Сара еснагь издыруан уи дшыԥҳәысеибаз, аха адәахьы акгьы зынзмырԥшуаз лҟазшьа еснагь исгәаԥхон. Саргьы лара лҿы аныдгылара бзиа избоит, иҟоуп хәыҷы-мыҷык анаасхәогьы… Лида Ԥачлиаԥҳа лыхьӡуп зыӡбахә цәырызго аԥҳәыс. Лыԥшәма Руслан Бранӡиа дҭахеит ԥхынгәы 8 1993 шықәсазы Шрома анҭадырцәуаз. 26 шықәса зхыҵуаз Лида дыԥҳәысеибаны даанхеит хҩык ахшара Аслан, Алхас, Виачеслав ааӡатәыс илыманы.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәЛида Ԥачлиаԥҳа
Лида Ԥачлиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Лида Ԥачлиаԥҳа
"26 шықәса схыҵуан усҟан, аха ҩынтә 26 схыҵуашәа сҟалеит. Сеизҳаит убысҟак. Абри сара ишԥасылымшо ҳәа схәыҷқәа рааӡара сҽазыскит. Аибашьра анеилгаз Пицунда ҳаҟан. Иара иуацәақәа рҿы анышә дамардеит данҭаха, нас ианеилга арахь диаҳгеит. Иҟасҵоз аԥҳәыс, аҟәарҭ акәҷарақәа аҵаԥсаны ианаанхо еиԥш сынхеит. Абыржә сахьынхо саҳәшьа дынхон, ақырҭуа диман деибашьӡомызт, дзалымҵӡеит лара. Убри дыҟазар ҳәа сааит. Сахьааиз лывараҿы инхози сареи ҳаибадыруан, убра анхара салагеит саҳәшьа лзааигәара…", - абас илгәалалыршәоит сажәабжьҳәаҩ Аҟәа лынхара дазааҭгыло.
Руслан Бранӡиа д- Ҷлоутәин Аҟәа аргылараҿы аус иуан. Лидеи иареи рыԥсҭазаара анеиларҵа Аҟәа қьырала ауадақәа амхны инхон. Нас, Ешыра анхарҭа рырҭеит. Аибашьра аналогоз хҩык аԥацәа рыман, ахәыҷқәа иреиҵбыз хышықәса ихыҵуан.
"Аԥхьа Гәымсҭа дгылан, нас агәыԥ "Шьараҭын" далалеит. Иара иан лахь ҩадахьтәи афронт ахь дцар иҭахын, урҭ ргәы иҭан уахь ацара. Дара хҩык аишьцәа ыҟан. Ран лхала Ҷлоу дыҟан, аха дзымцаӡеит. Дҭахеит Шрома аҵыхәтәантәи ажәылараҿы. Иара есымша иҳәон иԥеиԥшыз идыруазшәа - аибашьра мышкы-зны еилгоит аха, анҵәамҭазы иҭахо дрыцҳами, абри аҟара аџьабаа баны ҳәа. Сыԥшәма данҭахоз ахәыҷы аиҳабы аҩежьра ихьын дсыманы ахәшәтәырҭаҿы сышьҭан. Убысҟан Шрома данцоз амш цәгьан, аха днеин ҳаибеит наӡаӡа ҳәа ҳаиҳәазшәа... 33 шықәса ихыҵуан данҭахоз. Сахьышьҭаз сацалеи даҽа ԥҳәыски неин, баала аҩныҟа рҳәеит. Аҩны ҳазҭадаз, апансионат акәын иҳамаз аха. Дырхәит ҳәа сарҳәеит аԥхьа. Ауаа шьны, ихәны уажәы-уажә иааргон азы, сара уи сазыԥшын еснагь аибашьра иалагазар. Дҭахоит ҳәа схахьы иаазгаӡомызт, аха еибашьрамзи ак ҟалар шалшоз здыруан. Иара џьарак дынгыломызт. Чернобыль дцахьан атҟәацра аныҟалаз, нас абра даангылозма? Аԥсуа гвардиа анеиҿыркаа уахь дцеит. Иԥсы цон Аԥсны азыҳәан. Нас, хәыҷы-хәыҷла ани ус дақәшәеит, ари ус дақәшәеит схала соума ҳәа схәыцуа схы снапаҿы иаазгеит. Ари еибашьроуп, аӡә дҭамхар ауам ҳәа сҳәон. Иашьеиҵыбгьы Баҭал ихьӡын уигьы дҭахеит…", - абас иҟоуп Лида лхәыцрақәа.