https://sputnik-abkhazia.info/20251111/1058983307.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иахьа Аҟәа ВИЕМ аҵакыраҟны, 13:30 рзеиԥш аиҿахысра ҟалеит. Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут."Аҟәа аԥсраҿы... 11.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-11T18:01+0300
2025-11-11T18:01+0300
2025-11-11T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0b/1058983141_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c44d24fc18275a2bdd4ae81b18f02d00.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иахьа Аҟәа ВИЕМ аҵакыраҟны, 13:30 рзеиԥш аиҿахысра ҟалеит. Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут."Аҟәа аԥсраҿы ишьақәырӷәӷәам ахаҿы ауаа рылахысра далагеит, уи иахҟьаны хәҩык ауаа ахәрақәа роуит, дара ахәшәтәырҭахь инагоуп. Руаӡәк иҭагылазаашьа ӷәӷәоуп, уи ихы иақәшәеит", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Кьиут.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит Аҟәа аиҿахысра иалахәыз раанкыларазы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡарц.Аҳәынҭқарра ахада иҟалаз ахҭыс азы адырра иҭоуп, аусеилыргара алҵшәақәа рзы адырра иҭылахоит рҳәеит апресс-маҵзураҿы.Гәынба, иара убас, агәабзиарахьчара аминистрра аҭагылазаашьа ахылаԥшреи ахәцәа иахәҭоу ацхыраара рыҭареи рзы анапынҵа риҭеитАацәгьоуцәа рышьҭазааразы "аплан" рылаҳәоуп.
Аҟәа ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аоператив-усҭҵааратә гәыԥ аус ауеит иҳәеит аҳҭнықалақь апрокурор Алхас Агәмаа.Иара иажәақәа рыла, ахҭыс ҟалеит Гәыма амҩан, аԥсыжра аамҭазы. Хәҩык Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп, урҭ ареанимациаҿы иҟоуп ҳәа иҳәеит Агәмаа "Аԥсуа телехәаԥшра" аҿы.Аидарамҩангага машьына амца акит ареспубликатә мҩаду "Анхәа лыбыз" араион аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.Аҭыԥ ахь инеиз амцарцәаҩцәа амца дырцәеит."Амашьына блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит. Амҩа ианыгоуп, амашьынақәа рныҟәаразы ԥырхага ыҟам", — иҳәеит Аҩӡба. Аҟәа ахысраан ааха зауз аҳақьымцәа ирццаку амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа еиқәыршәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аҟны."Мышқәак раԥхьа апрограмма еиқәыршәаны ҳалгеит, уаҟа иаҳарбеит ахырхарҭақәа зегьы. Раԥхьа иргыланы анхацәа рыпроектқәа аанаҳкалаӡом, иазгәаҭоу зегьы нагӡахоит. Ашәырааӡара, арахәааӡара, акәтааӡара, ашьхааӡара, аԥсыӡааӡара уҳәа ирацәоуп апроектқәа", — иҳәеит Џьопуа.2026 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма 250 миллион мааҭ азоужьхоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2026 шықәсазтәи аусуратә мзар. ажьырныҳәамзазы ареспубликаҿ 17 ԥсшьарамш азгәаҭоуп. аԥсшьарамшқәеи иусуратәым аныҳәамшқәеи реиқәшәара инамаданы хәажәкыра 9, мшаԥы 13, лаҵара 11, лаҵара 25 ԥсшьарамшцҵаны иазгәаҭоуп.
Иахьа Аҟәа ВИЕМ аҵакыраҟны, 13:30 рзеиԥш аиҿахысра ҟалеит. Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут."Аҟәа аԥсраҿы ишьақәырӷәӷәам ахаҿы ауаа рылахысра далагеит, уи иахҟьаны хәҩык ауаа ахәрақәа роуит, дара ахәшәтәырҭахь инагоуп. Руаӡәк иҭагылазаашьа ӷәӷәоуп, уи ихы иақәшәеит", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Кьиут. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит Аҟәа аиҿахысра иалахәыз раанкыларазы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡарц.Аҳәынҭқарра ахада иҟалаз ахҭыс азы адырра иҭоуп, аусеилыргара алҵшәақәа рзы адырра иҭылахоит рҳәеит апресс-маҵзураҿы.Гәынба, иара убас, агәабзиарахьчара аминистрра аҭагылазаашьа ахылаԥшреи ахәцәа иахәҭоу ацхыраара рыҭареи рзы анапынҵа риҭеитАацәгьоуцәа рышьҭазааразы "аплан" рылаҳәоуп. Аҟәа ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аоператив-усҭҵааратә гәыԥ аус ауеит иҳәеит аҳҭнықалақь апрокурор Алхас Агәмаа.Иара иажәақәа рыла, ахҭыс ҟалеит Гәыма амҩан, аԥсыжра аамҭазы. Хәҩык Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп, урҭ ареанимациаҿы иҟоуп ҳәа иҳәеит Агәмаа "Аԥсуа телехәаԥшра" аҿы.Аидарамҩангага машьына амца акит ареспубликатә мҩаду "Анхәа лыбыз" араион аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.Аҭыԥ ахь инеиз амцарцәаҩцәа амца дырцәеит."Амашьына блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит. Амҩа ианыгоуп, амашьынақәа рныҟәаразы ԥырхага ыҟам", — иҳәеит Аҩӡба. Аҟәа ахысраан ааха зауз аҳақьымцәа ирццаку амедицинатә цхыраара рырҭоит. Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа еиқәыршәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аҟны."Мышқәак раԥхьа апрограмма еиқәыршәаны ҳалгеит, уаҟа иаҳарбеит ахырхарҭақәа зегьы. Раԥхьа иргыланы анхацәа рыпроектқәа аанаҳкалаӡом, иазгәаҭоу зегьы нагӡахоит. Ашәырааӡара, арахәааӡара, акәтааӡара, ашьхааӡара, аԥсыӡааӡара уҳәа ирацәоуп апроектқәа", — иҳәеит Џьопуа.2026 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма 250 миллион мааҭ азоужьхоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2026 шықәсазтәи аусуратә мзар. ажьырныҳәамзазы ареспубликаҿ 17 ԥсшьарамш азгәаҭоуп. аԥсшьарамшқәеи иусуратәым аныҳәамшқәеи реиқәшәара инамаданы хәажәкыра 9, мшаԥы 13, лаҵара 11, лаҵара 25 ԥсшьарамшцҵаны иазгәаҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0b/1058983141_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0fd98b9958c18fb3d3680ffa3e5e974b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио