Шоигу: Ермантәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалараҿы Урыстәыла иалшаз рацәоуп
17:54 05.11.2025 (ирҿыцуп: 18:23 05.11.2025)

© Sputnik / Михаил Метцель/POOL
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Ермантәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рыҭышәынтәалараҿы Урыстәыла иҟанаҵаз алагала акырӡа аҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡоит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шоигу.
Уи азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва имҩаԥысуа XIII-тәи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩцәа реилатәара ашьҭахь имҩаԥысыз абрифинг аҿы.
"Ари аамҭа зегьы — Урыстәыла иалшо зегь ҟанаҵеит Кавказнҭыҵтәи аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәаларци аҭынчра ҟаларци рзы", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.