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәЛида Ԥачлиаԥҳа иҭахаз лыԥшәма Руслан Бранӡиа
Лида Ԥачлиаԥҳа иҭахаз лыԥшәма Руслан Бранӡиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Лида Ԥачлиаԥҳа иҭахаз лыԥшәма Руслан Бранӡиа
Аибашьара ашьҭахь аԥҳәысеибара аныҟәгара даналацәажәогьы, Лида уадаҩрак зхызгаз леиԥш акәымкәа, ллакҭа аԥхарра анубаало дуацәажәоит. Аха, лцәажәараҿы илҳәеит "заҟа лаӷырӡы касҭәаз, сыхчы иадыруеит" ҳәа. Имариамызт уи аԥҳәысеибара амҩа, аха ахәыҷқәа раҳаҭыразы ианыстәын. Уи аԥсҭазаара адаҟьа абас далацәажәоит лара:
"Аԥхьа схәыҷқәа хәыҷын акгьы сзалагаӡомызт азы, сҭаацәа сыцхрааит. Сҭаацәа анцәа ишиҳәара иҟан, афатә, ажәтә уҳәа акгьы сыгдырхаӡомызт, сашьцәа амҿы ԥҟаны исзааргон. Санхәа ҩыџьа лыҷкәынцәа ҭахеит лхала лакәын иҟаз аҩны, илылшоз ала дсыхәон уигьы. Аха, есқьынагьы аӡәгьы дуцхрааӡом. Нас ахәыҷбаҳчақәа анаадырт "Алашара" аҟны аусура салагеит, схәыҷқәагьы уа иасҭеит. Арда Лакәаба даман еиҳабыс усҟан. Иҳауаз ҳәа акагьы ыҟамызт, аха схәыҷқәа алазбон. Нас, Аҟәатәи алицеи-интернат анаадырт, схәыҷқәа уа иҭасҵан саргьы уа аусура салагеит. Убра ҩба, хԥа ҭыԥ рҿы аус зуан, ҷаԥшьаҩыс, кастелианшас, ааӡаҩ ицхырааҩс. Араҟагьы схәыҷқәагьы аласааӡон. Сара даҽаџьара аусура сыԥшаар, арҭ ашкол аҟынтәи иаар избодаз? Заур Быҭәба усҟан директорс иамаз даҳқыҭантәин сидикылеит. Иагьсзеиҭаҳәом закә уадаҩроу исхызгаз. Уахынла лак шыр сшәаԥырҳаԥуа ашә сцәыҵыԥшны скылыԥшуан, ишәарҭан усҟангьы…".
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәЛида Ԥачлиаԥҳа лыхшаареи лареи
Лида Ԥачлиаԥҳа лыхшаареи лареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Лида Ԥачлиаԥҳа лыхшаареи лареи
Лида Ԥачлиаԥҳа лыԥшәма данҭаха ашьҭахь девизс ишьҭылхит – абри сара иҟасҵароуп, исылшароуп ҳәа. Уи лыцхраауан иуадаҩыз аамҭазы, лыхшара амлакра захьӡу дмырдыркәа рааӡарҿы. Ииашоуп, руаӡәы дышқәыԥшӡаз длыԥхеит, аха егьырҭ ҩыџьа лԥацәа иахьа иҭаацәароуп, хҩык амаҭацәа лымоуп.
