https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13165
Аҟәа Ахадара аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа ҭнаҵааит
Аҟәа Ахадара аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа ҭнаҵааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аҟәа Ахадара аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа ҭнаҵааит ҳәа аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура. Аҟәа ақалақь ахада идҵала... 27.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-27T14:50+0300
2025-10-27T14:50+0300
2025-10-27T16:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103040/14/1030401427_0:273:2601:1736_1920x0_80_0_0_94e465eae803409f98be80f792e97e7e.jpg
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аҟәа Ахадара аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа ҭнаҵааит ҳәа аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура. Аҟәа ақалақь ахада идҵала ариаҵәарақәа рыхьчареи реиқәырхареи рзы акомиссиа аԥҵоуп. Раԥхьаӡа акәны уи азы аҵлақәа рхылаԥшразы аспециалист — арборист дрыдыркылеит.Иара иажәақәа рыла, жәашықәсала аҵиаақәа рхылаԥшразы асистематә усура мҩаԥысуамызт. Аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа узазҳәом — урҭ рахьтә ирацәаны ачымазарақәа рымоуп, ииашамкәа рыхҵәара иахҟьангьы. Ақалақьтә мазареи ауаа ргәабзиареи рзы ишәарҭахаргьы рылшоит.Қриа иазгәеиҭеит ԥхьаҟа агхақәа рҽырцәыхьчаразы иахәҭоу амеханизмқәа шьақәыргылатәуп ҳәа, насгьы ари апрактика атәыла араионқәа зегьы рҿы аларҵәара аҭахуп ҳәа.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103040/14/1030401427_82:0:2397:1736_1920x0_80_0_0_b1f82d7b502fea19e24e38be9ac67e23.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҟәа
Аҟәа Ахадара аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа ҭнаҵааит
14:50 27.10.2025 (ирҿыцуп: 16:10 27.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аҟәа Ахадара аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа ҭнаҵааит ҳәа аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь ахада идҵала ариаҵәарақәа рыхьчареи реиқәырхареи рзы акомиссиа аԥҵоуп. Раԥхьаӡа акәны уи азы аҵлақәа рхылаԥшразы аспециалист — арборист дрыдыркылеит.
"Уаанӡа, иуҳәар ауеит, акомиссиа аӡбара ыҟамкәа, хазы-хаз игаз ақәҵарақәа рыдыркылон ҳәа. Уажәы ҳара иҳамоуп алшара иҟаҳҵо ма иҟаҳҵарц иаҳҭаху ԥхьаҟагьы хра аманы иҟазаарц азы аҭҵаарадырратә шьаҭақәа рыманы раԥхьа ирыдаагалаларц",—
иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекологиа аинститут аентомологиа алабораториа аиҳабы Михаил Қриа.
Иара иажәақәа рыла, жәашықәсала аҵиаақәа рхылаԥшразы асистематә усура мҩаԥысуамызт. Аҳҭнықалақь аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа узазҳәом — урҭ рахьтә ирацәаны ачымазарақәа рымоуп, ииашамкәа рыхҵәара иахҟьангьы. Ақалақьтә мазареи ауаа ргәабзиареи рзы ишәарҭахаргьы рылшоит.
Қриа иазгәеиҭеит ԥхьаҟа агхақәа рҽырцәыхьчаразы иахәҭоу амеханизмқәа шьақәыргылатәуп ҳәа, насгьы ари апрактика атәыла араионқәа зегьы рҿы аларҵәара аҭахуп ҳәа.