https://sputnik-abkhazia.info/20251020/aandarei-lanyrkhei-lykhnasha-imaysuaz-araagalara-afestival-ay-aiaaira-rgeit-1058444069.html
Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит
Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион ахада... 20.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-20T19:10+0300
2025-10-20T19:10+0300
2025-10-20T23:18+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0c/1058241173_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_eb5feea37a42cc39189e3d6318c7fb9d.jpg
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион ахада ақыҭанхамҩазы ихаҭыԥуаҩ Иура Кәарацхьелиа. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Бармышь ақыҭа, ахԥатәи аҭыԥ — Дәрыԥшь. Урҭ 30 000, 20 000 мааҭ роуит. Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥеиԥш змоу Аԥсны" 10 нызқь мааҭ аҳамҭа рынаҭеит жәа-қыҭак: Лыхны, Дәрыԥшь, Бармышь, Мҵара, Блабырхәа, Ԥсырӡха, Ҟәланырхәа, Калдахәара, Абӷархықә, Хәаԥ. Кәарацхьелиа ишазгәеиҭаз ала, аиааира згаз ралхраан, аилак раԥхьаӡа иргыланы иазхәыцит афестиваль аҿы ацәыргақәҵақәа шеиҿыркааз аҩаӡара. Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит жьҭаарамза 20 рзы Гәдоуҭа араион ахадараҿы. Ҽаҩраҭагалара аныҳәа мҩаԥысит Лыхнашҭа жьҭаарамза 12 рзы. Уи Лыхны ақыҭан есышықәса еиҿыркаауеит 1984 шықәса раахыс.
https://sputnik-abkhazia.info/20251012/1058240220.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0c/1058241173_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_e13e0f4be181032d13d1184bdd97a807.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит
19:10 20.10.2025 (ирҿыцуп: 23:18 20.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион ахада ақыҭанхамҩазы ихаҭыԥуаҩ Иура Кәарацхьелиа.
Уи иажәақәа рыла, аиааира згаз ақыҭақәа 50 нызқь мааҭ иҟаз аҳамҭа хада еиҩшаны ироуит.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Бармышь ақыҭа, ахԥатәи аҭыԥ — Дәрыԥшь. Урҭ 30 000, 20 000 мааҭ роуит.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥеиԥш змоу Аԥсны" 10 нызқь мааҭ аҳамҭа рынаҭеит жәа-қыҭак: Лыхны, Дәрыԥшь, Бармышь, Мҵара, Блабырхәа, Ԥсырӡха, Ҟәланырхәа, Калдахәара, Абӷархықә, Хәаԥ.
Кәарацхьелиа ишазгәеиҭаз ала, аиааира згаз ралхраан, аилак раԥхьаӡа иргыланы иазхәыцит афестиваль аҿы ацәыргақәҵақәа шеиҿыркааз аҩаӡара. Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит жьҭаарамза 20 рзы Гәдоуҭа араион ахадараҿы.
Ҽаҩраҭагалара аныҳәа мҩаԥысит Лыхнашҭа жьҭаарамза 12 рзы. Уи Лыхны ақыҭан есышықәса еиҿыркаауеит 1984 шықәса раахыс.