"Сара ахаангьы агәылара акы саҳәомызт, аџьымшьы сымамзаргьы џьымшьыда иҟасҵон афатә. Саҳәшьеи сареи аанда ҳабжьан, аха уигьы слыҳәаӡомызт, лара илҭахны ишсыгу баны ак сылымҭозар. Сгәылацәа бразҵааргьы ибарҳәоит – абри лыбжьы мыргаӡакәа лхәыҷқәа лааӡеит, рчарақәа луит ҳәа. Ԥсоу зегь ахьцоз сцаны аԥара сырҳар сҭахын, аха схәыҷқәа абазгоз? Избоз дсымаӡамызт. Амала, аԥхын ахәыҷқәа аноурыжьлакгьы сан илбон азы аус зуан ана, ара, схы сахәон, асаан сыӡәӡәама, афатә ҟасҵама, даҽак ҟасҵама. Стәаны схала егьарааны сҵәыуахьан. Схәыҷқәа еиқәак, еиқәак акәын ирымаз, иӡәӡәаны ирбаны ашьыжь ирхьысыгӡон. Амҿы зҭарҵоз арԥхага гылан, исырбон убри иадыргыланы. Ауадаҩра иагарааны исоухьан, аха есқьынагьы ауаа рахь сылахь еиқәны сцәырҵуамызт. Бара ауаҩы дбыхәаԥшыр зегь еиқәышәшәа ибымоушәа быҟоуп рҳәон сҩызцәа", - ахаҵмԥҳәыс ззуҳәаша Лида лажәақәа абас иҟоуп.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәЛида Ԥачлиаԥҳа лмаҭацәеи лареи
Лида Ԥачлиаԥҳа лмаҭацәеи лареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Лида Ԥачлиаԥҳа лмаҭацәеи лареи
Лида абизнес ахь диасит лхәыҷқәа андуха, дырцәымшәо даналага. Зны аҿхышә (ларек) аҿы аус луан. Нас, апроспект аҿы лус аалыртит. Абыржәы сџьабаа сԥылеит лҳәаратәы дыҟоуп. Лхаҭа лакәзар, абас еиԥш иҟоу алкаақәа ҟалҵеит: "Ажәытә аҷқәын дзааӡаз лоуп ан рҳәон. Аԥҳәысеиба лзыҳәан еиҳагьы иуадаҩуп. Аӡӷаб лааӡара еиҳа имариоуп. Исзыӡырҩуан сыҷқәынцәа, абыржәгьы аҳәса шааргахьоугьы исҳәо раҳауеит, абӷьыжәҳәа аҭак сырҭом. Сара сажәа аӷьны ак анрасҳәоз, иӡырыҩуан, нас - иазхоит, иҳаҳаит рҳәон. Исҳәаз шнаҩыз еилыскаауан. Схәыҷқәа амла иамыркӡакәа исааӡеит сҳәартә сыҟоуп. Саргьы стәамызт аиашазы. Абра сахьынхо ажь сҭаауан, аҩы ҭасҭәон. Зегь ҟасҵон, иҟасымҵар сабацоз? Ихыуҩашаз зегь хызҩон аԥхын. Нас, аибашьра анеилгазҵәҟьа агәыҳалалратә цхыраара ҳарҭон - ачашыла, азараҟьахәша уҳәа. Амла акәзар, зынӡа иамкит сыхшара, аха егьыс ицәгьан ршьапы рықәыргалара".
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәЛида Ԥачлиаԥҳа лыхшаареи лареи
Лида Ԥачлиаԥҳа лыхшаареи лареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2025
Лида Ԥачлиаԥҳа лыхшаареи лареи
Уажә ишәыдызгало аҭоурых Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аӡбахә ззымыруа дыҟоуп ҳәа сыҟам. Уи ибзиаӡаны иаанарԥшуеит иҳақәлаз агрессор ихаҿра. 1993 шықәсазы жәабрани хәажәкыреи рыбжьара Аӡҩыбжьа ақыҭан атерроризм ззырҳәаҵәҟьо ҟалеит - Дгебиаа, Џьыкраа, Карчаа уҳәа ҳаблак аҿы инхоз аԥсуа ҭаацәарақәа бџьармцала иҭадырхеит ақырҭқәа. Ас изыҟалаз, амҩа аҿықә инхоз Аҭара ала иалҵит, аха ҵаҟа инхоз залымҵӡеит. Ари аиҭаҳәаразы сидҵаалеит усҟан ҩ-шықәса зхыҵуаз, дшыхәыҷыз аибара знырыз Гьаргь Габуниа.
Иан Шьулиа Адлеиԥҳа усҟан лхәыҷқәа лыманы лабраа рҿы Отаԥ ақыҭаҿы дыҟан. Гьаргь ҩыџьа аиҳәшьцәа драшьазаҵәуп. Хәажәкыра 31 1993 шықәсазы Габуниа Аппалон иашҭа иҭалеит ақырҭуа гвардиауаа. Абас далагеит Гьаргь иеиҳабацәа рҟынтәи иидыруа ажәабжь, насгьы еиқәиԥхьаӡеит уи атерроризм иахҟьаны рҭаацәараҿы иҭахаз:
"Саб Габуниа Аппалон, иашьа Шьоҭа, уи иԥҳәыс Галина Барганџьиаԥҳа, 90 шықәса зхыҵуаз сабду Григори, 80 шықәса ирҭысхьаз санду Мариа Џьанџьариа. Саб иашьа Шьоҭа иԥа Џьон нанҳәа 16 рзы Аҟәа ашьхаҿы дҭахахьан. Ҳара ҳтәқәа иреихсны акәӡам ишыршьуаз, аҳәызбақәа рылшьны иршьит. Уа Аӡҩыбжьа еилаԥсами аҭаацәарақәа, Альдона Жваниа ҳәа дыҟоуп убри лхаҵа Чекветаӡе ижәлан, дақырҭуан. Дуасҭан иара атәы идыруан азы, индырҵәаз ҳҭаацәа зҭарҵоз аҭоубыҭқәа зегь иара иоуп иҟазҵаз, нас ҳнышәынҭрақәа рҿы иржит. Ақырҭқәа ари анеилыркаа иара Чекветаӡегьы аҩны даадәылган дыршьит аԥсуаа анышә иамоудеит ҳәа. Ас изыҟалаз, ҳара ҳахьынхо амҩаду иазааигәаӡам. Изалымҵӡеит зегьы. Саб раԥхьатәи амшқәа рзы дцо даауа дыбжьан, аха нас асы анауы еиҳагьы иуадаҩхеит алҵра. Саб иашьа усҟан 60 шықәса дырҭысхьан. Иҷкәын дшыршьыз аб идыруан, аха иҳәаӡомызт, избанзар иԥсыбаҩ аӡәгьы имбацызт. Иан Барганџьиаԥҳа илыздырӡомызт лыҷқәын Џьон дшыршьыз, амала аҿар акәша-мыкәша инхоз ираҳахьан. Лара имшира аҽны жьҭаарамзазы иҩызцәа уа иҟаз ааизылган ла лтәала иазгәалҭеит. Зыԥсы ҭоу иеиԥш иныҳәаҿагьы ныркылеит инеиз. Аб Шьоҭа иакәзар, иԥа дышҭахаз аниаҳа адабла исит, диан убри нахыс. Сабду усгьы дцәарҭанхалан, сандугьы дбыргын. Саб убра дрыдхалеит. Абри аҟынтә илымшеит урҭ ралгара. Ахалдабаа роуп уа аҳра зуаз, дара ракәын ижьышуа иаваз, урҭ ирыхгаӡам иҟалаз. Саб иашьа Шьоҭа аҩбатәи иҷқәын Анатоли 29 шықәса зхыҵуаз Ешыратәи ахырхарҭаҿы деибашьуан. Иараӡәк иоуп ахацәа рҟынтәи ҳҭаацәараҿы еиқәхаз. Иара аԥхьа издырӡомызт иҭаацәа шыршьыз. Абри аинаалара ҳәа аҭынчра аныҟала Москва ицеит иҩызаки иареи. Убра иидырқәоз Каҷараақәак аӡҩыбжьаатәиқәа иарҳәеит иҟалаз".
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иани, иаби, иаҳәшьцәеи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/7
Гьаргь Габуниа иани, иаби, иаҳәшьцәеи
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иани иаби
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/7
Гьаргь Габуниа иани иаби
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иаҳәшьцәа
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
3/7
Гьаргь Габуниа иаҳәшьцәа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иаҳәшьцәеи иареи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
4/7
Гьаргь Габуниа иаҳәшьцәеи иареи
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иани иареи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
5/7
Гьаргь Габуниа иани иареи
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иаби, иаҳәшьцәеи иареи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
6/7
Гьаргь Габуниа иаби, иаҳәшьцәеи иареи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
7/7
1/7
Гьаргь Габуниа иани, иаби, иаҳәшьцәеи
2/7
Гьаргь Габуниа иани иаби
3/7
Гьаргь Габуниа иаҳәшьцәа
4/7
Гьаргь Габуниа иаҳәшьцәеи иареи
5/7
Гьаргь Габуниа иани иареи
6/7
Гьаргь Габуниа иаби, иаҳәшьцәеи иареи
7/7
Жәларык аԥсуа ҳәсақәа реиԥш Гьаргь иан Шьулиа Адлеиԥҳа аԥҳәысеиба лкәал дааҭагылар акәхеит лыхҩы хәыҷқәа ааӡатәыс илыманы. Аибашьра ашьҭахь иаразнак Аӡҩыбжьаҟа дааит, аҩны дахылеит лара.
