https://sputnik-abkhazia.info/20251027/sputnik-amchybzh-asny-amedia-ytsa-adeputatrakh-akandidattsa-rara-aforuma-1058563443.html
Sputnik амчыбжь: "Аԥсны амедиа ҿыцқәа", адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра, афорумқәа
Sputnik амчыбжь: "Аԥсны амедиа ҿыцқәа", адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра, афорумқәа
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik жьҭаара 20 инаркны 26 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рзы есымчыбжьатәи ахҳәаа еиқәнаршәеит. 27.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-27T09:00+0300
2025-10-27T09:00+0300
2025-10-27T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1a/1058559160_20:0:1160:641_1920x0_80_0_0_08edd62174f4008ef52852ecb54e2a7f.jpg
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль шымҩаԥысыз, Алиса Гыцԥҳа лабораториатә еицлабраҿы аиааира згаз, ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа Амилаҭтә галереиа иалҭаз, Алиса Гыцԥҳа ллабораториатә еицлабраҿы аиааира згаз, иааиуа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы шаҟаҩы акандидатцәа рхы ҭарыҩхьоу, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә ԥыррақәа заанкылоу –шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы."Амедиа ҿыцқәа"Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль аатит Пицунда жьҭаара 20-22 рзы. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит 533-ҩык акандидатцәа рҟынтәи иалхыз 54-ҩык амедиаҟазауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы.Аусмҩаԥгатә аартраан дықәгылеит атәыла ахада Бадра Гәынба, уи иазгәеиҭеит аԥсуа журналистика аҩаӡара ҳараки атрадициа беиақәеи.Иара алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, иазгәеиҭеит аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәхара дасу рзанааҭтә лшара аарԥшразы ишхәарҭа дуу.Актәи амодуль иатема хаданы иҟан "Амилаҭтә информациатә суверинитет: уи аҽшеиҿнакаауеи излашьақәгылоу аелементқәеи".Уи иалҵшәаны иҟалоит иҿыцу ихьыԥшым амедиа-брендқәа раԥҵаа.Ахатәгәаԥхареибашьҩы наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараБадра Гәынба Арратә операциа ҷыдаҿы иҭахаз аԥсуа хатәгәаԥхарауаҩ Беслан Ҭарба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара далахәын ҳәа аанацҳаит жьҭаара 21 рзы ахада ипресс-маҵзура.Аусмҩаԥгатә далахәын аԥыза-министр Владимир Делбагьы.Аҳәынҭқарра ахада иҭахаз иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит, Беслан Ҭарба аиашара ахьчара ихы шақәиҵаз, уи ифырхаҵаратә ус наунагӡа аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ишаанхо азгәеиҭеит."Амузыка — иҳәаадоу адиалог"Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит Алиса Гыцԥҳа напхгара зылҭо IV жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториа "Амузыка — иҳәаадоу адиалог ".Аконцерт ду аламҭалазы ахада Бадра Гәынба идикылеит апроект автор, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳаи аицлабра "Амузыка – иҳәаадоу адиалог" ажиури алахәылацәеи.Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳа аҳәынҭқарра ахадеи акультура аминистрреи иҭабуп ҳәа ралҳәеит есышықәса аҽарҭбаара иаҿу апроект анагӡараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа иҟарҵо адгыларазы.Жьҭаара 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториа аихшьаалақәа ҟарҵеит. Апианист Александр Широков гран-при игеит."Аоператә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа ранашьан Екатерина Мишинеи Артиом Попови, аҩбатәи аҳамҭа – Иури Фельдшерови Катерина Веласкеси, ахԥатәи – Анастасиа Поповеи Наталиа Ливнечевеи."Акамертә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа иаԥсахеит Иулиа Герасимовеи Надежда Самареи, аҩбатәи аҳамҭа – Наталиа Цвирскаиеи Светлана Лубковеи, ахԥатәи – Ернест Сулеиманови Полина Тихоновеи."Аккомпанемент аҟазара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа ранашьан Александр Широков, аҩбатәи аҳамҭа —Александр Егорови Анна Катеневеи, ахԥатәи – Георги Манзурови Емилиа Монтаии.Кьасоу Ҳагба ииубилеиБадра Гәынба Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба 75 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит ҳәа аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит иара аԥсуа милаҭтә театр амаҵ азура 50 шықәса шазикыз, акадрқәа реиҵааӡараҟны аџьабаа шибахьоу, ҟазара ҳаракыла ишынашәыгӡахьоу ахәаԥшцәа рыбзиабара шәзаазгаз, ргәалашәараҿы инхаз арольқәа, иара убас ишмаҷым қәҿиарала дахьыхәмарыз акиносахьақәагьы, аҧсуа театр азы акадрқәа реиҵааӡара аус аҿы иџьабаа шыҟоу.Аԥсны ахада жәлар рартист изеиӷьеишьеит агәабзиара, ашықәсынҵыра рацәа, амилаҭ театр аӡыргараҿы ақәҿиара дуқәа, инымҵәо ахәаԥшцәа рыбзиабара.Ахада иԥшәмаԥҳәыс лҟынтәи аҳамҭаГиви Смыр иҭыхымҭа "Аԥсыԥ" Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.Аҟазаратә усумҭа Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа иаалхәеит Дамеи Қәычбериа ицхыраараз Афонд "Ашана" еиҿнакааз агәыҳалалратә аукцион аҿы.Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа ари асахьа агалереиа анаԥхгаҩы Сурам Сақаниа илҭеит.Иара агалереиаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа ацәыргақәҵа иахәҭакхоит, аԥсуа ҟазара иазҽлымҳау ирбартә иҟалоит.ҞЧА ахь аофициалтә ныҟәараИиасыз амчыбжь азы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет ахь официалла инеит.Аиԥылараан аҭҵаарадырреи аҵареи русхк аҿы аҩганк реинырреи русеицура аԥеиԥшқәеи ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет апресс-маҵзура.Аректор инапынҵақәа назыгӡо Татиана Шабзыхәеи апарламентарицәеи реиԥылараҿы еицырзеиԥшу апроектқәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы азиндырҩцәа рзы аԥышәахысрақәа реиҿкаарагьы уахь иналаҵаны.Апарламент аделегациа напхгара аиҭон Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, алахәылацәа Асҭамыр Џьопуеи Дмитри Маршьани. Аиԥылара мҩаԥигеит "Абаза" Амилаҭтә хеилак ахантәаҩы, Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика ахада Аԥсни дареи руаажәларратә еизыҟазаашьақәеи асоциал-економикатә еимадарақәеи рзы иабжьгаҩ Умар Кончев.Аусеицураз жәларбжьаратәи афорумАԥсны аделегациа алахәын Москва, жәлар рдипломатиа 100 шықәса ахыҵра иазкыз аусеицураз Жәларбжьаратәи афорум.Иааиуа ҩышықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла амузеиқәа рҟынтәи ацәыргақәҵа дуқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа Жәларбжьаратәи аусеицура афорум аҿы.Арсалиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадара ибеиоу аҭоурых шрымоу, уи иахьагьы активла ишыҿио. Афорум акыр зҵазкуа акультуратә диалог азы даҽа ҭыԥны иҟалеит ҳәа азгәалҭеит лара.РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба ажурналистцәа дрыҿцәажәо иазгәеиҭеит Аԥсны 30 шықәса инареиҳаны жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрыҵанакуа, ари аамҭа зегьы жәларбжьаратәи ауаажәларра иаҟәыҭханы иҟоуп ҳәа. Урыстәыла иҟанаҵо адгылара атәыла аҿиара иацхраауеит, ҩганктәи активтә усеицура еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит.Жәларбжьаратәи аусеицуратә форум Москва жьҭаарамза 26-27 рзы имҩаԥысуеит, уи аҳәынҭқарратә дипломатиа ашьақәгылара 100 шықәса ахыҵра иазкуп. Иара иалахәуп Европа, Азиа, Африка, Латинтәи Америка рҟынтә 55 тәыла рхаҭарнакцәа. Аиҿкааҩ – Росструдничество.Адипломатцәа ҿарацәа рфорумМосква имҩаԥысит VIII Адипломатцәа ҿарацәа рфорум "Аиааира адипломатиа" аҿы Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Адипломатцәа ҿарацәа рхеилакқәа рхаҭарнакцәа хганктәи аилацәажәарақәа.Сынтәатәи афорум Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара 80 шықәса ахыҵреи, ахырхарҭа рацәа змоу асистема ҿыц ашьақәгылареи, ацифратә технологиақәеи, аҿар рполитикеи, аспорти, аҵарадырреи, акультуреи рҿы аусеицуреи ирызкуп.Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Асҭанда Патараиа, Нури Хәарцкьиа, Нана Чачхалиаԥҳа. Дара адипломат ҿарацәа реимадареи еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рылшарақәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.Адепутатцәа ралхраАԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара жьҭаарамза 19 рзы ихыркәшахеит.Ареспублика иахьаҵанакуа 246-ҩык ауаа Аизара адепутатцәа ракәхаразы агәазыҳәара шрымоу рҳәеит: 207-ҩык акандидатцәа аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи, 75-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи.Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа лаҵарамза 8 рзы имҩаԥысуеит."Амилаҭтә гәабзиарахьчара"Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа алахәын Москва имҩаԥысуаз IV Амилаҭтә конгресс "Амилаҭтә гәабзиарахьчара" ҳәа аанацҳаит аминистрра апресс-маҵзура.Агәабзиарахьчара аминистрра хаҭарнакра азыруеит аминистр Едуард Быҭәба, Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым-арентгенолог Сариа Лакәаԥҳа.Аусмҩаԥгатә апрограмма иаҵанакит агәабзиарахьчара иадҳәалоу ихадоу атемақәа: амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аҭара, афедералтә проектқәа рынагӡара, афинансттә ҭышәынтәалара, акадртә лшарақәа рыҿиара, аусхк ацифратә трансформациа, агәыцқьаратә крыфара аларҵәара, агәабзиара еизырҳаратә ҭагылазаашьа аԥҵара.Аусеицураз аиқәшаҳаҭраАԥсни Псковтәи аобласти рмедиа-холдингқәа Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс"..Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит "Апснымедиа" адиректор хада Роберт Џьопуеи "Медиацентр 60" адиректор Ирина Фиодоровеи Псков ақалақь аҿы имҩаԥысыз VI Жәларбжьаратәи амедиафорум аҿы.Адокумент апартниорра арӷәӷәара, еицырзеиԥшу акультуратә малқәеи аҭоурых ииеиԥшу ахәаԥшышьеи рыларҵәара хықәкыс иамоуп.Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараАԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Қьышьмариаԥҳаи ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳаи Москва имҩаԥысуаз аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа реимдара" рхы аладырхәит.Sputnik аинтервиу аҭо иазгәалҭеит 60 тәыла рҟынтәи ахаҭарнакцәа злахәыз ари аусмҩаԥгатә аҩаӡара шыҳаракыз.Афорум алахәылацәа апрактикатә ԥышәа еимырдеит, азакәанԥҵаратә усура иалацәажәеит.Иара убас, аомбудсмен егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ауаҩы изинқәа рыхьчаҩцәа дырԥылеит. Лара иазгәалҭеит азинхьчаратә усхк аҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа атәылауаа рзинқәа аҳәаанырцә рыхьчаразы аҳәынҭқарратә политика ахәҭак ахьакәу адагьы, уи аԥышәа аимдаразы ихәарҭоу хырхарҭаны ишыҟоу.Москва ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу аомбудсмен Мариа Львова-Беловеи Аԥсны ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура атәы иалацәажәеит.Дара аус зуа амеморандум анагӡаразы иалкаау ашьаҿақәеи, аҩ-ҳәынҭқаррак рҿы аомбудсменцәа рыусбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи ирылацәажәеит.Аԥхынтәи аамҭахҵәа хыркәшахеитАҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥхынтәи ареисқәа рныҟәара ааннакылоит жьҭаарамза 25 рзы ҳәа аанацҳауеит Аекономика аминистрра.Аӡынра аԥыррақәа еиҳа имаҷхоит, урҭ ауаа радҵаалашьа зеиԥшрахо иахьԥшхоит.Аԥсни Урыстәылеи Аҟәеи Москвеи рыбжьара иҭышәынтәалоу аҳаиреимадара ашьақәыргыларазы аилацәажәарақәа ирҿуп.Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит 50 ҭыԥ змоу аҳаирпланқәа Bombardier CRJ-200 хашалеи хәашалеи ибжьарҵарц ргәы ишҭоу.
