Бадра Гәынбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациеи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
20:29 27.10.2025 (ирҿыцуп: 23:06 27.10.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Бадра Гәынбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациеи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аделегациа напхгара азиуеит Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афракциа "Ажәлар ҿыцқәа" рнапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Даванков ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа ирыбзоураны ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазку аусеицуразы алшара ҿыцқәа цәырҵуеит. Абри ауп ҳзеиҧш хықәкы хада", - ҳәа иаҵшьны иҳәеит Гәынба.
Даванков Урыстәылеи Аԥсни рпарламентбжьаратә усеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит. Иара иҳәеит, апартиа ахада Алексеи Нечаев ареспубликеи дареи реизыҟазаашьақәа рыҿиаразы адҵа шықәиргылаз. Уи ихьӡала, Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин ихьӡала асаламқәа аҳәынҭқарра ахада ииҭеит.