00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит. Атәыла ахада иазгәеиҭеит шықәсык ахь мышкы акәымкәа, ҳмилаҭ рзы амшқәа зегь ҳхатәы бызшәа иазкызароуп ҳәа. "Уи ҳмалқәа зегьы ирмалуп, ҳгәадуроуп. Уи аиқәырхара уалԥшьоуп ҳара ҳзы, уи иаанаго хмилаҭ аиқәырхара ауп", — ҳәа инаҵишьит ахада адныҳәалараҿы.Гәынба иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа адгылара аҭаразы аҳәынҭқарра анапхгара ирылшо зегь шыҟарҵо — ишацҵоу абжьаратә школқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа руалафахәы, аусбарҭақәа рҿы аизарақәа аԥсышәала иахьымҩаԥырго рхыԥхьаӡара ишазҳауа, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа аԥсуа бызшәа рыларҵәара ишаҿу, ари зегьы анагӡара аԥхьаҟагьы ишацҵахо.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә дачақәа рнапхгараҭара аусбарҭа еиҭеиҿкаауп. Аусбарҭа Бадра Гәынба иусԥҟала Аԥсны ахада Иусбарҭа иатәу аҳәынҭқарратә усҳәарҭа ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Аиҿкаара-штаттә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахаанӡа, аусбарҭа анапынҵақәа нанагӡалоит. Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аусҳәарҭа ҿыц аԥҟаԥҵәа ашьақәырӷәӷәареи Аиустициа аминистрраҿы ашәҟәҭагалареи рзы анапынҵа аҭоуп.
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат аатит Аҟәа ареспубликатә стадион аҿы. Аиааира иазықәԥоит аҟәатәи ашколқәа №1, №4, "Ҷлоу", "Кәтол", афонҿыцтәи "Аԥсар". Ақәыԥшцәа рыбжьара иқәгылоит Аҟәа, Дәрыԥшь, Ԥақәашь, Ҷлоу ркомандақәа. Ари аспортхкы аԥсуа жәлар жәытәнатә аахижьҭеи иныҟәыргон, иахьа уи ахьдыргьежьыз аҭоурыхтә ҵак дуӡӡа амоуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада аспорт азы ицхырааҩ Ахра Ашәба.
ААУ аҿы аицлабра "Адырра. Алектор" алахәылацәа рлекциақәа хацыркхеит. Урыстәылатәи ауаажәларра "Адырра" еиҿнакааз аицлабра хықәкы хадас иамоуп Аԥсны иреиӷьу алектор иалкаара. Иахьа аицлабра алахәылацәа астудентцәа рзы имазеиу алекциақәа ирыԥхьеит, анаҩс аекспертцәа рҿаԥхьа иқәгылоит. Урҭ ахәшьара рырҭоит азыӡырыҩцәа реиԥш апрофессионалтә жиурии. Ашьаустә зини ашьаусԥшаареи ркафедра алахәыла Ефрем Ҳагба аекономикатә факультет астудентцәа дырзаԥхьеит алекциа "Аҭҵаарадырра бзиа ишбатәу". "Абас еиԥш иҟоу аицлабрақәа рыла сзанааҭтә ҩаӡара иацысҵар сҭахуп, насгьы сымч ԥысшәар сҭахуп, избанзар еицлабрада амчи алшареи ԥышәашьа рымаӡам", — ҳәа иԥхьаӡоит Ҳагба.
Ажәабжьқәа зегьы
0