https://sputnik-abkhazia.info/20251021/gynba-asua-zhurnalistika-khi-shei-zmou-atraditsiaa-amoup-amedia-auskhk-eizararoup---1058455477.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251022/aproekt-asny-amedia-ytsa-akti-amodul-khyrkshakheit-1058497657.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251019/asny-atylaua-beslan-arba-dakheit-arrat-operatsia-yda-azonay-1058415773.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250502/asny-akhada-badra-gynba-didikyleit-asny-zhlar-rartistka-alisa-gytsa-1054745782.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251021/givi-smyr-iykhyma-asy-asny-amilat-sakhat-galereia-amas-iaoup-1058466668.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251022/1058481614.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251022/asny-aparlament-adeputattsa-nkau-aaaradyrrei-aarei-rzy-auseitsura-ialatsazheit--1058482469.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251026/aa-urystyla-amuzeia-rtsyrgaa-dua-rymagara-azkhagaoup-2026-2027-shysa-rzy-1058559345.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251026/khynba-urystyla-asyngy-zanakua-azeish-kulturat-akyrazy-iadu-aakkhyra-adyrueit-1058560067.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251025/asny-urystyla-aakhy-uastyla-ruseiura-ialatsazheit-viii-adiplomat-aratsa-rforum-ay--1058547126.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251023/asny-auay-izina-rykhcharazy-azinmchy-zmou-anas-yshmaria-moskva-akonferentsia-dalakhyn-1058518459.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251024/1058525287.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1a/1058559160_162:0:1017:641_1920x0_80_0_0_392b234f1725e0a9ac4505bbf9749264.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Sputnik амчыбжь: "Аԥсны амедиа ҿыцқәа", адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра, афорумқәа
Аинформациатә маҵзура Sputnik жьҭаара 20 инаркны 26 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рзы есымчыбжьатәи ахҳәаа еиқәнаршәеит.
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль шымҩаԥысыз, Алиса Гыцԥҳа лабораториатә еицлабраҿы аиааира згаз, ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа Амилаҭтә галереиа иалҭаз, Алиса Гыцԥҳа ллабораториатә еицлабраҿы аиааира згаз, иааиуа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы шаҟаҩы акандидатцәа рхы ҭарыҩхьоу, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә ԥыррақәа заанкылоу –шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль аатит Пицунда жьҭаара 20-22 рзы. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит 533-ҩык акандидатцәа рҟынтәи иалхыз 54-ҩык амедиаҟазауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы.
Аусмҩаԥгатә аартраан дықәгылеит атәыла ахада Бадра Гәынба, уи иазгәеиҭеит аԥсуа журналистика аҩаӡара ҳараки атрадициа беиақәеи.
"Ҳара иаҳҭахуп ҳтәыла абжьы рдуны, еилыкка игарц, Аԥсны абжьы миллионҩыла ауааԥсыра рҟынӡа инеирц", — ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Иара алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, иазгәеиҭеит аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәхара дасу рзанааҭтә лшара аарԥшразы ишхәарҭа дуу.
Актәи амодуль иатема хаданы иҟан "Амилаҭтә информациатә суверинитет: уи аҽшеиҿнакаауеи излашьақәгылоу аелементқәеи".
Уи иалҵшәаны иҟалоит иҿыцу ихьыԥшым амедиа-брендқәа раԥҵаа.
Ахатәгәаԥхареибашьҩы наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара
Бадра Гәынба Арратә операциа ҷыдаҿы иҭахаз аԥсуа хатәгәаԥхарауаҩ Беслан Ҭарба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара далахәын ҳәа аанацҳаит жьҭаара 21 рзы ахада ипресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә далахәын аԥыза-министр Владимир Делбагьы.
Аҳәынҭқарра ахада иҭахаз иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит, Беслан Ҭарба аиашара ахьчара ихы шақәиҵаз, уи ифырхаҵаратә ус наунагӡа аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ишаанхо азгәеиҭеит.
"Амузыка — иҳәаадоу адиалог"
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит Алиса Гыцԥҳа напхгара зылҭо IV жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториа "Амузыка — иҳәаадоу адиалог ".
Аконцерт ду аламҭалазы ахада Бадра Гәынба идикылеит апроект автор, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳаи аицлабра "Амузыка – иҳәаадоу адиалог" ажиури алахәылацәеи.
"Шәара ҳтәылақәа еидызкыло шәреиуоуп. Ҳәарада, акультура аусхк аҟны ҳаизыҟазаашьақәа рырбеиареи рырҭбаареи рзы акыр аџьа збахьоу ҳџьынџьуаҩ Алиса Шьалуа-иԥҳагьы лыхьӡ сымҳәар залшом", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳа аҳәынҭқарра ахадеи акультура аминистрреи иҭабуп ҳәа ралҳәеит есышықәса аҽарҭбаара иаҿу апроект анагӡараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа иҟарҵо адгыларазы.
Жьҭаара 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториа аихшьаалақәа ҟарҵеит. Апианист Александр Широков гран-при игеит.
"Аоператә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа ранашьан Екатерина Мишинеи Артиом Попови, аҩбатәи аҳамҭа – Иури Фельдшерови Катерина Веласкеси, ахԥатәи – Анастасиа Поповеи Наталиа Ливнечевеи.
"Акамертә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа иаԥсахеит Иулиа Герасимовеи Надежда Самареи, аҩбатәи аҳамҭа – Наталиа Цвирскаиеи Светлана Лубковеи, ахԥатәи – Ернест Сулеиманови Полина Тихоновеи.
"Аккомпанемент аҟазара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа ранашьан Александр Широков, аҩбатәи аҳамҭа —Александр Егорови Анна Катеневеи, ахԥатәи – Георги Манзурови Емилиа Монтаии.
Бадра Гәынба Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба 75 шықәса ихыҵра
идиныҳәалеит ҳәа аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит иара аԥсуа милаҭтә театр амаҵ азура 50 шықәса шазикыз, акадрқәа реиҵааӡараҟны аџьабаа шибахьоу, ҟазара ҳаракыла ишынашәыгӡахьоу ахәаԥшцәа рыбзиабара шәзаазгаз, ргәалашәараҿы инхаз арольқәа, иара убас ишмаҷым қәҿиарала дахьыхәмарыз акиносахьақәагьы, аҧсуа театр азы акадрқәа реиҵааӡара аус аҿы иџьабаа шыҟоу.
Аԥсны ахада жәлар рартист изеиӷьеишьеит агәабзиара, ашықәсынҵыра рацәа, амилаҭ театр аӡыргараҿы ақәҿиара дуқәа, инымҵәо ахәаԥшцәа рыбзиабара.
Ахада иԥшәмаԥҳәыс лҟынтәи аҳамҭа
Гиви Смыр иҭыхымҭа "Аԥсыԥ" Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Аҟазаратә усумҭа Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа иаалхәеит Дамеи Қәычбериа ицхыраараз Афонд "Ашана" еиҿнакааз агәыҳалалратә аукцион аҿы.
Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа ари асахьа агалереиа анаԥхгаҩы Сурам Сақаниа илҭеит.
Иара агалереиаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа ацәыргақәҵа иахәҭакхоит, аԥсуа ҟазара иазҽлымҳау ирбартә иҟалоит.
ҞЧА ахь аофициалтә ныҟәара
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет ахь официалла инеит.
Аиԥылараан аҭҵаарадырреи аҵареи русхк аҿы аҩганк реинырреи русеицура аԥеиԥшқәеи ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет апресс-маҵзура.
Аректор инапынҵақәа назыгӡо Татиана Шабзыхәеи апарламентарицәеи реиԥылараҿы еицырзеиԥшу апроектқәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы азиндырҩцәа рзы аԥышәахысрақәа реиҿкаарагьы уахь иналаҵаны.
Апарламент аделегациа напхгара аиҭон Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, алахәылацәа Асҭамыр Џьопуеи Дмитри Маршьани. Аиԥылара мҩаԥигеит "Абаза" Амилаҭтә хеилак ахантәаҩы, Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика ахада Аԥсни дареи руаажәларратә еизыҟазаашьақәеи асоциал-економикатә еимадарақәеи рзы иабжьгаҩ Умар Кончев.
Аусеицураз жәларбжьаратәи афорум
Аԥсны аделегациа алахәын Москва, жәлар рдипломатиа 100 шықәса ахыҵра иазкыз аусеицураз Жәларбжьаратәи афорум.
Иааиуа ҩышықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла амузеиқәа рҟынтәи ацәыргақәҵа дуқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа Жәларбжьаратәи аусеицура афорум аҿы.
Арсалиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадара ибеиоу аҭоурых шрымоу, уи иахьагьы активла ишыҿио. Афорум акыр зҵазкуа акультуратә диалог азы даҽа ҭыԥны иҟалеит ҳәа азгәалҭеит лара.
РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба ажурналистцәа дрыҿцәажәо иазгәеиҭеит Аԥсны 30 шықәса инареиҳаны жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрыҵанакуа, ари аамҭа зегьы жәларбжьаратәи ауаажәларра иаҟәыҭханы иҟоуп ҳәа. Урыстәыла иҟанаҵо адгылара атәыла аҿиара иацхраауеит, ҩганктәи активтә усеицура еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит.
Жәларбжьаратәи аусеицуратә форум Москва жьҭаарамза 26-27 рзы имҩаԥысуеит, уи аҳәынҭқарратә дипломатиа ашьақәгылара 100 шықәса ахыҵра иазкуп. Иара иалахәуп Европа, Азиа, Африка, Латинтәи Америка рҟынтә 55 тәыла рхаҭарнакцәа. Аиҿкааҩ – Росструдничество.
Адипломатцәа ҿарацәа рфорум
Москва имҩаԥысит VIII Адипломатцәа ҿарацәа рфорум "Аиааира адипломатиа" аҿы Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Адипломатцәа ҿарацәа рхеилакқәа рхаҭарнакцәа хганктәи аилацәажәарақәа.
Сынтәатәи афорум Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара 80 шықәса ахыҵреи, ахырхарҭа рацәа змоу асистема ҿыц ашьақәгылареи, ацифратә технологиақәеи, аҿар рполитикеи, аспорти, аҵарадырреи, акультуреи рҿы аусеицуреи ирызкуп.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Асҭанда Патараиа, Нури Хәарцкьиа, Нана Чачхалиаԥҳа. Дара адипломат ҿарацәа реимадареи еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рылшарақәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара жьҭаарамза 19 рзы ихыркәшахеит.
Ареспублика иахьаҵанакуа 246-ҩык ауаа Аизара адепутатцәа ракәхаразы агәазыҳәара шрымоу рҳәеит: 207-ҩык акандидатцәа аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи, 75-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа лаҵарамза 8 рзы имҩаԥысуеит.
