00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Ростов-Донтәи аҳәынҭқарратә уаажәларратә библиотекаҿы Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку алитература атематикатә коллекциа аартуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ихьӡала. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсуаҭҵаратә институт аиҳабы Арда Ашәба."Инаҳашьҭыз ашәҟәқәа зегьы аԥсуа ҭоурых, аԥсуа культура ҭызҵаауа ҳҵарауаа русумҭақәа уа абиблиотекаҿы ирымамызт. Ҳара ҳзы даараӡа ихьӡырҳәагахеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху акәакь, аԥсуа ҭоурыхи акультуреи рҿахәы зҳәо аҭыԥ ахьыҟоу. Иахьарнахысгьы Аԥсны иҭыҵуа иарбанзаалакгьы ашәҟәқәа уахь иҳашьҭлоит", — иҳәеит иара.
Аҟәа Араион ҿыц аҿы аӡыршә аҿы ԥштәырацәала еилаԥсоу алашарбагақәа аҿаркит.Нижни Новгород иҟанаҵо ацхыраара иабзоураны зеиҭашьақәыргылара иаҿу апарк атехникатә аартра абҵарамза анҵәамҭазы имҩаԥысуеит.Уа 2 000 рҟынӡа аҵиаақәа еиҭаҳахоит, еиуеиԥшым ақәрақәа ирыҵанакуа ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәа рыла еихшахоит, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа аԥҵахоит, анапыӡәӡәарҭақәа шьақәыргылахоит.
Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы Аԥсныҟа заагара иақәиҭым аҭаҭын аалыҵқәа ааныркылеит.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, 28 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо Асҭамыр Шьакаиа зыԥсҟы икыз Toyota Alphard аҿы електронтә сигареҭқәа, урҭ рзы аӡшьарқәа, аҭаҭын арԥхага лабыҵәқәа, 32 сигареҭ ҭоԥқәа ҭан.Ҿырҳәала акәыз, ҩырала акәыз — Шьакаиа изҭоу атауар аӡбахә имҳәеит ҳәа аарыцҳаит Аҳазалхратә еилакаҿы.Аалыҵ имырхит. Аус аматериалқәа аусбарҭа заатәи аҭҵаареи аҳазалхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы ирыҭоуп.
Аурыс драматә театр 44-тәи асезон Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт ду ала ихыркәшахоит абҵарамза 12 рзы.Уи аҽны ахәаԥшцәа рыбжьыҭира алҵшәақәа рыларҳәоит, иара убас иалырхуеит иреиӷьу арежиссиор, актиор, актриса, аҩбатәи аплан актиорцәа алххоит, насгьы иреиӷьу арлашареи акостиумқәеи рзы асахьаҭыхцәа, иреиӷьу асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ.Иааиуа асезон абҵарамза 21 рзы Чехов испектакль "Чаика" апремиера ала иаатуеит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит атеатр апресс-маҵзураҟынтә.
"Аԥснытәи Нарҭаа" Урыстәыла агастрольқәа мҩаԥнагоит."Макьаназы ҳара ҳазлацәажәо Нальчик, Владикавказ, Краснодар роуп. Хара имгакәа уахь ҳнеиуеит – ԥхынҷкәын 18, 19, 20 рзы", — иҳәеит арадио Sputnik аҿы акоманда алахәыла Ҭеимураз Кәакәасқьыр.Уи иажәақәа рыла, Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы аиааира анырга ашьҭахь, акомандахь аинтерес ҩаԥхьа еизҳаит."Аха ҳара ушьҭа ҳақәра неихьеит, уажәы, џьара амҩа ҳақәлаанӡа цқьа ҳхәыцуеит. Дасу хатәы проектқәак ҳамоуп, аус аауеит", — иҳәеит иара.
*
Ажәабжьқәа зегьы
0