https://sputnik-abkhazia.info/20251021/asny-ayanti-akhalanapkhgaraaraa-rakh-adeputat-iy-azy-eitslabueit-280-inareiany-auaa-1058444356.html
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь адепутат иҭыԥ азы еицлабуеит 280 инареиҳаны ауаа
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь адепутат иҭыԥ азы еицлабуеит 280 инареиҳаны ауаа
Sputnik Аҧсны
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи жьҭаарамза 19 рзы ихыркәшахеит. 21.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-21T09:00+0300
2025-10-21T09:00+0300
2025-10-21T18:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аинфографика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/14/1058437586_0:109:1747:1092_1920x0_80_0_0_8938979b80aadd9d23df663f21384098.png
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи аҭыԥантәи ахаланапхараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы 246ҩык ркандидатурақәа ықәдыргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит араионтә алхратә комиссиақәа.Гагра араионАраионтә Еизарахь 25 мандат иҟоу рзы 49-ҩык ықәгылоит. Апартиа "Иаку Аԥсны" 10 кандидатк ықәнаргылоит, "Амцахара" – аӡәы, 38-ҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи. Сиала алхыҩцәа 25 000ҩык рҟынӡа ыҟоуп.Гәдоуҭа араионГәдоуҭатәи араионтә еизарахь 29 округ рҟынтәи 50 кандидат алырхраны иҟоуп. 43 рзаҳал аԥшьгаратә гәыԥқәа инарышьҭит, 6 - апартиа "Аиҭаира", акы - "Иаку Аԥсны". Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара —25 000-ҩык рҟынӡа.Аҟәа араионАҟәа араион аҿы араионтә Еизарахь 28ҩык кандидатцәас рхы ықәдыргылеит. Аҭыԥқәа 15 депутаттә мандат ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 18 рзаҳал аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи ауп, 10 - аполитикатә партиақәа рҟынтәи . сиала 7 000ҩык алхыҩцәа ыҟоуп.АҟәаАҳҭнықалақь аҿы 41 кандидат ыҟоуп, аҭыԥқәа - 19. 38 рзаҳал аԥшьгаратә гәыԥқәа инарышьҭит, 3 - апартиа "Амцахара". Сиала алхыҩцәа 10 000ҩык ыҟоуп.Гәылрыԥшь араион15 ҭыԥ ахьыҟоу ҭыԥ-цыԥхьаӡа ҩыџьа-ҩыџьа кандидат ықәгылоуп. 30 кандидат аԥшьгаратә гәыԥқәа иқәдыргылеит. Сиала алхыҩцәа 11,5 - 12 нызқьҩык ыҟоуп.Очамчыра араионОчамчыратәи алхратә комиссиахь 54 рзаҳал нашьҭуп. 32 депутаттә ҭыԥ ыҟоуп. Апартиа "Иаку Аԥсны" аҟынтәи 3-ҩык, 19-ҩык "Амцахара" аҟынтәи, 32ҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи. Сиала алхыҩцәа 15 000-ҩык рҟынӡа ыҟоуп.Тҟәарчал араионТҟәарчал араион аҿы 15 депутаттә мандат роуразы 21-ҩык ықәгылоуп, урҭ рҟынтәи хәҩык апартиа "Амцахара" аҟынтәоуп, 4-ҩык– "Аиҭаира", 6-ҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи. Сиала алхыҩцәа 6 000ҩык рҟынӡа ыҟоуп.Гал араионГал араион аҿы 11 ҭыԥ рҿы 12-ҩык ықәгылоуп: "Амцахара" – 11, "ФНЕА" - 1, аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи - 2. Алхыҩцәа — 1,5 нызқьҩык рҟынӡа.Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥгахоит абҵара 8 рзы.Акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи рпроцесс жьҭаарамза 19 рзы ихыркәшахеит.Иааиуа жәамш ирылагӡаны алхратә комиссиақәа аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи ирыдыргалаз аусшәҟәқәа ргәаҭара мҩаԥыргоит.Аилагарақәа ԥшаамхар, акандидатцәа, аамҭалатәи алхрақәа рлахәылацәа рхаҭаратә бӷьыцқәа рырҭоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/14/1058437586_74:0:1675:1201_1920x0_80_0_0_cfb996675f626fece27844bdc17572a9.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, инфографика, аинфографика
ажәабжьқәа, инфографика, аинфографика
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь адепутат иҭыԥ азы еицлабуеит 280 инареиҳаны ауаа
09:00 21.10.2025 (ирҿыцуп: 18:21 21.10.2025) Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи жьҭаарамза 19 рзы ихыркәшахеит.