"Амилаҭтә гәабзиарахьчара"
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа алахәын Москва имҩаԥысуаз IV Амилаҭтә конгресс "Амилаҭтә гәабзиарахьчара" ҳәа аанацҳаит аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистрра хаҭарнакра азыруеит аминистр Едуард Быҭәба, Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым-арентгенолог Сариа Лакәаԥҳа.
Аусмҩаԥгатә апрограмма иаҵанакит агәабзиарахьчара иадҳәалоу ихадоу атемақәа: амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аҭара, афедералтә проектқәа рынагӡара, афинансттә ҭышәынтәалара, акадртә лшарақәа рыҿиара, аусхк ацифратә трансформациа, агәыцқьаратә крыфара аларҵәара, агәабзиара еизырҳаратә ҭагылазаашьа аԥҵара.
Аԥсни Псковтәи аобласти рмедиа-холдингқәа Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс"..
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит "Апснымедиа" адиректор хада Роберт Џьопуеи "Медиацентр 60" адиректор Ирина Фиодоровеи Псков ақалақь аҿы имҩаԥысыз VI Жәларбжьаратәи амедиафорум аҿы.
Адокумент апартниорра арӷәӷәара, еицырзеиԥшу акультуратә малқәеи аҭоурых ииеиԥшу ахәаԥшышьеи рыларҵәара хықәкыс иамоуп.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара
Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Қьышьмариаԥҳаи ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳаи Москва имҩаԥысуаз аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа реимдара" рхы аладырхәит.
Sputnik аинтервиу аҭо иазгәалҭеит 60 тәыла рҟынтәи ахаҭарнакцәа злахәыз ари аусмҩаԥгатә аҩаӡара шыҳаракыз.
"Алахәылацәа реиҳараҩык иазгәарҭеит ацифраркра аамҭазы ауаҩы хаҭалатәи идыррақәа рыхьчара азҵаара ҵарны ишықәгылоу, лассы-лассы ицәырҵуа акибершәарҭарақәа, аҩнуҵҟатәи агхақәеи афишинги рымшала аинформациа ацәцара ахьыҟало иахҟьаны", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Қьышьмариаԥҳа.
Афорум алахәылацәа апрактикатә ԥышәа еимырдеит, азакәанԥҵаратә усура иалацәажәеит.
Иара убас, аомбудсмен егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ауаҩы изинқәа рыхьчаҩцәа дырԥылеит. Лара иазгәалҭеит азинхьчаратә усхк аҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа атәылауаа рзинқәа аҳәаанырцә рыхьчаразы аҳәынҭқарратә политика ахәҭак ахьакәу адагьы, уи аԥышәа аимдаразы ихәарҭоу хырхарҭаны ишыҟоу.
Москва ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу аомбудсмен Мариа Львова-Беловеи Аԥсны ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура атәы иалацәажәеит.
Дара аус зуа амеморандум анагӡаразы иалкаау ашьаҿақәеи, аҩ-ҳәынҭқаррак рҿы аомбудсменцәа рыусбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи ирылацәажәеит.
Аԥхынтәи аамҭахҵәа хыркәшахеит
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥхынтәи ареисқәа рныҟәара ааннакылоит жьҭаарамза 25 рзы ҳәа аанацҳауеит Аекономика аминистрра.
Аӡынра аԥыррақәа еиҳа имаҷхоит, урҭ ауаа радҵаалашьа зеиԥшрахо иахьԥшхоит.
Аԥсни Урыстәылеи Аҟәеи Москвеи рыбжьара иҭышәынтәалоу аҳаиреимадара ашьақәыргыларазы аилацәажәарақәа ирҿуп.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит 50 ҭыԥ змоу аҳаирпланқәа Bombardier CRJ-200 хашалеи хәашалеи ибжьарҵарц ргәы ишҭоу.