https://sputnik-abkhazia.info/20251002/adar-urystylauaa-rakh-aakhara-anaeit-akhya-ianaamou-rtylausha-ryzdyrkhiarts-1058006619.html
АдәАР урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ахәыҷқәа ианаамҭоу ртәылауҩшәҟәқәа рыздырхиарц
АдәАР урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ахәыҷқәа ианаамҭоу ртәылауҩшәҟәқәа рыздырхиарц
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы ианаамҭоу аҳәаанырцәтәи... 02.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-02T11:10+0300
2025-10-02T11:10+0300
2025-10-02T12:53+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/15/1033252776_0:213:2887:1836_1920x0_80_0_0_2e1e7a68c10065027c59db7193e520ab.jpg
АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы ианаамҭоу аҳәаанырцәтәи атәылауҩшәҟәқәа аздырхиарц. Абри атәы аанацҳауеит Амиграциатә маҵзура ахатәы Telegram-канала аҿы.2026 шықәса ажьырныҳәа 20 инаркны урҭ Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рахь уаанӡеиԥш рираз аршаҳаҭгашәҟәқәа рхы иархәаны ацара рылшом.14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәеи зықәра наӡахьоу атәылауааи Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа рхы иархәаны арҭ атәылақәа рахь ацара рылшоит. Уи адагьы, 2026 шықәса ажьырныҳәа 20 рҟынӡа аиразы аршаҳаҭгашәҟәы зманы Урыстәыла иалҵыз ахәыҷқәа иара уи рхы иархәаны ахынҳәра рылшоит.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/15/1033252776_77:0:2808:2048_1920x0_80_0_0_4d0009f10f1d7d6eb0fe60d73495cf0f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АдәАР урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ахәыҷқәа ианаамҭоу ртәылауҩшәҟәқәа рыздырхиарц
11:10 02.10.2025 (ирҿыцуп: 12:53 02.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы ианаамҭоу аҳәаанырцәтәи атәылауҩшәҟәқәа аздырхиарц. Абри атәы
аанацҳауеит Амиграциатә маҵзура ахатәы Telegram-канала аҿы.
2026 шықәса ажьырныҳәа 20 инаркны урҭ Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рахь уаанӡеиԥш рираз аршаҳаҭгашәҟәқәа рхы иархәаны ацара рылшом.
"Ари аԥҟара ахархәара аиуеит ахәыҷы иани иаби дрыцны дцозаргьы, ма дымҩанызго аӡәы дицны дцозаргьы", — ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿы.
14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәеи зықәра наӡахьоу атәылауааи Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа рхы иархәаны арҭ атәылақәа рахь ацара рылшоит. Уи адагьы, 2026 шықәса ажьырныҳәа 20 рҟынӡа аиразы аршаҳаҭгашәҟәы зманы Урыстәыла иалҵыз ахәыҷқәа иара уи рхы иархәаны ахынҳәра рылшоит.