https://sputnik-abkhazia.info/20251002/1058012991.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апроект "Ҳаԥхьаҟатәи аԥсуа бызшәа" хацнаркит "Аԥсны акоманда". "Анеироҳақәа — абызшәа аиқәырхаразы ацифратә хьчагоуп, уи аҩыза аиқәырхага аԥаҳҵоит апроект... 02.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-02T13:30+0300
2025-10-02T13:30+0300
2025-10-02T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/02/1058012825_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_d6734310ecd0c3907cffcb8a829452c2.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апроект "Ҳаԥхьаҟатәи аԥсуа бызшәа" хацнаркит "Аԥсны акоманда". "Анеироҳақәа — абызшәа аиқәырхаразы ацифратә хьчагоуп, уи аҩыза аиқәырхага аԥаҳҵоит апроект аҳәаақәа иҭагӡаны", — лҳәеит апроект "Ҳаԥхьаҟатәи аԥсуа бызшәа" автор, "Аԥсны акоманда" иаиааиз Анна Гәниаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, апроект ахықәкы — аурысшәа аҟынтәи аԥсшәахь аиҭагароуп, уи ахәыҷқәа рҭелқәа рыла арҵагашәҟәқәеи ацҵақәеи рхархәаразы алшара рынаҭоит. Апроект атехникатә хәҭа нарыгӡоит IT-аусдырцәа Дамеи Џьонуеи Мирон Бараҭелиеи.
III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Аконференциа аполитикатә, аҳәынҭқарратә усзуҩ Тарас Шамба игәалашәара аҳаҭыраз имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит ААУ апресс-маҵзура. Аконференциа иалахәуп Аԥсуа университет ахаҭарнакцәа, Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа, астудентцәа, аҵарауаҩ иҩызцәеи аус ицызуази. "Тарас Мирон-иԥа — дҿырԥшыгоуп,— иԥсадгьыл ахь, аҭҵаарадыррахь, иҳәынҭқаррахь имаз абзиабара ала. Ааԥсарак ҟамҵо, акрызҵазкуаз иус даҿын", — иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апроректор Максим Ӷәынџьиа.
Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы ианаамҭоу аҳәаанырцәтәи атәылауҩшәҟәқәа аздырхиарц. 2026 шықәса ажьырныҳәа 20 инаркны урҭ Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рахь уаанӡеиԥш рираз аршаҳаҭгашәҟәқәа рхы иархәаны ацара рылшом. "Ари аԥҟара ахархәара аиуеит ахәыҷы иани иаби дрыцны дцозаргьы, ма дымҩанызго аӡәы дицны дцозаргьы", — ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿы.
Лыхны имҩаԥысраны иҟаз Ҽаҩраҭагалара аныҳәа жьҭаара 11 рҟынтә жьҭаара 12 рахь ииаргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩазы Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарацхьелиа. "Жьҭаара 11 рзы адинытә ныҳәа азгәазҭо Лыхнытәи ауахәама амаҵзуцәеи ақыҭауааи иҟарҵаз аҳәарала иҳаӡбеит аныҳәа азгәаҭара ахҳарԥарц", – ҳәа иҳәеит иара. Кәарацхьелиа иазгәеиҭеит цәыббра 12 рзы Аԥсни Урыстәылеи Ақыҭанхамҩатә усзуҩцәа рымш акәны ишыҟоу, убри аҟнытә ари арыцхә еиҳагьы ишанаало. Аныҳәа рхы аладырхәуеит араион ақыҭақәа ҩажәа рхаҭарнакцәа, Афон ҿыц, Ҟарачы-Черқьесскнтәи асасцәа. Урҭ аҭааҩцәа ирыдыргалоит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи, амилаҭтә чысқәеи, арыжәтәқәеи.
Апроект "Ҳаԥхьаҟатәи аԥсуа бызшәа" хацнаркит "Аԥсны акоманда". "Анеироҳақәа — абызшәа аиқәырхаразы ацифратә хьчагоуп, уи аҩыза аиқәырхага аԥаҳҵоит апроект аҳәаақәа иҭагӡаны", — лҳәеит апроект "Ҳаԥхьаҟатәи аԥсуа бызшәа" автор, "Аԥсны акоманда" иаиааиз Анна Гәниаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, апроект ахықәкы — аурысшәа аҟынтәи аԥсшәахь аиҭагароуп, уи ахәыҷқәа рҭелқәа рыла арҵагашәҟәқәеи ацҵақәеи рхархәаразы алшара рынаҭоит. Апроект атехникатә хәҭа нарыгӡоит IT-аусдырцәа Дамеи Џьонуеи Мирон Бараҭелиеи.III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Аконференциа аполитикатә, аҳәынҭқарратә усзуҩ Тарас Шамба игәалашәара аҳаҭыраз имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит ААУ апресс-маҵзура. Аконференциа иалахәуп Аԥсуа университет ахаҭарнакцәа, Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа, астудентцәа, аҵарауаҩ иҩызцәеи аус ицызуази. "Тарас Мирон-иԥа — дҿырԥшыгоуп,— иԥсадгьыл ахь, аҭҵаарадыррахь, иҳәынҭқаррахь имаз абзиабара ала. Ааԥсарак ҟамҵо, акрызҵазкуаз иус даҿын", — иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апроректор Максим Ӷәынџьиа.Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы ианаамҭоу аҳәаанырцәтәи атәылауҩшәҟәқәа аздырхиарц. 2026 шықәса ажьырныҳәа 20 инаркны урҭ Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рахь уаанӡеиԥш рираз аршаҳаҭгашәҟәқәа рхы иархәаны ацара рылшом. "Ари аԥҟара ахархәара аиуеит ахәыҷы иани иаби дрыцны дцозаргьы, ма дымҩанызго аӡәы дицны дцозаргьы", — ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿы.Лыхны имҩаԥысраны иҟаз Ҽаҩраҭагалара аныҳәа жьҭаара 11 рҟынтә жьҭаара 12 рахь ииаргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩазы Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарацхьелиа. "Жьҭаара 11 рзы адинытә ныҳәа азгәазҭо Лыхнытәи ауахәама амаҵзуцәеи ақыҭауааи иҟарҵаз аҳәарала иҳаӡбеит аныҳәа азгәаҭара ахҳарԥарц", – ҳәа иҳәеит иара. Кәарацхьелиа иазгәеиҭеит цәыббра 12 рзы Аԥсни Урыстәылеи Ақыҭанхамҩатә усзуҩцәа рымш акәны ишыҟоу, убри аҟнытә ари арыцхә еиҳагьы ишанаало. Аныҳәа рхы аладырхәуеит араион ақыҭақәа ҩажәа рхаҭарнакцәа, Афон ҿыц, Ҟарачы-Черқьесскнтәи асасцәа. Урҭ аҭааҩцәа ирыдыргалоит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи, амилаҭтә чысқәеи, арыжәтәқәеи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/02/1058012825_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3bb9eff9175bbe163b5b8addd7fe80ad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио