Аԥсуа қыҭақәа рыҿиареи реиқәырхареи рзы азҵаарақәа ирылацәажәеит атәыла ахада иҟны
18:18 11.11.2025 (ирҿыцуп: 18:46 11.11.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсуа қыҭақәа рыҿиареи реиқәырхареи рзы азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аекспертцәеи.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит ақыҭақәа рыда аԥсуа ихаҿреи икультуреи аиқәырхара шыҟамло.
"Ақыҭақәа — адоуҳамч ҳазҭо, ҳатрадициақәа шьаҟас ирымоу ауп. Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи еиқәҳархар ҳҭахызар — ҳқыҭақәа рӷәӷәатәуп", — иҳәеит Гәынба.
Аҵарауаа атәыла ахада еиуеиԥшым апроектқәа идыргалеит, урҭ рахьтә иҟоуп хара имгакәа зынагӡара алыршахогьы.
Аиԥылараҿы иазыӡбан — ҳтәыла мрагылареи мраҭашәареи рраионқәа рзы аԥышәаратә проектқәа ҩба еиҿкаазарц. Урҭ рылҵшәақәа рыла, ауаа ақыҭақәа иадыԥхьалахар, анхацәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵахар урҭ апроектқәа рҳәаақәа дырҭбаауеит.