"Аибашьра шыҟаз, иҟалаз, ианылаз ҳҭаацәа ирыхьыз зегьы сеиҳабацәа исарҳәеит еилыскаауа саныҟала. Аӷа дазусҭаз здыруан, уи ихаҿы зеиԥшраз еилыскаауан иршьыз сҭынхацәа аӡәгьы дсыздыруамызт аха", - иҳәоит Гьаргь ишыхәыҷыз адухара уалны издылаз.
Гьаргь ибзиаӡаны игәалшәоит аибашьра ашьҭахьтәи ауадҩрақәа раамҭазы иан илхылгоз, иаргьы дышхәыҷыз аидара хьанҭа ибӷа ишықәлаз: "Иуадаҩын аамҭа. Алашара ҳамамызт, амала ҳаарыхуан, амхы ҟаҳҵон, сан убри зегь лҟәаҟәа иқәылхит. 8 шықәса анысхыҵуаз сҽага кны Баӷлан сҭагыланы срашәон. Сан Аҟәатәи аинтернат ҳалҭеит, уа ҳалгеит саҳәшьцәеи сареи. Нас, исгәалашәоит амандарина, алимон тоннала ишҿалоз, уажәы иҟалом аха. Сара хәышықәса анысхыҵуаз сан слыцны сцон Ԥсоуҟа, избанзар сахьынлыжьуаз лымаӡамызт. Саргьы смыждан џьаргьы саангылаӡомыз. Ахәаахәҭра ҳәа акгьы сылымҵӡеит, аха сан слыцын. Зны сииразы аршаҳаҭга ҳхашҭны ҳцеит, убра аҳәааҿы ҳгылан агәаран ҳақәгылан, асааҭ З рзы ҵхыбжьон ҳаурыжьит. Убасҟан ауп ларгьы ианылгәалашәа ишылхашҭыз аршаҳаҭга. Сан бымшәан сара иҟасҵоит зегьы сҳәан, хаҵак агәаргәалеи ианҵаны адаԥа ахызгоз сивагыланы срымбаӡақәа аҳәаа сахысны сцеит. Сан лмандаринақәа алалҵеит, нас ҳхынҳәит. Скылкәрааны сцеит схәыҷымзи, усҟан уажәеиԥш игәарҭаӡомызт, ари акабинақәа ҳәа изышьҭоу ыҟаӡамызт. Сан леиԥш саргьы аидара саҵан. Ани ацәаҳәеихдақәа зынпыҟҟало асумка еимакеиҿакны ианаҳгоз, соура хәыҷымзи ахьанҭара са сахь ииасуаз сзышьҭыӡомызт. Акырынтә амаа еиакәрҳәны иааныскылахьан, снапы ашьа ахьыжжы ианыҟазгьы ыҟан…", - абри амҩа данысит иан длыцны заԥхьаҟа изиндырҩханы иҟалашаз Гьаргь хәыҷы.
Абырсҟак шырхыргазгьы игыгшәыгымхаӡеит Габуниаа рҭаацәара. Гьаргь иаб иашьа иԥа Анатоли (Толик) аибашьра ашьҭахь даныгьежь Аӡҩыбжьа ақыҭа аиҳабыс дҟарҵеит, Уарчагьы иахылаԥшуаз иара иакәын. "Абри аҟара иҭаацәа ишырзырузгьы уа инханы иҟаз 40-ҩык рҟынӡа агырцәеи ақырҭцәеи аӡәгьы дрыламыркьыскәа Қырҭәылаҟа ишьҭит. Дгьыл ҿаҵакгьы ихазы инимкылеит… Иахьатәи аамҭазы аихшьаала ҟасҵозар, агәаҟра рацәа ҳхаҳгазаргьы, зегьы Анцәа ишиҳәара ҳаҟоуп...", - абас ихиркәшеит иажәа иахьагьы Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Гьаргь Габуниа.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/2
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи
© FotoГьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/2
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи
1/2
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи
2/2
Гьаргь Габуниа иԥҳацәеи иареи
Ажәабжьқәа зегьы
0