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи аҭыԥантәи ахаланапхараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы 246ҩык ркандидатурақәа ықәдыргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит араионтә алхратә комиссиақәа.
Араионтә Еизарахь 25 мандат иҟоу рзы 49-ҩык ықәгылоит. Апартиа "Иаку Аԥсны" 10 кандидатк ықәнаргылоит, "Амцахара" – аӡәы, 38-ҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи. Сиала алхыҩцәа 25 000ҩык рҟынӡа ыҟоуп.
Гәдоуҭатәи араионтә еизарахь 29 округ рҟынтәи 50 кандидат алырхраны иҟоуп. 43 рзаҳал аԥшьгаратә гәыԥқәа инарышьҭит, 6 - апартиа "Аиҭаира", акы - "Иаку Аԥсны". Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара —25 000-ҩык рҟынӡа.
Аҟәа араион аҿы араионтә Еизарахь 28ҩык кандидатцәас рхы ықәдыргылеит. Аҭыԥқәа 15 депутаттә мандат ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 18 рзаҳал аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи ауп, 10 - аполитикатә партиақәа рҟынтәи . сиала 7 000ҩык алхыҩцәа ыҟоуп.
Аҳҭнықалақь аҿы 41 кандидат ыҟоуп, аҭыԥқәа - 19. 38 рзаҳал аԥшьгаратә гәыԥқәа инарышьҭит, 3 - апартиа "Амцахара". Сиала алхыҩцәа 10 000ҩык ыҟоуп.
15 ҭыԥ ахьыҟоу ҭыԥ-цыԥхьаӡа ҩыџьа-ҩыџьа кандидат ықәгылоуп. 30 кандидат аԥшьгаратә гәыԥқәа иқәдыргылеит. Сиала алхыҩцәа 11,5 - 12 нызқьҩык ыҟоуп.
Очамчыратәи алхратә комиссиахь 54 рзаҳал нашьҭуп. 32 депутаттә ҭыԥ ыҟоуп. Апартиа "Иаку Аԥсны" аҟынтәи 3-ҩык, 19-ҩык "Амцахара" аҟынтәи, 32ҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи. Сиала алхыҩцәа 15 000-ҩык рҟынӡа ыҟоуп.
Тҟәарчал араион аҿы 15 депутаттә мандат роуразы 21-ҩык ықәгылоуп, урҭ рҟынтәи хәҩык апартиа "Амцахара" аҟынтәоуп, 4-ҩык– "Аиҭаира", 6-ҩык аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи. Сиала алхыҩцәа 6 000ҩык рҟынӡа ыҟоуп.
Гал араион аҿы 11 ҭыԥ рҿы 12-ҩык ықәгылоуп: "Амцахара" – 11, "ФНЕА" - 1, аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи - 2. Алхыҩцәа — 1,5 нызқьҩык рҟынӡа.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥгахоит абҵара 8 рзы.
Акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи рпроцесс жьҭаарамза 19 рзы ихыркәшахеит.
Иааиуа жәамш ирылагӡаны алхратә комиссиақәа аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи ирыдыргалаз аусшәҟәқәа ргәаҭара мҩаԥыргоит.
Аилагарақәа ԥшаамхар, акандидатцәа, аамҭалатәи алхрақәа рлахәылацәа рхаҭаратә бӷьыцқәа рырҭоит.