https://sputnik-abkhazia.info/20251004/sevastopol-iou-uag-afond-aynti-30-inareiany-asakhaa-tsyrgaoup-aa-1058056518.html
Севастополь иҟоу УАГ афонд аҟынтәи 30 инареиҳаны асахьақәа цәыргақәҵоуп Аҟәа
Севастополь иҟоу УАГ афонд аҟынтәи 30 инареиҳаны асахьақәа цәыргақәҵоуп Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Севастополь иҟоу Урыстәылатәи асахьаҭыхратә галереиа афонд аҟынтәи 30 инареиҳаны асахьақәа цәыргақәҵоуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа... 04.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-04T13:44+0300
2025-10-04T13:44+0300
2025-10-04T13:44+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/04/1058056106_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_1594275b828078eb3ac4347ac2d64849.jpg
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Севастополь иҟоу Урыстәылатәи асахьаҭыхратә галереиа афонд аҟынтәи 30 инареиҳаны асахьақәа цәыргақәҵоуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.УАГ амузеи-цәыргақәҵатә центр анапхгаҩы Витали Зотов РИА Новости Ҟрым иаиҭаз аинтервиу аҟны иҳәеит, ас еиԥш иҟоу апроектқәа Аҟәеи Севастополи рзы мацара акәымкәа, иааизакны атәылақәа рзы аҵак ду шамоу. Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа инарываргыланы, Урыстәылатәи афедералтәии арегионалтәии амузеиқәа рҟынтәи урыстәылатәи аҿыханҵа иреиӷьӡоу аусумҭақәа цәыргақәҵоуп — урҭ раԥхьаӡакәны Аԥсны идырбоуп. Абылра ашьҭахь еиҭашьақәыргылоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аартын жьҭаарамза 1 азы. Ацәыргақәҵатә зал хада ахьыҟаз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра 2024 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы иҟалаз амцакра иахҟьаны ааха ӷәӷәа аиуит. Аҭоурых-культуратә ҭынха аобиект ҳәа иԥхьаӡоу ахыбра дыргылеит 1912-1914 шықәсқәа рыбжьара. Хыхьтәи ахаҿра Аҟәа асахьала ихырҷоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/04/1058056106_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_b4d7cdf6259144f74893e1a1909604ff.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Севастополь иҟоу УАГ афонд аҟынтәи 30 инареиҳаны асахьақәа цәыргақәҵоуп Аҟәа
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Севастополь иҟоу Урыстәылатәи асахьаҭыхратә галереиа афонд аҟынтәи 30 инареиҳаны асахьақәа цәыргақәҵоуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
УАГ амузеи-цәыргақәҵатә центр анапхгаҩы Витали Зотов
РИА Новости Ҟрым иаиҭаз аинтервиу аҟны иҳәеит, ас еиԥш иҟоу апроектқәа Аҟәеи Севастополи рзы мацара акәымкәа, иааизакны атәылақәа рзы аҵак ду шамоу.
Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа инарываргыланы, Урыстәылатәи афедералтәии арегионалтәии амузеиқәа рҟынтәи урыстәылатәи аҿыханҵа иреиӷьӡоу аусумҭақәа цәыргақәҵоуп — урҭ раԥхьаӡакәны Аԥсны идырбоуп.
"Аҟәеи Севастополи амшын иаԥну қалақьқәоуп, дара еидызкало рацәоуп. Уи акультуратә еимадарақәеи аҟазаратә амчреи шьаҭас ирымоуп. Ҳара зыӡбахә ҳҳәо иаку акультуратәии агуманитартәии ҭыԥ ауп. Уи еиҳа аҵак ду амоуп Аиааира ду 80 шықәса анахыҵуа ашықәс азы", — иҳәеит иара.
Абылра ашьҭахь еиҭашьақәыргылоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аартын жьҭаарамза 1 азы. Ацәыргақәҵатә зал хада ахьыҟаз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра 2024 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы иҟалаз амцакра иахҟьаны ааха ӷәӷәа аиуит. Аҭоурых-культуратә ҭынха аобиект ҳәа иԥхьаӡоу ахыбра дыргылеит 1912-1914 шықәсқәа рыбжьара. Хыхьтәи ахаҿра Аҟәа асахьала ихырҷоуп.